Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абиблиатә ажәақәа ржәар

А В Г Д Е Жә З И Л М Н П Ԥ Р С Т Х Ҳ Ш Џь

А

  • Абзиара.

    Лассы-лассы Абиблиаҿы ус еиҭагоуп ауриатә ажәа тов, насгьы абырзен ажәа агато́с. Урҭ иаадырԥшуеит иҳараку, ацқьара иадҳәалоу анормақәеи абзиара ашьҭазаареи. Абзиара аҟаҵара иаанагоит цәгьарас иҟоу зегь аҽацәыхьчара. Абзиарахь иара убас иаҵанакуеит егьырҭ хәарҭа рзаазго аус бзиақәа (2Аш 6:41; Ек 7:14; Гл 5:22; Еф 5:9).

  • Абыкь.

    Аиха иалхыз аԥсыԥтә инструмент. Уи ашәа адырҳәон, иара убас абжьы рганы ажәлар алеизыргон, насгьы ак шыҟаҵатәу ала адырра рырҭон. Иегова иқәыӡбаратә жәабжьқәеи игәҭакқәа рынаӡара иадҳәалоу ихадоу ахҭысқәеи, асимволтә ҵакыла иуҳәозар, абыкь абжьы рго ирыларҳәоит (1Кр 15:52; Аат 8:7—11:15).

  • Абырзенцәа.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы абырзенцәа ҳәа зызҳәоу милаҭла ибырзенцәаз рымацара ракәӡам. Уахь иаҵанакуан иауриам зегьы, иара убас бырзен бызшәала ицәажәоз, насгьы абырзен культура зылсны иҟаз ауаа (Ил 3:6; Ин 12:20).

  • Агәаҟратә шьаҟа.

    Зны-зынла ус еиҭаргоит абырзен ажәа стауро́с, иаанагоит «игылоу, ииашоу ашьаҟа». Иисус убри аҩыза ашьаҟа аҿы ауп дахькыдырҵаз. Христос даанӡагьы ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа амырҭаҭцәа рхы иадырхәоз аҩыза аџьар ауп стауро́с иаанагоз ҳәа шьақәзырӷәӷәо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ажәақәа «агәаҟратә шьаҟа» абырзен ажәа стауро́с аҵакы ибзианы иаадырԥшуеит, избанзар Иисус уи ажәа ихы иаирхәон ишьҭанеицәа зықәшәо ауадаҩрақәеи, агәаҟрақәеи, иддырго ахьымӡӷи данрылацәажәозгьы (Мф 16:24, албаага; Аур 12:2). Шәахәаԥш АШЬАҞА.

  • Агәнаҳазы акәырбан.

    Ауаҩы инамӡара иахылҿиаауаз иԥсыҽра иахҟьаны иҭахӡамкәа иамхаҟаҵоз агәнаҳазы инеигоз акәырбан. Агәнаҳазы кәырбанс инаргон еиуеиԥшым аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи — ацә инаркны аҳәыҳә аҟынӡа, зыгәнаҳа занарыжьыр зҭахыз ауаҩы иааникылоз аҭыԥи илшарақәеи зеиԥшраз еиԥш (Алв 4:27, 29; Аур 10:8).

  • Агәнаҳақәа рхыхра амш.

    Израильаа рзы зегь реиҳа ихадаз, иԥшьаз амш. Иара убас уи Иом Киппур (ауриа бызшәала иом хаккипури́м, иаанагоит «ахҩара амш») ҳәагьы иашьҭан. Уи етаним 10 рзы иазгәарҭон. Убри аҽны заҵәык, шықәсык ахь знык, аԥшьаҩ хада иԥшьоу ақьалаҿы (ԥыҭрак ашьҭахь аныҳәарҭаҿы) иҟаз Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ахь ашьа иманы днеиуан. Уи игәнаҳақәеи, алевитцәа рыгәнаҳақәеи, ажәлар рыгәнаҳақәеи рзы кәырбанс инеигоз аԥстәқәа ршьа акәын. Урҭ акәырбанқәа Иисус иԥсы ҳахҭынҵаны инеигаз акәырбан аадырԥшуан. Иисус инеигаз акәырбан ауаатәыҩса рыгәнаҳақәа хнаҩеит, Иегова инышәарц азгьы алшара рнаҭеит. Уи амш иԥшьоу аизара иамшын, ачгарагьы иамшын, ак аҟаҵара ҟаломызт, сабшан (Алв 23:27, 28; Аус 27:9; Кл 1:20; Аур 9:12).

  • Адемонцәа.

    Амч ду змоу, ауаҩы ибарҭам ицәгьоу адоуҳатә шамҭақәа. Аԥхьанатә урҭ ицәгьаз шамҭақәаӡамызт. Абиблиаҿы урҭ «Анцәа иԥацәа», насгьы «амаалықьцәа» ҳәа рызҳәоуп (Аҟ 6:2; Иуда 6). Урҭ амаалықьцәа Анцәа иаӷацәа ракәхеит, избанзар Нои ихаан иҳәатәы иахыԥеит, насгьы Аҩсҭаа идгыланы, Иегова иҿагылеит (Ҩнтә 32:17; Лк 8:30; Аус 16:16; Иак 2:19).

  • Адинар.

    Араӡны иалхыз, ацезарь исахьа зныз римтәи аԥара, 3,85 г раҟара иҟан. Аусуҩы уи мышкала ирҳауан. Убри аԥарала ауп ауриацәа рхы иахыршәаауаз ашәахтә римаа изларзыршәоз (Мф 22:17; Лк 20:24).

  • Адоуҳа.

    Лассы-лассы «адоуҳа» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа ру́ах, иара убас абырзен ажәа пне́ума иаанаго рацәоуп. Урҭ зегьы иаадырԥшуа ауаҩы иимбо, аус зуа амч ауп. Ажәақәа ру́ах, иара убас пне́ума иаанагозар алшоит: 1) аԥша, 2) адгьыл аҿы инхо ашамҭақәа аԥсҭазаара рызҭо амч, 3) ауаҩы асимволтә ҵакы змоу игәы аҟынтә иаауа, насгьы ак аҳәареи ак аҟаҵареи игәазҭазҵо амч, 4) иумбо ахыҵхырҭа аҟынтә иаауа, адоуҳа зҵоу ажәақәа, 5) адоуҳатә шамҭақәа, 6) аус зуа Анцәа имч, даҽакала иуҳәозар, иԥшьоу адоуҳа (Ақәҵ 35:21, албаага; Аԥс 104:29; Мф 12:43, албаага; Лк 11:13).

  • Адрахма.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ус иашьҭоуп 3,4 г иҟаз абырзен раӡны ԥара (Лк 15:8, 9).

  • Адунеи.

    Лассы-лассы ус еиҭаргоит абырзен ажәа ко́смос, уи иаанагозар алшоит: 1) ауаатәыҩса ааизакны, 2) ауаажәларра реилазаашьа, 3) Анцәа ицәыхароу ауаа (Ин 3:16; 17:5; 1Ин 2:15—17). «Адунеи» ҳәа иара убас еиҭагоуп ажәа аио́н, аамҭак егьырҭ излареиԥшым аҭагылазаашьақәа рыӡбахә анцо. Ажәа аио́н ари аҵакы анамоу, уи иара убас еиҭагоуп ажәақәа «иахьа», «ҳаԥхьаҟа», «ари аамҭа» ҳәа (Мф 12:32; Мк 10:30). Абиблиаҿы ажәақәа «ари адунеи» адунеи аҭагылазаашьа ма адунеи аҿы инхо ауаа рхымҩаԥгашьа аанарԥшуеит (2Тм 4:10). Анцәа ижәлари иареи азакәан аиқәшаҳаҭра анрыбжьеиҵа, зны-зынла израильаа, ма ауриацәа, раамҭа ҳәа изышьҭоу аамҭа (мамзаргьы адунеи) алагеит. Иисус Христос иԥсхҭынҵара абзоурала Анцәа даҽа аамҭак (мамзаргьы дунеик) ашьаҭа шьҭеиҵеит, зегь раԥхьаӡа иргыланы уи аамҭа зыдҳәалаз жәҩантәи агәыӷра змоу ақьырсианцәа реизара акәын. Убри аамҭа азоуп Моисеи изакәан ԥааимбаражәаны зыӡбахә аҳәоз анаӡара ианалага (Мф 24:3; Мк 4:19; Рм 12:2). Ажәа аио́н арацәа хыԥхьаӡараҿы иангылоу, уи еиуеиԥшым аамҭақәа аанарԥшуеит, мамзаргьы иаанарԥшуеит аҭагылазаашьақәа уаанӡа изеиԥшраз ма ҳаԥхьаҟа изеиԥшрахо (1Кр 2:7; 10:11). Џьара-џьара ажәа «адунеи» ахь иаҵанакуазар ауеит Анцәа иишаз зегьы, амреи, амзеи, аеҵәақәеи, адгьыли уахь иналаҵаны (Аур 11:3). Шәахәаԥш АРИ АДУНЕИ АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА.

  • Аевнух.

    Заԥхьатә амху ахаҵа. Ус еиԥш иҟаз ахацәа аҳкәажә лымаҵ руан, насгьы аҳ иҳәса ирхылаԥшуан. Аҳҭынраҿы амаҵ зуаз ачынуаагьы аевнухцәа ҳәа ирышьҭан, аха урҭ раԥхьатә амхӡамызт. Аҽынкылара аарԥшны, зхы-зыԥсы Анцәа имаҵ аура иазызкуагьы аевнухцәа ҳәа инықәырԥшны ирызҳәоуп, избанзар «жәҩантәи Аҳразы» дара, инықәырԥшны иуҳәозар, «евнухцәахеит» (Мф 19:12, албаага; Есф 2:15; Аус 8:27, албаага).

  • Ажәабатәи ахәҭа.

    Иршәоз ашәахтә, еиҳарак Анцәа имҵахырхәара инадҳәаланы (Мл 3:10; Ҩнтә 26:12; Мф 23:23; Аур 7:5). Моисеи изакәан инақәыршәаны, израильаа есышықәса иҭаргалоз аҽаҩреи рырахә иариуази аҟынтә ажәабатәи ахәҭа алевитцәа ирырҭон, ирыцхрааларц азы. Алевитцәа ракәзар, уи ажәабатәи ахәҭа аҟынтә ажәабатәи ахәҭа Аарон ишьҭра иатәыз аԥшьаҩцәа ирырҭон. Иҟан егьырҭ ажәабатәи ахәҭақәагьы. Ақьырсианцәа ажәабатәи ахәҭа рықәӡам.

  • Ажәабжь бзиа.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы уи зызку Анцәа Иаҳреи ауаа Иисус Христос иахь иаадырԥшуа ахаҵара абзоурала ироуа аиқәхареи роуп (Лк 4:18, 43; Аус 5:42; Аат 14:6).

  • Азакәан.

    Ари ажәахь еиҳарак иаҵанакуа 1513 шықәсазы ҳ. ҟ. Синаитәи ацәҳәыраҿы Иегова Моисеи ила израильаа ириҭаз азакәанқәа реизга ауп. Зны-зынла ус ирышьҭоуп Абиблиа иану раԥхьатәи хә-шәҟәык (ИсН 23:6; Мф 7:12; Лк 24:44; Гл 3:24). Иара убас ус рзырҳәоит Моисеи изакәан иану азакәанқәа (Ахԥ 15:16; Ҩнтә 4:8).

  • Азакәанрҵаҩцәа.

    Ауриатә Ҩырақәа рыхҩылааҩцәа. Иисус ихаан ус ирышьҭан Моисеи изакәан ибзианы издыруаз, насгьы уи егьырҭ идзырҵоз ахацәа. Азакәанрҵаҩцәа Иисус иҿагылон (Езд 7:6; Мк 12:38, 39; 14:1).

  • Азиа.

    Ус иашьҭоуп Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы римтәи апровинциа. Уи апровинциахь иаҵанакуан иахьатәи Ҭырқәтәыла мраҭашәаратәи ахәҭеи Самоси Патмоси реиԥш иҟоу ааигәа ишьҭоу адгьылбжьахақәеи. Апровинциа аҳҭнықалақь Ефес акәын (Аус 20:16; Аат 1:4).

  • Аӡбара амш.

    Анцәа гәыԥҩык ауаа, ажәларқәа ма ауаатәыҩса рус аниӡбо иалкаау «амш», мамзаргьы аамҭа. Аԥсра зқәу рзы уи амш иаанагозар ауеит ирықәу шынагӡахо, егьырҭ рзы аиқәхареи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи аиура шрылшо. Иисус Христоси иапостолцәеи иҟалараны иҟоу «Аӡбара амш» атәы рҳәон. Уи амш зыԥсы ҭоу рыдагьы, анкьа иԥсхьазгьы ирыҵанакуеит (Мф 12:36).

  • Аӡбарҭаҭыԥ.

    Иаартыз, ишьҭыхыз, амардуан змаз аплошьадка. Уа итәаз ачынуаа еизаз ажәлар рахь рхы рханы, ирыдыркылаз аӡбарақәа рыларҳәон. Ажәақәа «Анцәа иӡбарҭаҭыԥ», «Христос иӡбарҭаҭыԥ» ишиашоу еилкаатәым, урҭ асимволтә ҵакы рымоуп, Иегова ауаатәыҩса рус аӡбаразы еиҿикааз аадырԥшуеит (Рм 14:10, албаага; 2Кр 5:10; Ин 19:13).

  • Аӡӡаахра.

    Абырзен ҟаҵарба иаанагоит «аӡаашьра; аҭшьра». Иисус ишьҭанеицәа рзы аӡӡаахра хымԥада изықәныҟәатәу ԥҟараны ишьақәиргылеит. Абиблиаҿы аӡӡаахра егьырҭ ахкқәагьы рыӡбахә ҳәоуп, иаҳҳәап, Иоанн иӡӡаахра, иԥшьоу адоуҳа ала аӡӡаахра, мцала аӡӡаахра (Мф 3:11, 16; 28:19; Ин 3:23; 1Пт 3:21).

  • Аиашара; ииашоу.

    Абиблиаҿы арҭ ажәақәа рыла иаарԥшуп ацәгьеи абзиеи рганахьала Анцәа инормақәа инарықәыршәаны ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоу (Аҟ 15:6; Ҩнтә 6:25; Сф 2:3; Мф 6:33).

  • Аидол.

    Ауаа зымҵахырхәо иҟаҵәҟьоу акы ма рхы иҭырҳәаауа акы асахьа. Аидолқәа рымҵахырхәара иаанаго урҭ нцәахәыс рыҟаҵареи, ҳаҭыр рықәҵареи, бзиа рбареи ауп (Аԥс 115:4; Аус 17:16; 1Кр 10:14).

  • Аизара.

    Хықәкык ма уск азы еизаз ажәлар. Ауриатә Ҩырақәа рҿы ари ажәа израильтәи ажәлар зегьы ирыҵанакуеит. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы аизара ҳәа рзырҳәоит ақьырсианцәа ргәыԥқәа, аха лассы-лассы ақьырсианцәа зегьы ааизакны (1Аҳ 8:22; Аус 9:31; Рм 16:5).

  • Аизара ацхырааҩ.

    Абырзен ажәа диа́конос шеиҭарго авариантқәа ируакуп. Уи ажәа лассы-лассы «амаҵзуҩы» ҳәа еиҭаргоит. Аизара ацхырааҩ ҳәа изышьҭоу аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иацхраауа иоуп. Уи аҩыза амаҵзура анагӡаразы ахаҵа аизара ацхырааҩцәа рзы Абиблиа иану аҭахрақәа дрықәшәозар ауп (1Тм 3:8—10, 12).

  • Аиқәшаҳаҭра.

    Анцәеи ауааи ирыбжьарҵо, мамзаргьы ауаа ирыбжьарҵо. Уи ала ак шыҟарҵо ма ишыҟарымҵо шьақәдырӷәӷәоит. Зны-зынла аиқәшаҳаҭра иаҳәоз анагӡара здыз ганк акәын (ганктәи аиқәшаҳаҭра, уи қәыргәыӷран). Егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿы аиқәшаҳаҭра иаҳәоз анагӡара аҩганкгьы рхахьы иргон (ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра). Анцәа ауааи иареи ирыбжьеиҵоз аиқәшаҳаҭрақәа инарываргыланы Абиблиаҿы иануп ҩыџьа рыбжьара, гәыԥҩык рыбжьара, аимшьҭрақәа рыбжьара, ажәларқәа рыбжьара ибжьарҵоз аиқәшаҳаҭрақәа рыӡбахә. Зегь раасҭа акрызҵазкуаз аиқәшаҳаҭрақәа иреиуан Анцәа Авраами иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭреи, Давиди иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭреи, израильтәи ажәлари иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭреи (азакәан аиқәшаҳаҭра), Анцәа иитәу Израильи иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭреи (иҿыцу аиқәшаҳаҭра) (Аҟ 9:11; 15:18; 21:27; Ақәҵ 24:7; 2Аш 21:7; Лк 22:29; Аус 3:25; 2Кр 3:6; Аур 8:6).

  • Аиқәшаҳаҭра аковчег.

    Алакациа иалхыз, хьыла ихҟьаз аиашьык. Уи иԥшьоу ақьалаҿы иҟаз Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы игылан. Ԥыҭрак ашьҭахь уи Соломон иргылаз аныҳәарҭаҿы иҟаз Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы игылан. Ахьы иалхыз ахҩа иқәгылан наҟ-ааҟ еиҿаԥшуаз ахьы иалхыз ҩ-херувимк. Аковчег иҭаз аҟынтә зегь реиҳа ихадаз — жәа-ԥҟарак зныз ҩ-хаҳә ҟьаԥск ракәын (Ҩнтә 31:26; 1Аҳ 6:19; Аур 9:4).

  • Аинышәара ахҩа.

    Аиқәшаҳаҭра аковчег иамаз ахҩа. Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны аԥшьаҩ хада агәнаҳазы инаргоз аԥстәқәа ршьа ахҩа аҿаԥхьа иқәирԥҟҟон. «Аинышәара ахҩа» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа зхылҿиаауа аҟаҵарба иаанагоит «(агәнаҳа) ахҩара», мамзаргьы иҟалап «(агәнаҳа) арыцқьара». Аинышәара ахҩеи уи иқәгылаз ҩ-херувимки ахьы иалхны иҟаҵан. Зны-зынла уи ахҩа ҳәа азҳәоуп (Ақәҵ 25:17—22; 1Аш 28:11; Аур 9:5).

  • Аиссоп.

    Абӷьы ссақәа зҿоу аҵиаа. Аҽрыцқьара аан израильаа уи ашьа ма аӡы ақәырԥҟҟаразы рхы иадырхәон. Абиблиаҿы иаагоу ауриатә ажәақәеи абырзен ажәақәеи еиуеиԥшым аҵиаа хкқәа ирыдҳәалазар ауеит. Иоанн 19:29 аҿы зыӡбахә ҳәоу аиссоп иауны изызҳауа аҵиаа акәзар ауеит. Уи ахәҵәы убри аҟара иаун абжьеи иларчачаз абамба Иисус иқьышә аҟынӡа иузнагартә еиԥш (Аур 9:19).

  • Аиудеиаа.

    Иуда иабиԥара иатәыз, нас ҩ-биԥарак рыла ишьақәгылаз Иудатәи аҳраҿы инхоз (2Аҳ 16:6). Вавилонтәи атҟәара анырхырга ашьҭахь зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз еиуеиԥшым абиԥарақәа рҟынтә израильаа ус рзырҳәо иалагеит (Езд 4:12). Аамҭак ашьҭахь израильаа аиудеиаа ҳәа ирышьҭан, амырҭаҭцәа ирыламҩашьаларц азы (Есф 3:6). Апостол Павел ажәа «аиудеи» ишиашоу акәымкәа, инықәырԥшу аҵакы аҭаны ихы иаирхәон, ақьырсиантә еизараҿы ауаҩы дызмилаҭу шхадам аниҩуаз (Рм 2:28, 29, албаага).

  • Аиҳабы.

    Зықәра маҷым ахаҵа. Аха Абиблиаҿы ус зызҳәоу ажәлар рыбжьара аҭыԥ ду аанызкыло, насгьы амчра змоу ахаҵа иоуп. Иара убас ус рызҳәоуп Аатра ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу адоуҳатә шамҭақәа (Ақәҵ 4:29; Ажәм 31:23; Аат 4:4).

  • Акаҳԥы.

    Аҭаацәара дызцалам ицышьҭало ауаҩы, еиҳарак аԥара азы. «Акаҳԥы» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа по́рне иамоу ашьагәыҭ иаанагоит «аҭира». Абиблиаҿы лассы-лассы зыӡбахә ҳәоу аҳәса-акаҳԥцәа роуп, аха икаҳԥуаз ахацәагьы рыӡбахә ҳәоуп. Моисеи изакәан инақәыршәаны акаҳԥра ҟалаӡомызт, уи азы ироуаз аԥарагьы Иегова ирҭарц азы иԥшьаҭыԥ ахь инаргар ҟалаӡомызт. Амырҭаҭтә ныҳәарҭақәа ракәзар, акаҳԥцәа рыла аԥара дырҳауан (Ҩнтә 23:17, 18; 1Аҳ 14:24). Абиблиаҿы уи ажәа инықәырԥшу аҵакгьы амоуп. Убас рызҳәоуп Анцәа ҳимҵахырхәоит ҳәа зҳәо, арахь аидолқәа рымҵахырхәара иалахәу ауааи, ажәларқәеи, аорганизациақәеи. Иаҳҳәап, ашәҟәы Аатраҿы Вавилон Ду ҳәа зызҳәоу адинхаҵаратә аорганизациа акаҳԥ леиԥш иаарԥшуп, избанзар амчреи амали раҳаҭыразы уи ари адунеи анапхгаҩцәа ирыдгылоуп (Аат 17:1—5; 18:3; 1Аш 5:25, албаага).

  • Акор.

    Иҭарыԥсои иҭарҭәои ршәага-зага. 220 л иҟан. Абат ала ирыԥхьаӡон (1Аҳ 5:11; Лк 16:7).

  • Акәакь аҿы ишьҭарҵо ахаҳә.

    Ҩ-ҭӡамцк ахьеидыло, акәакь аҿы ишьҭарҵо ахаҳә. Уи ахаҳә ахыбра аҭӡамцқәа еиднакылон, иарӷәӷәон. Ихадоу ахаҳә ахыбра ашьаҭа акәакь аҿы ишьҭарҵон. Ауаа ахьынхоз аҩнқәа ракәымкәа, егьырҭ ахыбрақәеи ақалақь аҭӡамцқәеи рзы даараӡа иӷәӷәаз ахаҳә алырхуан. Адгьыл ашьаҭа шышьҭаҵаз, мамзаргьы ишшаз, аӡбахә анҳәоугьы арҭ ажәақәа уԥылоит. Иара убас Иисус аҩны иаҿырԥшу ақьырсиантә еизара ашьаҭа акәакь аҿы ишьҭарҵо ахаҳә ҳәа изҳәоуп (Еф 2:20; Иов 38:6).

  • Акәицқәа зҭарҵоз амаҭәарқәа.

    Иԥшьоу ақьалаҿы, насгьы аныҳәарҭаҿы рхы иадырхәоз, ахьы, араӡны ма абҩа иалхыз амаҭәарқәа. Урҭ рҿы афимиам рбылуан; иара убас акәырбаннагарҭаҿы инхаз акәицқәеи афҭил ацыблыхақәеи ҭарыԥсон (Ақәҵ 37:23; 2Аш 26:19; Аур 9:4).

  • Акәырбан.

    Ауаҩы Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәарц, агха шихьыз ааирԥшырц, насгьы Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа еиӷьитәырц азы Анцәа изнеигоз аҳамҭа. Авель ихаан инаркны ауаа еиуеиԥшым акәырбанқәа наргон, аԥстәқәагьы налаҵаны. Уи ианырҭахыз акәын ианыҟарҵоз, аха Моисеи изакәан анцәырҵ, уи уалны ирыдлеит. Иисус иԥсҭазаара инаӡоу кәырбанс ианнеига инаркны аԥстәқәа кәырбанс рнагара аҭахӡам. Аха ақьырсианцәа Анцәа адоуҳатә кәырбанқәа изнагара иаҟәымҵӡеит (Аҟ 4:4; Аур 13:15, 16; 1Ин 4:10).

  • Акәырбаннагарҭа.

    Ҳазшаз Анцәа ду ма амцнцәақәа акәырбанқәа ахьрызнаргоз, насгьы афимиам ахьырзырбылуаз. Уи анышә, ма ахаҳә, ма металла ихҟьаз амҿы иалхын. Иԥшьоу ақьала актәи аҟәшаҿы, насгьы аныҳәарҭа актәи аҟәшаҿы афимиам ахьырбылуаз ахьы иалхыз акәырбаннагарҭа маҷ гылан. Уи амҿы иалхын, хьыла ихҟьан. Абҩа иалхыз еиҳа идууз акәырбаннагарҭа аҿы акәырбанқәа рбылуан. Иара адәахьы игылан, ақьала ма аныҳәарҭа ашҭаҿы (Ақәҵ 39:38, 39; 1Аҳ 6:20; Мф 5:23, 24; Лк 1:11; Аус 17:23).

  • Акәырбаннагарҭахь инаргоз аҩы.

    Уи акәырбаннагарҭа иақәырҭәон, насгьы акәырбанқәа реиҳарак ирыцнаргон. Апостол Павел акәырбаннагарҭахь инаргоз аҩы ҿырԥштәыс иааганы, ихаҵара ицеиҩызшоз рзы ихы дшамеигӡо иҳәоит (Ахԥ 15:5, 7; Фп 2:17).

  • Ақьалақәа рныҳәа.

    Ҽаҩраҭагалара аныҳәа ҳәагьы еицырдыруан, иазгәарҭон етаним 15—21 рзы. Уи иаанарԥшуан Израиль аарыхра ашықәс шынҵәаз. Уи аамҭазы ажәлар агәырӷьара рыман, насгьы аҽаҩра беиа ахьроуз азы Иегова иҭабуп ҳәа иарҳәон. Аныҳәа амшқәа раан ажәлар ақьалақәа рҿы инхон, уи Египет ишалҵыз ргәаланаршәон. Ақьалақәа рныҳәа Израиль инхоз ахацәа зегьы Иерусалимҟа ицаны иазгәарҭалар рыхәҭаз х-ныҳәак ируакын (Алв 23:34; Езд 3:4; Ин 7:2).

  • Ақьырсианцәа.

    Анцәа инапхгарала убас рыхьӡхеит Иисус Христос ишьҭанеицәа (Аус 11:26; 26:28).

  • Аладан.

    Босвеллиа (Boswellia) ажәла иатәу ҵлақәаки чықьқәаки ирылҵуа аҷаб. Ианырбылуа афҩы хаа ахылҵуеит. Иԥшьоу ақьалаҿи аныҳәарҭаҿи рхы иадырхәоз афимиам иалан. Уи кәырбанс инаргоз ачеи Иԥшьоу аҭыԥ аҿы иқәыз иԥшьоу ачақәеи ирықәырҵон (Ақәҵ 30:34—36; Алв 2:1; 24:7; Мф 2:11).

  • Алебастр.

    Ақалақь Алабастрон (Египет) азааигәара иҵырхуаз ахаҳә. Уи иахьа рхы иадырхәо зрыц ссоу агипс иаларҩашьатәым. Алебастр иалхны адухь зҭарҭәоз амаҭәар хәыҷқәа ҟарҵон. Абжьааԥны урҭ амаҭәарқәа рхы ҭшәаны иҟарҵон. Ахы ибзианы иадыркуан, иҭаз камҭәарц, ма афҩы мцарц азы (Мк 14:3).

  • Алепта.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа анырыҩуаз аамҭазы уи зегь раасҭа имаҷыз, абҩа ма аџьаз иалхыз ауриатә ԥаран (Мк 12:42; Лк 21:2).

  • Алу.

    Еиқәҵоу иҟьаԥсу ахаҳә гьежьқәа ҩба. Уи ала илагон. Ҵаҟатәи ахаҳә агәҭаны агәыцә ҭадыргылон, хыхьтәи ахаҳә уи агәыцә иахагьежьуан. Абиблиатә аамҭақәа раан аҭаацәарақәа реиҳарак аҳәса злалагоз напылатәи аӡлагарақәа аҩны ирыман. Есыҽны ирфаша ача рымазарц азы аҭаацәарақәа напылатәи аӡлагара ада ԥсыхәа рымамызт. Убри аҟынтә Моисеи изакәан ишаҳәоз ала ауаҩы ауал исыршәоит ҳәа алу шынеибарку ма иахагылоу хыхьтәи ахаҳә имухыр ҟалаӡомызт. Алу дуқәа аԥстәқәа идыргьежьуан (Ҩнтә 24:6; Мк 9:42).

  • Альфеи Омегеи.

    Абырзен алфавит аҿы раԥхьатәи анбани аҵыхәтәантәи анбани; Аатра ашәҟәаҿы урҭ хынтә Анцәа ититулқәа реиԥш иаагоуп. Альфеи Омегеи иаанаго «алагамҭеи анҵәамҭеи», насгьы «ираԥхьатәиу иагьҵыхәтәантәиу» иаанаго ауп (Аат 1:8; 21:6; 22:13).

  • Амаалықьцәа.

    Ауриа ажәа мала́х, насгьы абырзен ажәа а́нгелос ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «ажәабжьҳәаҩ». Адоуҳатә шамҭақәа рыӡбахә анцо, урҭ ажәақәа «амаалықь» ҳәа еиҭаргоит (Аҟ 16:7; 32:3; Иак 2:25, албаага; Аат 22:8). Амаалықьцәа амч ду рымоуп. Анцәа урҭ ауаҩы дишаанӡа акыр шықәса раԥхьа ишахьан. Абиблиаҿы урҭ абасгьы рызҳәоуп: «иԥшьоу амириадақәа», «Анцәа иԥацәа», «шарԥыеҵәақәа» (Ҩнтә 33:2, албаага; Иов 1:6; 38:7; Иуда 14). Амаалықьцәа ахшара роуӡом, уи аҩыза алшара рымаӡам. Урҭ зегьы Анцәа ишеит. Амаалықьцәа даараӡа ирацәоуп, урҭ 100-миллионҩыла иҟоуп (Дан 7:10). Абиблиа иаҳнарбоит амаалықьцәа ахьӡқәа шрымоу. Урҭ зхатә ҟазшьақәа змоу шамҭақәоуп. Аха дара ахынраалара рылоуп, аӡә дрымҵахырхәалар рҭахӡам, реиҳараҩык ирыхьӡугьы рҳәаӡом (Аҟ 32:29; Лк 1:26; Аат 22:8, 9). Дара еиуеиԥшым аҭыԥқәа ааныркылоит, еиуеиԥшым адҵақәагьы нарыгӡоит, иаҳҳәап, Иегова итәарҭаҭыԥ аԥхьа амаҵ руеит, иаацҳарақәа ауаа ирызнаргоит, адгьыл аҿы Иегова имаҵзуҩцәа ирыцхраауеит, иӡбарақәа нарыгӡоит, ажәабжь бзиа аларҵәара иацхраауеит (2Аҳ 19:35; Аԥс 34:7; Мф 4:11; Лк 1:30, 31; Аат 5:11; 14:6). Аԥхьаҟа Армагеддон аибашьраҿы Иисус ивагыланы ицеибашьлоит (Аат 19:14, 15).

  • Аманна.

    Израильаа 40 шықәса ацәҳәыра ианықәыз Иегова ириҭоз рыфатә хада. Уи џьашьахәыла есышьыжь, асабша ада, аӡаӡа анбалак ашьҭахь адгьыл аҿы ицәырҵуан. Израильаа раԥхьаӡа акәны уи анырба: «Ари закәи?» ҳәа иҵааит, ауриа бызшәала ман ху (Ақәҵ 16:13—15, 35). Иисус аманна ишиашоу акәымкәа, инықәырԥшу аҵакы аҭаны далацәажәон (Ин 6:49, 50).

  • Амзаҿа.

    Ауриатә мзар ала амза актәи амш. Уи аҽны израильаа зегь еизаны аныҳәа ҟарҵон, астол дырхион, Анцәа иҷыдоу акәырбанқәа изнаргон. Ԥыҭрак ашьҭахь уи ихадаз милаҭтә ныҳәаны иҟалеит, уи аҽны аӡәгьы аус иуӡомызт (Ахԥ 10:10; 2Аш 8:13; Кл 2:16).

  • Амин.

    Иаанагоит «ус иагьыҟалааит; аиашаҵәҟьа». Ауриа ажәа ама́н аҟынтә иаауеит, иаанагоит «узықәгәыӷыртә иҟоу уакәны, зыгәра рго уакәны аҟазаара». Ажәа «амин» рҳәон ианықәлак, Анцәа ианиҳәалак, ма аҿаҭахьа аныҟарҵалак ашьҭахь, ирҳәаз ишазыразу аадырԥшырц азы. Аатраҿы ари ажәа Иисус Христос ититул еиԥш иаарԥшуп (Ҩнтә 27:26; 1Аш 16:36; Рм 1:25; Аат 3:14).

  • Амина.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу «амина» 100 драхмак ицон. Уи 340 г иҟан (Лк 19:13).

  • Амирра.

    Амаӷ змоу еиуеиԥшым ачықьқәеи коммифора (Commiphora) ажәла иатәу аҵла хәыҷқәеи ирылҵуа афҩы хаа змоу аҷаб. Амирра ауааи амаҭәарқәеи ирхьыршьуаз иԥшьаз ахәша иаларҵон. Уи ала амаҭәеи ацәарҭеи рыфҩы дырхаауан, амассаж злаҟарҵоз ахәшеи рцәа иахьыршьуаз аласиони иаларҭәон. Уи иара убас аҩы иаларҵон, ухшыҩ еилазгоз арыжәтә алырхырц азы. Уи адагьы, аԥсы аԥсыжра даназыҟарҵоз ихьыршьуан (Ақәҵ 30:23; Ажәм 7:17; Мк 15:23; Ин 19:39).

  • Амҳәыр.

    Адырга ма ашьҭа анызҵоз (абжьааԥны изнырҵоз анышәаԥшь ма ацәа акәын). Уи ала ишьақәдырӷәӷәон ак зтәыз уи шитәыз, ак шиашаз, ма аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәон. Адокументқәеи егьырҭ амаҭәарқәеи, ашәқәеи адамрақәеи уахь инарылаҵаны, амҳәыр раархазҭгьы, урҭ иреиԥшу ак ҟаҵаны аӡәгьы амц изҳәаӡомызт. Ажәытәан амҳәыр икьакьоу акы иалырхуан (ахаҳә, аслан абаҩ ма амҿы). Уа анбанқәа ма асахьақәа иаарҳәны иҭаԥырҟон, нас амҳәыр анаадырхоз ишиашоу ианыларц азы. Инықәырԥшу аҵакы анамоу, амҳәыр иаанарԥшуеит ак шиашоу, аӡәы ак шитәу, ма иҵәаху, имаӡоу акы (Мф 27:66; Ин 6:27, албаага; Еф 1:13; Аат 5:1; 9:4).

  • Амышьхәылҵ.

    Ауреи аҭбаареи зларшәоз шәага-заган, амышьхәылҵ инаркны агәыбжьынацәа аҟынӡа инеиуан. Абжьааԥны израильаа шәага-загас рхы иадырхәоз амышьхәылҵ 44,5 см раҟара иҟан. Аха зны-зынла уи аасҭа маҿак ала еиҳаз, 51,8 см раҟара иҟаз амышьхәылҵ рхы иадырхәон (Аҟ 6:15; Мф 6:27; Лк 12:25, иара убас албаагақәа; Аат 21:17).

  • Амҩа.

    Абиблиаҿы ари ажәа лассы-лассы Иегова дыззыразу ма дызқәыӡбо аԥсҭазаашьеи ахымҩаԥгашьеи аанарԥшуеит. Иисус Христос ишьҭанеицәа «Амҩа» иатәуп ҳәа рзырҳәон, даҽакала иуҳәозар, Христос иҿыԥшуан, рыԥсҭазаара зегьы иаанарԥшуан иара дышхарҵоз (Аус 19:9).

  • Анапқәа рықәҵара.

    Ауаҩы рнапқәа иқәырҵон, иҷыдоу дҵак азы далырхырц, изылԥхарц, дырхәышәтәырц, ма иԥшьоу адоуҳа иоурц азы (Ахԥ 27:18; Аус 19:6; 1Тм 5:22).

  • Анард.

    Анард ҳәа изышьҭоу аҵиаа (Nardostachys jatamansi) иалырхуа, зыхә цәгьоу ицәыҟаԥшьу ахәша. Уи даараӡа ахә цәгьан азы, лассы-лассы зыхә мариаз ахәшеи иареи еиларҭәон, зны-зынла иара акәушәа ҟаҵаны, даҽа хәшак ҟарҵон. Марки Иоанни ражәақәа рыла, Иисус ихи ишьапқәеи ирықәырҭәаз «анард цқьа» акәын (Мк 14:3; Ин 12:3).

  • Антихрист.

    Ари абырзен ажәа ҩ-ҵакык амоуп. Ус изышьҭоу Христос иҿагыло (абырзен ажәа анти́) роуп. Аха уи Христос иҭыԥ аанызкыло амцхристосгьы даанарԥшуазар ауеит. Антихрист ҳәа рзуҳәар ауеит ауааи, аорганизациақәеи ма агәыԥқәеи, урҭ иҟарҵо Христос ихьӡала иҟарҵошәа рҳәозар, Мессиа ҳауп ҳәа рҳәозар, ма Христоси иҵаҩцәеи ирҿагылозар (1Ин 2:22).

  • Анцәа Иаҳра.

    Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи Анцәа иреиҳаӡоу имчра аанарԥшуеит — Анцәа Иԥа Иисус Христос аҳас дызхагылоу напхгараны иаарԥшу Анцәа иреиҳаӡоу имчра (Мф 12:28; Лк 4:43; 1Кр 15:50).

  • Анцәа ицәхьаҵра.

    Абырзен ажәа апостаси́а иаанагоит «ахьаҵра; алҵра; аҿагылара». Ари ажәа зхылҿиаауа аҟаҵарба ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «инаскьаны агылара». Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы уи еиҳарак ииашоу амҵахырхәара мап ацәкны иаҿагылаз роуп изызку (Ажәм 11:9; Аус 21:21; 2Фс 2:3).

  • Анцәа ицәшәара.

    Анцәа ҳаҭыр ду иқәҵара. Уи аҩыза ашәара зыдҳәалоу ауаҩы Анцәа иахь имоу абзиабара ауп. Ауаҩы Анцәа игәы иирхьыр ҳәа дызшәо бзиа дахьибо азоуп, иқәнага дақәиршәар ҳәа дахьшәо азы акәӡам. Ауаҩы уи аҩыза ашәара изцәырҵуеит, Анцәа иааирԥшуа абзиабареи ақьиареи рыхә анишьо, насгьы иҳәатәы хазымҵо рықәнага иақәиршәаларц азы азин шимоу анеиликаауа (Ҩнтә 10:12, 13).

  • Аныҳәарҭа.

    Ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ииаргоз иԥшьоу ақьала аҭыԥан Иерусалим идыргалаз ахыбра. Уи израильаа Иегова иахьимҵахырхәоз ҭыԥ хаданы иҟалеит. Актәи аныҳәарҭа Соломон иргылеит, уи вавилонаа иқәыргеит. Аҩбатәи аныҳәарҭа Зоровавель вавилонтәи атҟәара аҟынтә даныхынҳә иргылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи Ирод Дуӡӡа I еиҭашьақәиргылеит. Абиблиаҿы аныҳәарҭа лассы-лассы «Анцәа иҩны» ҳәа азҳәоуп (Мф 21:13; Лк 11:51; 1Аш 29:1; 2Аш 2:4; Мф 24:1).

  • Аныҳәарҭа Анцәа ианизыркыз амш.

    Антиох IV Епифан ииҟьашьыз аныҳәарҭа шрыцқьаз ргәаладыршәаларц азы есышықәса иазгәарҭоз аныҳәа. Уи аныҳәа алагон кислев 25 рзы, иазгәарҭон аамшы (Ин 10:22).

  • Анышә; анышәынҭра.

    Абиблиаҿы «анышә», «анышәынҭра» ҳәа лассы-лассы еиҭаргоит ауриатә ажәа шео́л, насгьы уи иеиԥшу абырзен ажәа ҳа́дес. Урҭ ажәақәа символтә ҵакыла аԥсцәа ахьыҟоу аҭыԥ аанарԥшуеит. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы «анышә дамоуп», ма «анышә ахь дцоит» ҳәа анҳәоу, ауаҩы дшыԥсыз ауп иаанаго. Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит иԥсыз ауаҩы ахдырра шимам, акгьы шизеилымкаауа, акымзарак шыҟаимҵо (Аԥс 16:10; Ек 9:5, 10; Аус 2:31). Ажәа «анышәынҭра» ҳәа иара убас еиҭаргоит аҟаҵарба «агәалашәара» иазааигәоу абырзен ажәа мнеме́ион, уи иаанарԥшуеит иԥсыз ауаҩы дшыргәалашәо (Ин 5:28, 29, албаага).

  • Апергамент.

    Ауасақәеи, аџьмақәеи, аҳәарақәеи рцәа иалырхуаз, аҩразы рхы иадырхәоз аматериал. Апергамент апапирус еиԥш ирласны ихаӡомызт, уи Абиблиа ашәҟәқәа рыҩразы рхы иадырхәон. Павел Тимофеи исзааг ҳәа дзызиҳәаз апергаментқәа Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацыԥҵәахақәа рнызҭгьы ҟаларын. Иԥсу амшын аҿы ирыԥшааз шәҟәеикәарҳәқәак апергамент иалхын (2Тм 4:13).

  • Апостол.

    Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи иаанагоит «ишьҭу». Уи аҩыза аҵакы анамоу, уи зызку Иисус Христоси егьырҭ рымаҵ ауразы ишьҭызи роуп. Еиҳарак ус изышьҭоу Иисус иалихыз, насгьы ихаҭарнакцәас иҟаиҵаз 12-ҩык иҵаҩцәа роуп (Мк 3:14; Аус 14:14).

  • Апрозелит.

    Даҽа хаҵарак здызкылаз ауаҩы. Абиблиаҿы апрозелит ҳәа зыӡбахә ҳәоу аиудаизм здызкылаз иоуп. Ахацәа-апрозелитцәа раԥхьатә хырсар акәын (Мф 23:15, албаага; Аус 13:43).

  • Аԥааимбаражәа.

    Анцәа игәҭакы аазыртуа иажәа ма иаацҳара, мамзаргьы игәҭакы ауаа рылаҳәара. Ԥааимбаражәақәаны иара убас иԥхьаӡоуп Анцәа идоуҳа зҵоу амҩақәҵарақәеи, аӡбарақәеи, иҟалараны иҟоу атәы зҳәо аацҳарақәеи (Мф 13:14; 2Пт 1:20, 21).

  • Аԥарда.

    Иԥшьоу ақьала аҿи аныҳәарҭа аҿи Зегь реиҳа иԥшьаз аҭыԥи Иԥшьаз аҭыԥи рыбжьара икнаҳаз, иқәҵаны иҟаҵаз ахерувимцәа зныз аба ԥшӡа (Ақәҵ 26:31; 2Аш 3:14; Мф 27:51; Аур 9:3).

  • Аԥсалом.

    Анцәа дзырҽхәо ашәа. Аԥсалом иану ажәақәа амузыка азырыҩуан, насгьы ашәаны ирҳәон, иаҳҳәап, Иегова имҵахырхәаразы Иерусалим иҟаз аныҳәарҭахь ажәлар аннеиуаз (Лк 20:42; Аус 13:33; Иак 5:13, албаага).

  • Аԥсҭазаара аҵла.

    Едемтәи абаҳчаҿы изызҳауаз аҵла. Абиблиаҿы ианӡам уи иҿалоз ашәыр аԥсҭазаара узҭоз алшарақәа аман ҳәа. Уи иаанарԥшуаз Анцәа уи аҵла иҿало ашәыр афара азин зиҭо наӡаӡатәи аԥсҭазаара шриҭаҵәҟьо ауп. Аатра ашәҟәаҿы уи иаанарԥшуеит нҵәара зқәым аԥсҭазааразы Анцәа иҟаиҵо зегьы (Аҟ 2:9; 3:22; Аат 2:7; 22:19).

  • Аԥсҭалара.

    «Аԥсҭалара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа ана́стасис ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «агылара». Абиблиаҿы зыԥсы ҭаҵаз жәҩык рыӡбахә ҳәоуп, Анцәа Иегова зыԥсы ҭеиҵаз Иисусгьы уахь дналаҵаны. Егьырҭ рыԥсы ҭазҵаз Илиеи, Елисеии, Иисуси, Пиотри, Павели роуп, аха урҭ аџьашьахәқәа Анцәа имчала ишыҟаҵаз еилыкка иубарҭоуп. «Ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы» адгьыл аҿы рыԥсы аҭаҵара Анцәа игәҭакаҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит (Аус 24:15). Абиблиа иара убас ажәҩан аҿы зыԥсы ҭало рыӡбахә аҳәоит. Урҭ «заа зыԥсы ҭало», мамзаргьы «актәи аԥсҭалараан» зыԥсы ҭало ҳәа рызҳәоуп. Раԥхьа зыԥсы ҭало жәҩантәи агәыӷра змоу Иисус иашьцәа роуп (Фп 3:11, албаага; Аат 20:5, 6; Ин 5:28, 29; 11:25).

  • Аԥсы.

    Абжьааԥны ус еиҭаргоит ауриатә ажәа не́феш, иара убас абырзен ажәа ԥсихе́. Арҭ ажәақәа Абиблиаҿы рхы ишадырхәо анҭырҵаа, еилкаахеит урҭ еиҳарак 1) ауаа ишрыҵанакуа, 2) аԥстәқәа ишрыҵанакуа, 3) ауаҩи аԥстәи рыԥсҭазаара ишаҵанакуа (Аҟ 1:20; 2:7; Ахԥ 31:28; Аус 27:37; иара убас албаагақәа). Имаҷымкәа адинхаҵаратә усумҭақәа рҿы еиԥш акәымкәа, Абиблиаҿы адгьыл аҿы инхо ашамҭақәа рыӡбахә анҳәоу, ажәақәа не́феш, иара убас ԥсихе́ еснагь изызку иубо, узлакьысыр алшо, иԥсуа ашамҭақәа роуп. Ари аҭыжьымҭаҿы не́феш, иара убас ԥсихе́ лассы-лассы аконтекст инақәыршәаны «аԥсҭазаара», насгьы «ԥсы зхоу» ҳәа еиҭагоуп, мамзаргьы еиҭагоуп ахатәы хьыӡцынхәрала (иаҳҳәап, «сара», «сыԥсы» аҭыԥан). Џьара-џьара иҟоуп албаагақәа ахьацу, уа ажәа «аԥсы» аҵакы аазырԥшуа даҽа вариантк аагоуп. Ажәа «аԥсы» ихадоу атекст ма албаага аҿы иануԥыло, уи хыхь ишҳәоу еиԥш еилкаатәуп. Гәык-ԥсыкала ак аҟаҵара иаанагоит иҟауҵо угәы-уԥсы зегь азкны, агәаҳәара ӷәӷәа уманы аҟаҵара (Ҩнтә 6:5; Мф 22:37). Контекстқәак рҿы ажәақәа не́феш, иара убас ԥсихе́ зыԥсы ҭоу ашамҭа иамоу агәаҳәара аадырԥшуеит. Иара убас урҭ ажәақәа иԥсыз иҵанакуазар алшоит (Ахԥ 6:6; Ажәм 16:26; Аг 2:13; иара убас албаагақәа).

  • Аԥхьагылаҩ.

    Иисус Христос имоу атитул ауп. Уи иаанарԥшуеит иара Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ауаа аԥсра аазго агәнаҳа алҵшәақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәны, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь рнагараҿы инаигӡо ароль хада (Аус 3:15; 5:31; Аур 2:10; 12:2).

  • Аԥхьатәхсара.

    Ахаҵа иԥхашьаратә ҭыԥ ахсара. Авраами уи ишьҭраҿы ииуази уи ҟарҵалар акәын, аха ақьырсианцәа уи аҟаҵара рыхәҭаӡам. Иара убас ажәа «аԥхьатәхсара» еиуеиԥшым аконтекстқәа рҿы ишиашоу акәымкәа, инықәырԥшу аҵакы аҭаны иаарԥшуп (Аҟ 17:10; 1Кр 7:19; Фп 3:3).

  • Аԥҳалҟаҵаҩ.

    Абиблиаҿы «аԥҳалҟаҵаҩ» ҳәа зыӡбахә ҳәоу анышәаԥшь иалхны еиуеиԥшым амаҭәарқәа, иаҳҳәап, аԥҳалқәеи, аҟәџьалқәеи, аҳаԥшьақәеи, ҟазҵо иоуп. «Аԥҳалҟаҵаҩ» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «аформа азҭо». Аԥҳалҟаҵаҩ анышәаԥшь ииҭаху алхра илшоит. Уи аҿырԥшы ҳацхраауеит Иегова дасу иҿаԥхьеи ажәларқәа рҿаԥхьеи амчра шимоу аилкаара (Иса 64:8; Рм 9:21).

  • Аԥшьаҭыԥ.

    Анцәа имҵахырхәаразы иалху аҭыԥ, иԥшьоу аҭыԥ. Лассы-лассы ус иашьҭоуп иԥшьоу ақьала ма иерусалимтәи аныҳәарҭа. Иара убас ус иахьӡуп ажәҩан аҿы Анцәа дахьыҟоу аҭыԥ (Ақәҵ 25:8, 9; 2Аҳ 10:25; 1Аш 28:10; Аат 11:19, албаага).

  • Аԥшьаҩ еиҳабы.

    Ауриатә Ҩырақәа рҿы аԥшьаҩ хада имаз даҽа хьӡык. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы аԥшьаҩ еиҳабы ҳәа зызҳәоу иҟалап аԥшьаҩцәа ихадоу рхаҭарнакцәа ракәзар, иҟалап уахь иалазар уаанӡа ԥшьаҩ хадас амаҵ зуаз, иара убас 24 гәыԥ иалахәыз аԥшьаҩцәа рхадацәа (2Аш 26:20; Езд 7:5; Мф 2:4; Мк 8:31).

  • Аԥшьаҩ хада.

    Моисеи изакәан инақәыршәаны ажәлар рыхьӡала Анцәа иҿаԥхьа игылоз иакәын. Егьырҭ аԥшьаҩцәа иара ииҳәоз ҟарҵон. Аԥшьаҩ хада заҵәык иоуп шықәсык ахь знык, Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны, иԥшьоу ақьала ма аныҳәарҭа аҩныҵҟатәи ауадахь — Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ахь — аҩналара азин змаз. Иисус Христосгьы аԥшьаҩ хада ҳәа изҳәоуп (Алв 16:2, 17; 21:10; Мф 26:3; Аур 4:14).

  • Аԥшьаҩы.

    Ауаа рҿаԥхьа Анцәа ихаҭарнакс иҟаз, Анцәа иӡбахәи изакәанқәеи дзырҵоз ахаҵа. Иара ауаа рыхьӡала Анцәа акәырбанқәа изнеигон, дара рзы диҳәон. Моисеи изакәан цәырҵаанӡа, аԥшьаҩы ироль назыгӡоз аҭаацәара ахада иакәын. Моисеи изакәан анцәырҵ, ԥшьаҩцәас амаҵ зуаз Леви иабиԥара аҟынтә Аарон ишьҭра иатәыз ахацәа роуп, егьырҭ алевитцәа урҭ ирыцхраауан. Аиқәшаҳаҭра ҿыц аусура ианалага, адоуҳатә Израиль аԥшьаҩцәа рыжәлар акәны иҟалеит, Иисус Христос — урҭ рыԥшьаҩ хада иакәхеит (Ақәҵ 28:41; Аур 9:24; Аат 5:10).

  • Арамеи бызшәа.

    Асемиттәи абызшәақәа ируакуп, ажәытә уриатә бызшәа иазааигәоуп. Раԥхьа уи абызшәала ицәажәоз арамеиаа ракәын, ԥыҭрак ашьҭахь Ассириатәи, насгьы Вавилонтәи аимпериақәа рҿы жәларбжьаратәи бызшәаны иҟалеит. Иара убас Персиатәи аимпериаҿы ҳәынҭқарратә бызшәаны иҟан (Езд 4:7). Арамеи бызшәала иҩын Ездреи, Иеремиеи, Даниили рышәҟәқәа рҟынтә хәҭақәак. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы арамеи бызшәа аҟынтә жәақәак уԥылоит (Езд 4:8—6:18; 7:12—26; Иер 10:11; Дан 2:4б—7:28; Мк 14:36; Аус 9:36).

  • Ареопаг.

    Афина иҟаз ахәы ҳарак, Акрополь аҟынтә аҩада-мраҭашәарахь. Ус азырҳәон уи ахәаҿы еилатәоз аусӡбаратә хеилакгьы. Зны Епикур ишьҭанеицәеи астоикцәеи апостол Павел Ареопаг ахь днаргеит, зыгәра иго иҳәарц азы (Аус 17:19).

  • Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа.

    Аҩсҭаа инапаҿы иҟоу ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ааиаанӡа иҟоу аамҭа (ма аҭагылазаашьа). Уи аамҭа алагеит Христос аӡәгьы ибарҭамкәа дхынҳәны данаа. Иисус инапхгарала ҳаԥхьаҟа амаалықьцәа «ауаа цәгьақәеи ауаа бзиақәеи еилырхуеит», нас ауаа цәгьақәа ықәыргоит (Мф 13:40—42, 49). Иисус иҵаҩцәа даараӡа ирҭахын «ари адунеи аҵыхәтәа» анааиуа еилыркаар (Мф 24:3). Ажәҩан ахь дхынҳәаанӡа, иара иҵаҩцәа ажәа риҭеит ари адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа дышрыцзаауа (Мф 28:20).

  • Армагеддон.

    Ауриа бызшәала Хар Мегиддо́н, иаанагоит «ашьха Мегиддо». Уи ажәа «Зегьзымчу Анцәа имш ду аҽны иҟало аибашьра» иадҳәаланы иуԥылоит. Усҟан «адгьыл аҳцәа зегь» Иегова иабашьырц еизоит (Аат 16:14, 16; 19:11—21). Шәахәаԥш АРЫЦҲАРА ДУ.

  • Архангел.

    Ари ажәа иаанагоит — «амаалықь хада». «Ихадоу» ҳәа ҵакыс измоу аԥынгыла арх-, иара убас Абиблиаҿы ажәа архангел азаҵә хыԥхьаӡараҿы иахьуԥыло иаанарԥшуеит архангелс иҟоу аӡәызаҵәык шиакәу. Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны, уи архангел Михаил ихьӡуп (Дан 12:1; Иуда 9; Аат 12:7).

  • Арҵәыга.

    Амажәа, ма даҽакы иарҭо, иарҵәыҵәырц азы. Еиҳарак уи иацтәи амажәа иацәынхаз амажәа ҵәыҵәы акәын. Абиблиаҿы ажәа «арҵәыга» лассы-лассы иаанагоит агәнаҳа ма ибжьысу акы, иара убас иаанарԥшуеит иумбо аизҳара ду (Ақәҵ 12:20; Мф 13:33; Гл 5:9).

  • Арҵәыга злам ача аныҳәа.

    Израильаа есышықәса иазгәарҭоз ихадаз х-ныҳәак рҟынтә актәи аныҳәа. Уи Мшаԥныҳәа адырҩаҽны, нисан 15 рзы иалагон, бжьымшы иазгәарҭон. Аныҳәа аан израильаа арҵәыга зламыз ача рфон, уи Египет ишалҵыз ргәаланаршәон (Ақәҵ 23:15; Мк 14:1).

  • Арыцҳара ду.

    «Арыцҳара» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанарԥшуеит аҭагылазаашьа бааԥсқәа ирыхҟьо агәырҩеи агәаҟрақәеи. Иисус Иерусалим уаҩ иимбац «арыцҳара ду» шазыԥшу аниҳәоз, еиҳарак изызхьеирԥшуаз аԥхьаҟа «хьыӡла-ԥшала» данаауа ауаатәыҩса зықәшәараны иҟоу «арыцҳара ду» ауп (Мф 24:21, 29—31). Павел иҳәеит «Анцәа дыззымдыруа», насгьы Иисус Христос «изку ажәабжь бзиа здызымкыло ауаа» Анцәа арыцҳара ду иахьақәиршәо шрықәнагоу. Аатра 19-тәи ахаҿы иҳәоуп Иисус дызхагылоу жәҩантәи ар иманы «агыгшәыги адгьыл аҳцәа рыруааи дареи» дышрабашьуа (2Фс 1:6—8; Аат 19:11—21). Ԥхьаӡашьак змам ауаа рацәа уи арыцҳара иацәынхоит (Аат 7:9, 14). Шәахәаԥш АРМАГЕДДОН.

  • Асабша.

    Ауриатә амчыбжь аҿы абыжьбатәи амш (ахәаша амра анҭашәалак инаркны асабша амра ҭашәаанӡа). Ауриатә ажәа иаанагоит «аԥсшьара; аҟәыҵра». Асабша ҳәа иара убас ирышьҭан ашықәс аҩныҵҟа ныҳәамшқәак, насгьы абыжьбатәи ашықәси аҩынҩажәижәабатәи ашықәси. Асабшаҽны аусура ҟалаӡомызт, аԥшьаҩцәа рымацара ракәын аԥшьаҭыԥ аҿы змаҵзура назыгӡалар зылшоз. Асабшатәи ашықәс азы адгьыл аԥсы адыршьон, ауриацәа руал зқәыз рашьцәа-ауриацәа ирықәыз ддыршәаӡомызт. Моисеи изакәан ианыз асабша иадҳәалаз аҵасқәа хьанҭаӡамызт. Аха ԥыҭрак ашьҭахь адиннапхгаҩцәа ирхәыцыз аԥҟарақәа ахьацырҵаз иахҟьаны Иисус ихаан асабша иадҳәалаз аҵасқәа рынагӡара уадаҩхеит (Ақәҵ 20:8; Алв 25:4; Лк 13:14—16; Кл 2:16).

  • Асаддукеицәа.

    Аиудаизм иатәыз, амчра змаз асекта. Уахь ауаа дуқәеи аныҳәарҭаҿы амчра ду змаз аԥшьаҩцәеи аҵанакуан. Асаддукеицәа афарисеицәа иныҟәыргоз ирхәыцыз аҵасқәеи ргәаанагарақәеи рҟынтә мап зцәыркуаз рацәан. Дара амаалықьцәа шыҟоу агәра ргаӡомызт, аԥсҭаларагьы шыҟало агәра ргаӡомызт. Асаддукеицәа Иисус иҿагылон (Мф 16:1; Аус 23:8).

  • Асаранча.

    Моисеи изакәан инақәыршәаны уи цқьан, иуфар ҟалон. Зегь нзырҵәоз, иаарԥыхьашәоз зегь зфоз асаранча рацәа рыцҳараны иԥхьаӡан (Ақәҵ 10:14; Мф 3:4).

  • Асексуалтә ламысдара.

    Абиблиаҿы абырзен ажәа порне́иа иаанарԥшуеит Анцәа ауаа ззин риимҭо асексуалтә ҟазшьа змоу усқәак. Уахь иаҵанакуеит ахатә ҩыза иԥсахра, акаҳԥра, амаҳагьара, аҭаацәара узцалам ицышьҭалара, агомосексуализм, иара убас арахә рызнеира. Аатра ашәҟәаҿы ажәа порне́иа инықәырԥшу аҵакы амоуп. Уи ажәа ала иаарԥшуп Вавилон Ду ҳәа изышьҭоу адинхаҵаратә каҳԥи амчреи амали раҳаҭыразы ари адунеи анапхгаҩцәа рҿы илымоу аизыҟазаашьақәеи (Аат 14:8; 17:2, албаагақәа; 18:3; Мф 5:32; Аус 15:29; Гл 5:19). Шәахәаԥш АКАҲԤЫ.

  • Асекта.

    Доктринак иатәу ма ԥхьагылаҩык ишьҭоу, зхатә ҵарақәа ирықәныҟәо гәыԥҩык ауаа. Убас ирышьҭан аиудаизм иахылҿиааз ҩ-гәыԥк: афарисеицәеи асаддукеицәеи. Ақьырсианцәа «асекта» ма «назаретаа рсекта» ҳәа изрышьҭаз иҟалап аиудаизм иалҵит ҳәа ахьырыԥхьаӡоз азы акәызҭгьы. Ԥыҭрак ашьҭахь ақьырсиантә еизарақәа рҿгьы асектақәа ҟалеит. Иаҳҳәап, Аатра ашәҟәаҿы «Николаи исекта» аӡбахә ҳәоуп (Аус 5:17; 15:5; 24:5; 28:22; Аат 2:6; 2Пт 2:1).

  • Асинагога.

    Иаанагоит «аизара», аха еиҳа лассы-лассы иаанаго ауриацәа Иԥшьоу Аҩыра иаԥхьаларц, алабжьарақәа роуларц, ажәахәқәа ирыԥхьаларц, насгьы Анцәа иҳәаларц азы иахьеизоз ахыбрақәа ма аҭыԥқәа роуп. Иисус ихаан ихәыҷқәамыз ақалақьқәа рҿы синагогак синагогак ыҟан. Идууз ақалақьқәа рҿы акы акәымкәа, еиҳангьы иҟазар ауан (Лк 4:16; Аус 13:14, 15).

  • Асинедрион.

    Иерусалим иҟаз иудеиатәи иреиҳаӡоу аусӡбарҭа. Иисус ихаан Асинедрион 71-ҩык алахәын. Асинедрион иалахәын аԥшьаҩ хадеи уаанӡа ԥшьаҩ хадас иҟази, урҭ рҭынхацәеи, аиҳабацәеи, абиԥарақәа рхадацәеи, ажәлар реиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи (Мк 15:1; Аус 5:34; 23:1, 6).

  • Аспиритизм.

    Ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит, насгьы уи зыԥсы ҭоу иацәажәалар алшоит ҳәа ахаҵара. Уи еиҳарак анырра знаҭо аӡәы (амедиум) ила иалшоит ҳәа рыԥхьаӡоит. «Аспиритизм» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа фармаки́а ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, иаанагоит «анаркотикқәа рыдкылара». Ари ажәа аспиритизм иадырҳәало иалагеит, избанзар ажәытәан аколдунцәа адоуҳа цәгьақәа рымч рхы иадырхәарц азы ианаарыԥхьоз, анаркотикқәа рыдыркылон (Гл 5:20; Аат 21:8).

  • Астоикцәа.

    Абырзен философцәа рышкол иҭақәаз. Дара ргәы излаанагоз ала насыԥс иҟоу аԥсабара ацныҟәареи ухшыҩ ухы иархәо анхареи роуп. Дара ртәала ауаҩ ҟәышҵәҟьа ахьаагьы хьаас имаӡам, агәырӷьарагьы хьаас имаӡам (Аус 17:18).

  • Астролог.

    Амреи, амзеи, аеҵәақәеи реиҭаҵшьа иахәаԥшны, иҟалараны иҟоу зҳәо (Мф 2:1).

  • Аталант.

    Израиль иҟаз зегь раасҭа идууз аԥара акапанразы ашәага-зага, 34,2 кьыла иҟан. Абырзен талант еиҳа еиҵан — 20,4 кьыла раҟара иҟан (1Аш 22:14; Мф 18:24).

  • Атымитыша.

    Абырзен ажәа а́биссос иаанагоит «даараӡа иҵаулоу; ҵа змам; ҳәаа змам». Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы уи шьоукы ахьҭаку аҭыԥ, ма ахақәиҭра змам рҭагылазаашьа аанарԥшуеит. Иара убас уи анышәынҭрагьы аанарԥшуеит, аха аҵакы еиҳа иҭбаауп (Лк 8:31; Рм 10:7; Аат 20:3).

  • Ауаҩытәыҩса Иԥа.

    Аевангелиеқәа рҿы арҭ ажәақәа 80-нтә раҟара иуԥылоит, Иисус Христос иоуп изызку. Урҭ иаадырԥшуеит Иисус дышиз, дышуаҩхаз, ацәеижь аазхәаз амаалықь шиакәмыз. Арҭ ажәақәа иара убас иаадырԥшуеит Иисус Даниил 7:13, 14 иану аԥааимбаражәа наигӡараны дшыҟаз. Ауриатә Ҩырақәа рҿы арҭ ажәақәа Иезекиильи Даниили ирызҳәоуп, насгьы Анцәа иажәа ауаа ирылазҳәоз, аҵыхәтәаны иԥсуаз ауааи уи ажәабжь авторс иамаз Анцәеи шеиԥшым аадырԥшуеит (Иез 3:17; Дан 8:17; Мф 19:28; 20:28).

  • Ауӷә.

    Наҟ-ааҟ аидара ахшьны, рыжәҩахыр иқәҵаны иныҟәыргоз аидара ныҟәгага; иара убас аԥстәқәа, еиҳарак ацәқәа, ауардын ма даҽакы иаҵаркырц азы амҿы иалхны рыхәда иқәырҵоз. Ажәытәан лассы-лассы аидара аныҟәгаразы ауӷә зхы иазырхәоз ахәура иҭаз амаҵуцәа ракәын азы, ауӷә ахәура ма аӡәы имаҵ аура, иара убас агәаҟрақәа ирсимволуп. Ауӷә ақәхра ма аԥҽра иаанагоит ахәуреи агәаҟрақәеи рҟынтә ахақәиҭра аиура (Алв 26:13; Мф 11:29, 30).

  • Ауриацәа; ауриа бызшәа.

    Раԥхьаӡа акәны ауриа ҳәа зызҳәаз Аврам (Авраам) иоуп, иааигәара инхоз амореиаа дрыламҩашьарц азы. Аамҭа анца, ауриацәа ҳәа рзырҳәо иалагеит Авраам имоҭа Иаков ила Авраам ишьҭраҿы ииз зегьы. Урҭ рбызшәагьы ауриа бызшәа ахьӡхеит. Иисус ихаан ауриа бызшәа имаҷымкәа арамеи ажәақәа алан. Иисус иҵаҩцәеи иареи уи абызшәала ицәажәон (Аҟ 14:13; Ақәҵ 5:3; Аус 26:14).

  • Афараон.

    Египеттәи аҳцәа ртитул. Абиблиаҿы хәҩык афараонцәа рыхьӡқәа ануп: Сусаким, Со, Тиргака, Нехо, Хофра. Авраами, Моисеи, Иосифи рхаан напхгара зуаз афараонцәа рыхьӡқәа анӡам (Ақәҵ 15:4; Рм 9:17).

  • Афарисеицәа.

    Актәи ашәышықәсазы ҳ. ҳ. аан иҟаз аиудаизм иатәыз, амчра змаз асекта. Афарисеицәа аԥшьаҩцәа рышьҭра иатәӡамызт. Дара Моисеи изакәан ак агмыжькәа, икылыршәшәаауа инарыгӡон. Ирхәыцыз аҵасқәа Моисеи изакәан иаҟараны иҟарҵеит (Мф 23:23). Афарисеицәа абырзен культура рыдыркылаӡомызт, иаҿагылон. Дара аҵасқәа зыхьчоз закәанрҵаҩцәан, убри аҟынтә ажәлар рҿаԥхьа амчра рыман (Мф 23:2—6). Афарисеицәа рҟынтә Асинедрион иалахәызгьы ыҟан. Дара зныкымкәа Иисус ажәа имаркуан асабша азгәаҭареи аҵасқәеи ирхырҟьаны, иара убас агәнаҳаҟаҵаҩцәеи ашәахтәеизгаҩцәеи дшырзыҟаз иахҟьаны. Афарисеицәа шьоукы қьырсианцәахеит, иаҳҳәап, Тарс иатәыз Савл (Мф 9:11; 12:14; Мк 7:5; Лк 6:2; Аус 26:5).

  • Афимиам.

    Еилаҵаны иҟарҵоз, афҩы хаа змаз аҷабқәеи абальзамқәеи. Уи ашьшьыҳәа ианыбылуаз, афҩы хаа ахылҵуан. Ԥшь-хкык злаз, лымкаала иҟарҵоз афимиам иԥшьоу ақьалаҿи аныҳәарҭаҿи рхы иадырхәон. Шьыжьымҭанлеи хәылбыҽхалеи уи афимиам Иԥшьоу аҭыԥ аҿы афимиам ахьырбылуаз акәырбаннагарҭаҿы ирбылуан, Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны — Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ аҿы ирбылуан. Афимиам гәыкала Анцәа имаҵ зуа имаҵзуҩцәа иҟарҵо игәы иахәо рыҳәарақәа аанарԥшуеит. Ақьырсианцәа афимиам абылра рыдӡам (Ақәҵ 30:34, 35; Алв 16:13; Аат 5:8).

  • Афимиамҭра.

  • Ахаиа.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ус иахьӡуп Бырзентәыла аладахьы иҟаз римтәи апровинциа. Уи апровинциа ҳҭнықалақьс иаман Коринф. Ахаиа ахь иаҵанакуан Пелопоннес зегьы, иара убас аматерик агәҭаны ишьҭоу Бырзентәыла ахәҭа (Аус 18:12).

  • Ахатә ҩыза иԥсахра.

    Аҭаацәара иалоу ахаҵа ма аԥҳәыс хатәгәаԥхарала аҭаацәара дызцалам даницышьҭало (Ақәҵ 20:14; Мф 5:27; 19:9).

  • Ахерувимцәа.

    Иҳараку аҭыԥ аанызкыло, аус ҷыдақәа назыгӡо амаалықьцәа. Урҭ иҟарҵои асерафимцәа иҟарҵои еиԥшӡам (Аҟ 3:24; Ақәҵ 25:20; Иса 37:16; Аур 9:5).

  • Ахылаԥшҩы.

    Ахылаԥшыҩцәа ҳәа изышьҭоу ахьчацәа реиԥш аизара иеиҷаҳауа ахацәа роуп. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ажәақәа пресби́терос, насгьы епи́скопос «ахылаԥшҩы» ҳәа еиҭагоуп. Аҩжәакгьы иаадырԥшуа ауаҩы ақьырсиантә еизараҿы иааникыло ҭыԥк ауп, амала пресби́терос иаанарԥшуа ауаҩы иқьырсиантә ҟазшьақәа роуп, епи́скопос иаанарԥшуа иду аҭакԥхықәрақәа роуп. Ажәа епи́скопос ҵакы хадас иамоу ахьчареи ахылаԥшреи роуп (Аус 20:28; 1Тм 3:2—7; 1Тм 5:17; 1Пт 5:2).

  • Ахьхәра.

    Абиблиаҿы ажәа «ахьхәра» иаанарԥшуеит ауаҩы ихәыцшьа шиԥсахуа, уаанӡатәи иԥсҭазаашьеи, ииашамкәа иҟаиҵази, мамзаргьы иҟаҵатәыз ахьыҟаимҵази игәы шинархьуа. Ауаҩы гәык-ԥсыкала данахьхәуа, уи ихымҩаԥгашьа аԥсахра игәазҭанаҵоит (Мф 3:8; Аус 3:19; 2Пт 3:9).

  • Ахәага.

    Ажь ма амаслина злархәоз. Анцәа иӡбара аӡбахә анцо, уи ажәа инықәырԥшу аҵакы аҭаны рхы иадырхәоит (Аат 19:15).

  • Ахәша ахьшьра.

    Ауаҩы иҷыдоу амаҵуразы дшалху аадырԥшырц азы ахәша иқәырҭәон. Иҷыдоу амаҵзура иазкыз амаҭәаргьы ахәша ақәырҭәон. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы арҭ ажәақәа уԥылоит жәҩантәи агәыӷра змоу ауаа иԥшьоу адоуҳа шроуз аӡбахә анцо (Ақәҵ 28:41; 1См 16:13; Лк 4:18; Аус 10:38; 2Кр 1:21, иара убас албаагақәа).

  • Аҳаҭа.

    Аԥстәқәа рцәа иалырхуаз (аџьмақәа, ауасақәа уҳәа уб. иҵ.), аӡы, аҩы, ахш ма даҽакы зҭарҭәоз амакәан. Аҩы есымша иҿыцу аҳаҭақәа роуп изҭарҭәоз, избанзар аҩы анеилашуа, аҳаҭа ҿыцқәа еиҵыҵуеит. Иажәхьоу аҳаҭақәа кьакьақәоуп азы иԥжәоит (ИсН 9:4; Мф 9:17, албаага).

  • Ацезарь.

    Шьҭрала иаауаз хьӡын, нас римтәи аимператорцәа ртитул акәхеит. Абиблиаҿы аимператорцәа Августи, Тиберии, Клавдии рыхьӡқәа ҳәоуп. Нерон иакәзар, ихьӡ анӡам, иара ари атитул ала дарбоуп. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ажәа «ацезарь» аҳәынҭқарратә мчрақәагьы аанарԥшуеит (Мк 12:17; Аус 25:12).

  • Ацҳаражәҳәаҩ.

    Ҩ-ганк еинзырнаало. Абиблиаҿы иҳәоуп Моисеи — аиқәшаҳаҭра азакәан цҳаражәҳәаҩыс дшамоу, Иисус — аиқәшаҳаҭра ҿыц цҳаражәҳәаҩыс дшамоу (Гл 3:19; 1Тм 2:5; Аур 12:24).

  • Ацәа.

    Аҭәаҭәара аан арыц иахыҵуаз ацәа. Уи ибзианы иаанарԥшуан акгьы иаԥсам, иуҭахым акы (Аԥс 1:4; Мф 3:12).

  • Ацәеилабаара.

    Даара ибааԥсу ацәа ачымазара. Абиблиаҿы ацәеилабаара ҳәа зыӡбахә ҳәоу ачымазара иахьа ирдыруа ачымазара мацара акәӡам, избанзар усҟан ауаа рыдагьы, уи амаҭәагьы, ахыбрақәагьы иаархәон (Алв 14:54, 55; Лк 5:12).

  • Аҵыхәтәантәи амшқәа.

    Абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы арҭ ажәақәа иаадырԥшуа аҭоурых аҿы ахҭысқәа анхыркәшахо аамҭа ауп (Иез 38:16; Дан 10:14; Аус 2:17). Аԥааимбаражәа зеиԥшроу еиԥш, «аҵыхәтәантәи амшқәа» рахь иаҵанакуазар ауеит аамҭа кьаҿк еиԥш, акыршықәсагьы. Урҭ ажәақәа еиҳарак Иисус иубарҭамкәа дааны даныҟоу аамҭазы ари адунеи цәгьа аҵыхәтәантәи амшқәа роуп изызку (2Тм 3:1; Иак 5:3; 2Пт 3:3).

  • Аҵәы аҭаԥсара.

    Аҵәқәа ма ахаҳә ссақәа рыла еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы аӡбарақәа рыдыркылон. Урҭ рыкәа иҭаԥсаны ма даҽакы иҭаԥсаны еиларыԥсон, нас икарыԥсон ма иҭыргон. Икашәоз ма иҭыргоз аҵәы ала алхра ҟарҵон. Лассы-лассы аҵәы анҭарыԥсоз, Анцәа иҳәон (Мф 27:35; Аус 1:26).

  • Ачгара.

    Аамҭак аҩныҵҟа зынӡаск акрымфара. Израильаа чгон Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны, арыцҳара ианҭагылаз, мамзаргьы Анцәа инапхгара анырҭахыз. Ауриацәа шықәсык ахь ԥшьынтә ачгара аԥырҵеит, рыжәлар рҭоурых аҿы иҟаз арыцҳарақәа ргәаладыршәаларц азы. Ақьырсианцәа ачгара рыдӡам (Езд 8:21; Иса 58:6; Мф 4:2; 9:14; Лк 18:12; Аус 13:2, 3; 27:9).

  • Аҽыуардын.

    Ҩ-гьежьык аман, аҽқәа ирыҵакын, џьара иалацон-иалаауан, насгьы аибашьраҿы рхы иадырхәон (Ақәҵ 14:23; Аӡб 4:13; Аус 8:28; Аат 9:9).

  • Аҿыхра.

    Аӡәы данҿырхуаз ма акы анҿырхуаз, аԥара мацара акәӡамызт иршәоз (Иса 43:3). Аҿыхра аҭахын еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы. Иаҳҳәап, ауаа раԥхьатәи рԥацәеи аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәеи Иегова итәын. Рыхә шәаны урҭ ҿырымхуазҭгьы, Анцәа ирҭар акәхон (Ахԥ 3:45, 46; 18:15, 16). Аԥшәма икшоз ицә дахьахыламԥшуаз иахҟьаны аӡә дашьызҭгьы, аԥшәма дыршьуан, мамзаргьы ихы ҿихырц азы иқәырҵаз ахә ишәар акәын (Ақәҵ 21:29, 30). Згәы иҭакны аӡә дызшьуаз ихы аҿыхра алшара имаӡамызт (Ахԥ 35:31). Абиблиаҿы зегь реиҳа иалкааны аӡбахә ҳәоуп Христос Анцәа иҳәатәы хазҵо ауаа ҿихырц азы иишәаз ахә. Иара урҭ агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә рхы иақәиҭитәырц азы иԥсы рыхҭниҵеит (Аԥс 49:7, 8; Мф 20:28; Еф 1:7).

  • Ашҭа.

    Иԥшьоу ақьала иаакәыршаны иҟаз ихкааз аҭыԥ, ԥыҭрак ашьҭахь аныҳәарҭа ихадоу ахыбра иаакәыршаны ҭӡамцала ихкааз ихтыз аҭыԥ. Иԥшьоу ақьала ашҭаҿи аныҳәарҭа аҩныҵҟатәи ашҭаҿи акәырбанқәа шеибгоу иахьырбылуаз акәырбаннагарҭа гылан. Абиблиаҿы иара убас рыӡбахә ҳәоуп аҩнқәеи аҳҭынрақәеи рашҭақәа (Ақәҵ 8:13; 27:9; 1Аҳ 7:12; Мф 26:3; Мк 15:16; Аат 11:2).

  • Ашьаҟа.

    Жәларқәак уи рхы иадырхәон ауаҩы дкыдҵаны дыршьырц, насгьы/​мамзаргьы аԥсы дызбоз шәаларц азы дыкнарҳарц, иара убас ацәгьа ҟазҵаз ахьымӡӷ идыргарц азы. Арыцҳашьара зламыз реиԥш еицырдыруаз асириаа итҟәаны иргоз ауаа иҵарӡа иҟаз ашьаҟа, ма аҵәҩан, иахаҵаны иршьуан. Уи рыӷра кылжәаны, ргәышԥаҟынӡа инеиуан. Ауриацәа рзакәан инақәыршәаны, агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵоз ауаҩы, иаҳҳәап, Анцәа ихыччоз ма аидолқәа ирымҵахырхәоз раԥхьа ахаҳә дарганы ма даҽакала дыршьуан, нас ашьаҟа ма аҵла дкыдырҵон, егьырҭгьы шәаларц азы (Ҩнтә 21:22, 23; 2См 21:6, 9). Римаа зны-зынла ауаҩы ашьаҟа дкыдҿарҳәалон, мышқәак рышьҭахь уи аӡбеи амлеи даганы, амра дабылны, ахьаа изымычҳакәа дыԥсуан. Зны-зынла, Иисус иаан ишыҟарҵаз еиԥш, ауаҩы инапқәеи ишьапқәеи ашьаҟа иадырчаԥалон (Лк 24:20; Ин 19:14—16; 20:25; Аус 2:23, 36). Ахаҳә иалхыз ашьаҟақәа аҭоурых аҿы иҟаз акрызҵазкуаз ахҭысқәа рыхьӡала идыргылон. Амырҭаҭцәа амцнцәахәқәа ирымҵахырхәаларц азы иԥшьоу ашьаҟақәа дыргылон, израильаагьы урҭ ирҿыԥшуан (Аӡб 16:29; 1Аҳ 7:21).

  • Ашәи.

    Уи абзхәаԥсареи рыԥсахы еибакны ирҳәо ажәақәеи ирыларҩашьатәым. Лассы-лассы ашәи рҳәон зегьы ишырбоз-ишраҳауаз аӡәы ианиқәыӡбоз, ма ицәгьоу акы ҟалараны ишыҟаз анырҳәоз. Ашәи зҳәоз Анцәа ма уи ихаҭарнакцәа руаӡәк иакәызҭгьы, уи ԥааимбаражәахон, хымԥадагьы инаӡон (Аҟ 12:3; Ахԥ 22:12; Мк 11:21; Аус 23:12, албаага; Рм 12:14; Гл 3:10).

  • Ашәҟәеикәарҳә.

    Апергамент ма апапирус иалхыз ганкахьала ак знырҩылоз иауз абӷьыц. Уи абжьааԥны амҿтәы гәыцә иакәыршаны еикәадырҳәуан. Абиблиатә аамҭақәа раан шәҟәыс ирымаз ашәҟәеикәарҳәқәа ракәын, убри аҟынтә абиблиатә шәҟәқәа ахьырыҩуаз ашәҟәеикәарҳәқәа рҿы акәын, уахь акәын иахьхырҩылаауазгьы (Лк 4:17—20; 2Тм 4:13).

  • Аҩсҭаа.

    Ауриатә ажәа иаанагоит «аҿагылаҩ». Аоригинал бызшәақәа рҿы уи ажәа еилкаау артикль анацу, уи Анцәа ихадоу иаӷа Аҩсҭаа Аџьныш иоуп (Иов 1:6; Мф 4:10; Аат 12:9).

  • Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ус иахьӡуп ауриацәа иазгәарҭоз ихадаз х-ныҳәак рҟынтә аҩбатәи аныҳәа. Уи аныҳәа азгәаҭаразы ахацәа зегьы Иерусалимҟа инеилар акәын. Ауриатә Ҩырақәа рҿы уи Аҽаҩра аныҳәа ма Амчыбжьқәа рныҳәа ауп. Уи азгәарҭон нисан 16 рышьҭахь 50-тәи амш зықәшәоз аҽны (Ақәҵ 23:16; 34:22; Аус 2:1).

  • Аҩыра.

    Анцәа Иажәа злашьақәгылоу иԥшьоу ашәҟәқәа. Уи ажәа ахьуԥыло Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿоуп (Лк 24:27; 2Тм 3:16).

  • Аџьныш.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы иаагоу Аҩсҭаа дзеиԥшроу аазырԥшуа ахьӡ, иаанагоит «амцҳәаҩ». Аҩсҭаа Аџьныш ихьӡхеит, избанзар иара иоуп раԥхьаӡа акәны амц зҳәаз, амцҳәаҩцәа зегьы ираԥхьагылоу, амц ҳәаны Иегова ахара идызҵо, иажәақәа еицазкуа, иԥшьоу ихьӡ зырцәгьо (Мф 4:1; Ин 8:44; Аат 12:9).

В

  • Ваал.

    Ханаанаа рынцәа. Урҭ изларыԥхьаӡоз ала иара ажәҩан аԥшәымас даман, ақәа лаишьҭуан, аҽаҩрагьы риҭон. Урҭ ирымаз егьырҭ анцәахәқәагьы Ваал ҳәа ирышьҭан. Ауриа бызшәала уи ажәа иаанагоит «аԥшәма» (1Аҳ 18:21; Рм 11:4).

  • Веельзевул.

    Ус изҳәоуп адемонцәа рыҭауад, ма рнапхгаҩы, Аҩсҭаа. Иҟалап уи Екрон инхоз филистимаа зымҵахырхәоз Ваал — Ваал-Зевув — ихьӡ даҽа формак акәзар (2Аҳ 1:3; Мф 12:24).

Г

  • Геенна.

    Ажәытә Иерусалим аҟынтә алада, насгьы алада-мраҭашәарахь ишьҭаз арха Хинном бырзен бызшәала убас ахьӡын (Иер 7:31). Заа иҳәан уи аԥсцәа ахькарыжьло ҭыԥны ишыҟало (Иер 7:32; 19:6). Гееннаҿы ауааи аԥстәқәеи рыԥсы шҭаз ирбылуан, насгьы урҭ уа игәаҟуан ҳәа шьақәзырӷәӷәо акгьы ыҟаӡам. Убри аҟынтә уи аҭыԥ ауаа рыԥсы амцаҿы наӡаӡа иахьгәаҟуа ҭыԥӡам. Иисус иҵаҩцәеи иареи ажәа «геенна» наӡаӡатәи ақәӡаара, мамзаргьы «аҩбатәи аԥсра», иасимволны рхы иадырхәон (Аат 20:14; Мф 5:22; 10:28).

  • Гермес.

    Абырзен нцәахәы, Зевс иԥа. Листра инхоз ажәлар Павел Гермес иакәыз џьыршьеит, избанзар дара Гермес анцәахәқәа иаарышьҭыз, аҿаԥыц зҿаз нцәахәны дрыԥхьаӡон (Аус 14:12).

Д

  • Давид Иԥа.

    Лассы-лассы Иисус ус иарҳәон, Анцәа Давиди иареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Иисус Давид ихылҵ иеиԥш Аҳра шиоуа аадырԥшырц азы (Мф 12:23; 21:9).

Е

  • Епикур ишьҭанеицәа.

    Абырзен философ Епикур ишьҭанеицәа (341—270 ҳ. ҟ.). Рфилософиа излаҳәоз ала, ауаҩы иԥсҭазаара ҵакыс иамоу ақьафура ауп (Аус 17:18).

  • Ефиопиа.

    Египет аладахьы ишьҭаз ажәытә ҳәынҭқарра. Уахь иаҵанакуан иахьатәи Египет аладатәи ахәҭеи иахьатәи Судани (Аус 8:27).

  • Евфрат.

    Азиа алада-мраҭашәаратәи аган аҿы иҟоу зегь раасҭа иауу, зегь раасҭа ихадоу аӡиас; Месопотамиа иҟоу ихадоу ҩ-ӡиаск руак. Раԥхьаӡа акәны Аҟазаара 2:14 аҿы уи аӡбахә ҳәоуп Едемтәи абаҳча аҟынтә ииасны иаауаз ԥшь-ӡиаск рыӡбахә анцо. Израильаа ирыҭаз адгьыл аҩадатәи ҳәаас иамаз аӡиас Евфрат акәын (Аҟ 15:18; Аат 9:14; 16:12).

Жә

  • Жәақалақьра.

    Аԥхьанатә жәа-қалақьк рыла ишьақәгылаз абырзен қалақьқәа ргәыԥ (абырзен ажәақәа де́ка, насгьы по́лис ирхылҿиаауеит, де́ка иаанагоит «жәаба», по́лис иаанагоит «ақалақь»). Иара убас Жәақалақьра ҳәа иашьҭан урҭ ақалақьқәа реиҳарак ахьыҟаз Галилеиатәи амшыни аӡиас Иордани рҟынтә мрагыларатәи аганахь ишьҭаз аҭыԥ. Урҭ ақалақьқәа ахәаахәҭреи абырзен культуреи рцентр акәын. Иисус уи аҭыԥ ала дымҩасуан, аха џьаргьы иҳәаӡам урҭ ақалақьқәа дырҭааит ҳәа (Мф 4:25; Мк 5:20).

З

  • Зевс.

    Абырзен мифологиаҿы зегьы иреиҳау анцәахәы. Листра инхоз ауаа Варнава Зевс иакәыз џьыршьеит. Листра азааигәара ажәытә ақәҩырақәа рыԥшааит. Уа «Зевс, амра анцәахәы», насгьы «Зевс иԥшьаҩцәа» рыӡбахә анын. Павел Мальтаҟа дызлацаз аӷба аԥынҵаҿы Зевс иԥацәа рсахьа адҟаҵалан — еицииз аишьцәа Кастори Паллукси рсахьа (Аус 14:12; 28:11).

  • Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.

    Иԥшьоу ақьалеи аныҳәарҭеи рҵыхәаҿы иҟаз, аиқәшаҳаҭра аковчег ахьгылаз ауада. Моисеи изакәан инақәыршәаны, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ахь аҩналара азин змаз аԥшьаҩ хада заҵәык иакәын. Иара уахь шықәсык ахь знык, Агәнаҳақәа рхыхра амш аҽны, акәын даныҩналоз (Ақәҵ 26:33; Алв 16:2, 17; 1Аҳ 6:16; Аур 9:3).

И

  • Иаков.

    Ԥыҭрак ашьҭахь Анцәа Израиль ҳәа зыхьӡиҵаз Исааки Ревеккеи рԥа. Иаков израильтәи ажәлар драбхеит: 12-ҩык иԥацәа рҟынтә израильтәи 12 биԥара ҟалеит. Ахьӡ Иаков лассы-лассы ахьӡ Израиль аҭыԥангьы ирҳәоит, иаанагоит израильтәи ажәлар, ма израильаа (Аҟ 32:28; Мф 22:32).

  • Иегова.

    Аиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы ахьӡ «Иегова» Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы иааизакны 237-нтә иуԥылоит. Анцәа ихьӡ анҵаразы иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа:

    1. 1. Иисуси апостолцәеи рхаан рхы иадырхәоз Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа ирныз атекст зегь аҿы атетраграмматон (יהוה ауриатә нбанқәа ԥшьба рыла ишьақәгылоу Анцәа ихьӡ) анын.

    2. 2. Иисуси апостолцәеи рхаан рхы иадырхәоз бырзен бызшәала еиҭагаз Ауриатә Ҩырақәа реиҭагақәа рҿы атетраграмматон уԥылон.

    3. 3. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы иануп Иисус лассы-лассы Анцәа ихьӡ ихы ишаирхәоз, егьырҭ ауаагьы ишырзааиртуаз (Иоанн 17:6, 11, 12, 26).

    4. 4. Уамашәа иубар ауан Абиблиа актәи ахәҭаҿы (Ауриатә Ҩырақәа рҿы) Иегова ихьӡ уԥылозҭгьы, аха аҩбатәи ахәҭаҿы (Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы) уи иаалырҟьаны ибжьаӡызҭгьы, избанзар Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәагьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп.

    5. 5. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ икьаҿу аформа уԥылоит (Аатра 19:1, 3, 4, 6).

    6. 6. Ажәытә иудеиатә напылаҩырақәа иаҳдырбоит иауриаз ақьырсианцәа рҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ рхы ишадырхәоз.

    7. 7. Абиблиаҭҵааҩцәа шьоукы Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә иаагаз ацитатақәа рҿы иуԥылозар ҟаларын ҳәа ргәы иаанагоит.

    8. 8. 100 бызшәак инареиҳаны рыла еиҭагоу Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ уԥылоит.

    Ҳәарада, Анцәа ихьӡ Иегова Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы аиҭашьақәыргыларазы амзызқәа зегь ыҟоуп. Убри ауп иҟарҵаз аиҭага «Адунеи ҿыц» аиҭагаҩцәагьы. Дара Анцәа ицәшәоит, насгьы ихьӡ ҳаҭыр ду ақәырҵоит, убри аҟынтә аоригиналтә текст акгьы анырымхӡеит (Аатра 22:18, 19).

  • Израиль.

    Анцәа Иаков ииҭаз ахьӡ. Ԥыҭрак ашьҭахь Иаков ишьҭраҿы ииз зегь ааизакны ус ирышьҭан. Иаков 12-ҩык иԥацәа ирхылҵыз лассы-лассы Израиль аԥацәа, израильтәи ажәлар ма израильаа ҳәа рзырҳәон. Иара убас аладатәи аҳра иаҿыҵыз жәа-биԥаракгьы — аҩадатәи аҳра — ус иашьҭан. Аамҭак ашьҭахь жәҩантәи агәыӷра змоу ақьырсианцәагьы, «Анцәа иитәу Израиль», убас рзырҳәо иалагеит (Гл 6:16; Аҟ 32:28; Аус 4:10; Рм 9:6).

  • Иллирик.

    Бырзентәыла аҩада-мраҭашәарахь ишьҭаз римтәи апровинциа. Павел ажәабжь бзиа Иллирикынӡа ирылеиҳәеит. Аха аӡәгьы издырӡом апровинциаҿы ажәабжь иҳәозу, уи аҳәаақәа рҟынӡа акәу дахьнеиз (Рм 15:19).

  • Иԥшьоу.

    Иегова иҟазшьа. Иегова дыԥшьоуп ҳәа изҳәоуп, избанзар иара зегь рыла дыцқьоуп, дыԥшьоуп (Ақәҵ 28:36; 1См 2:2; Ин 17:11). Ауаа рыӡбахә (Мк 6:20; Аус 3:21), амаҭәарқәа рыӡбахә (Рм 7:12; 11:16; 2Тм 3:15), аҭыԥқәа рыӡбахә (Мф 4:5; Аус 7:33; Аур 9:1), насгьы аусқәа рыӡбахә (Ақәҵ 36:4) анцо, ауриатә ажәеи абырзен ажәеи иаадырԥшуеит урҭ иԥшьоу Анцәа изы ишалху, Иегова имаҵ аура ишазку. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы «иԥшьоу» ҳәа еиҭагоу ажәақәа иаадырԥшуеит ауаҩы ихымҩаԥгашьа шыцқьоу (2Кр 7:1; 1Пт 1:15, 16).

  • Иԥшьоу адоуҳа.

    Иумбо, аус зуа амч. Уи амч ала Анцәа игәҭакқәа наигӡоит. Уи амч ԥшьоуп, избанзар зегь раасҭа ицқьоу, зегь раасҭа ииашоу Иегова иҟынтә ауп ишаауа, иара убас уи амч ала ауп иԥшьоу игәҭакы анагӡара дшаҿу (Лк 1:35; Аус 1:8).

  • Иԥшьоу амаӡа.

    Анцәа иазалихыз аамҭа аҟынӡа ииҵәахыз, насгьы иззааиртырц ииҭаху заҵәык ирзааиртуа (Мк 4:11; Кл 1:26).

  • Иԥшьоу аҭыԥ.

    Иԥшьоу ақьала ма аныҳәарҭа актәи ауада. Уи ауада аҩныҵҟатәи ауада — Зегь раасҭа иԥшьоу аҭыԥ — аасҭа идуун. Иԥшьоу ақьалаҿы иҟаз Иԥшьоу аҭыԥ аҿы иҟан ахьы иалхыз алашарбагеи, афимиам ахьырбылуаз ахьы иалхыз акәырбаннагарҭеи, иԥшьоу ачазы астоли. Аныҳәарҭаҿы уи ауадаҿы игылан ахьы иалхыз акәырбаннагарҭеи, ахьы иалхыз жәа-лашарбагаки, иԥшьоу ачазы жәа-столки (Ақәҵ 26:33; Аур 9:2).

  • Иԥшьоу ача.

    Иԥшьоу ақьалаҿи аныҳәарҭаҿи иҟаз Иԥшьоу аҭыԥ аҿы игылаз астол иқәыз, фба-фбала еиқәыз, Анцәа изнаргоз 12 ча. Зны-зынла уи баша ача ҳәагьы азырҳәон. Ессабша аҿыц ықәырҵон. Иқәырхыз ача аԥшьаҩцәа ракәын афара азин змаз (2Аш 2:4; Ақәҵ 25:30; Алв 24:5—9; Мф 12:4; Аур 9:2).

  • Ирод.

    Шьҭрак иатәыз рҟынтә Рим Иудеиа иаханаргылоз анапхгаҩцәа рыхьӡ. Ирод Дуӡӡа I Иерусалим иҟаз аныҳәарҭа иргылеит, иара убас Иисус дишьырц азы Вифлеем ақалақь аҿы ахәыҷқәа ршьырц адҵа ҟаиҵеит. Убри алагьы аҭоурых аҿы деицырдыруеит (Мф 2:16; Лк 1:5). Ирод Дуӡӡа I данԥсы ашьҭахь, имазара ҩыџьа иԥацәа, Ирод Архелаии Ирод Антипеи, рахь ииасит (Мф 2:22). Ирод Антипа Галилеиа напхгаҩыс даман, ажәларгьы аҳ ҳәа ишьҭан. Иара напхгара иуан Иисус хышықәсеи бжаки рыҩныҵҟа адгьыл аҿы амаҵ аниуаз, Аусқәа 12-тәи ахаҿы зыӡбахә ану ахҭысқәа рҟынӡагьы напхгаҩыс дыҟан (Мк 6:14—17; Лк 3:1, 19, 20; 13:31, 32; 23:6—15; Аус 4:27; 13:1). Иара ишьҭахь Ирод Дуӡӡа I имоҭа Ирод Агриппа I напхгаҩыс дҟалеит, аха инапхгара хара имнеиӡеит, избанзар Анцәа имаалықь уи ачымазара иирхьын, дыԥсит (Аус 12:1—6, 18—23). Уи ишьҭахь напхгаҩыс иҟалаз иԥа, Ирод Агриппа II, ауриацәа римаа ирҿагылаанӡа напхгара иуан (Аус 23:35; 25:13, 22—27; 26:1, 2, 19—32).

  • Ирод ишьҭанеицәа.

    Иродианаа ҳәагьы еицырдыруеит. Дара националистцәан, насгьы Рим аҟынтә амчра зауз Иродаа рполитика иадгылан. Уи агәыԥ асаддукеицәа шьоукы алазҭгьы ҟаларын. Ирод ишьҭанеицәеи афарисеицәеи еидгыланы Иисус иҿагылон (Мк 3:6).

  • Иуда; Иудеиа.

    Иуда — Лиа лҟынтә Иаков иоуз аԥшьбатәи иԥа. Иаков данԥсуаз, Иуда ишьҭраҿы ԥсра зқәым анапхгаҩ ду дшыҟало атәы аԥааимбаражәа иҳәеит. Иисус Иуда ишьҭраҿы диит. Иуда ишьҭраҿы ииз рыла ишьақәгылаз израильтәи абиԥарагьы Иуда ҳәа иашьҭан. Иудеиа ҳәа иашьҭан Иуда иабиԥара иатәыз адгьыл. Ԥыҭрак ашьҭахь Вениамини Иудеи рабиԥареи, аԥшьаҩцәеи, алевитцәеи зҵазкуаз аладатәи аҳра иаҵанакуаз адгьылгьы ус иашьҭан. Иудеиа иҟан Иерусалими Иегова иныҳәарҭеи (Аҟ 29:35; 49:10; Ҩнтә 27:12; Рф 1:7; 1Аҳ 12:32; Аур 7:14).

  • Иҳақәиҭу иуаххьа.

    Иҳақәиҭу Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку иҷыдоу ауаххьа. Уи ауха ицәеижь аазырԥшуа, арҵәыга злам ача рфоит, ишьа аазырԥшуа аҩы ржәуеит. Абиблиа излаҳәо ала ақьырсианцәа зегьы «Иҳақәиҭу иуаххьа» азгәарҭалароуп. Уи ауаххьа аан Христос иԥсра ргәаладыршәоит азы, уи Христос иԥсра агәаларшәара ҳәа иашьҭоуп (1Кр 11:20, 23—26).

  • Ишеибгоу ирбылуа акәырбан.

    Уи акәырбан (ацә, аҭыӷь, абаӷь, аҟәараса ма аҳәыҳә ԥшқа) назгоз ихазы акгьы нижьӡомызт, ишеибгоу ибылуан (Ақәҵ 29:18; Алв 6:9; Мк 12:33; Аур 10:6).

Л

  • Леви; алевитцәа.

    Лиа лҟынтәи Иаков иоуз ахԥатәи иԥа; иара убас ихьӡ зхыз абиԥара. Леви иԥацәа хҩык рҟынтә ихадоу алевитцәа ргәыԥқәа хԥа ҟалеит. Алевитцәа ҳәа анырҳәоз зны-зынла Леви иабиԥара зегь рыӡбахә шрымазгьы, абжьааԥны Аарон ишьҭра иатәыз аԥшьаҩцәа уахь иаҵанакӡомызт. Анцәа израильаа зықәиргәыӷыз адгьыл аҿы Леви иабиԥара рыхәҭаа шырмоузгьы, егьырҭ абиԥарақәа ирыҭаз адгьыл аҿы 48 қалақь дара ирыҭан (Ҩнтә 10:8; 1Аш 6:1; Аур 7:11).

М

  • Македониа.

    Бырзентәыла аҩадатәи аган аҿы ишьҭоу адгьыл, уи Александр Македониатәи ихаан еицырдыруа иҟалеит, насгьы римаа ирымпыҵадырхалаанӡа ахьыԥшымра аман. Апостол Павел раԥхьаӡа акәны Европа данаҭаа Македониа римтәи апровинциа акәын. Иара Македониа хынтә даҭааит (Аус 16:9).

  • Мессиа.

    Ауриатә ажәа аҟынтә иаауеит, иаанагоит «ахәша зыхьшьу», абырзен бызшәала «Христос» (Дан 9:25; Ин 1:41).

  • Мидаа.

    Иафет иԥа Мадаи иҟынтә иҟалаз ажәлар. Мидаа Ирантәи ашьхаҟьаҟьараҿы анхара иалагеит, убас ала атәыла Мидиа ҟалеит. Иерусалим 33 шықәсазы ҳ. ҳ. аан Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аназгәарҭоз, мидаагьы ыҟан (Аус 2:9).

  • Молох.

    Аммонитаа рынцәа. Малхамгьы Милкомгьы иара иакәзар ауеит (Аус 7:43).

  • Мцала еилабылуа аӡиа.

    Мцалеи тыҩшалеи еилабылуа, иара убас «аҩбатәи аԥсра» ҳәа изышьҭоу асимволтә ҵакы змоу аҭыԥ. Уахь иалажьхоит зыгәнаҳақәа ирхьымхәуа агәнаҳаҟаҵаҩцәеи, Аџьныши, «аԥсреи анышәынҭреи». Амца адоуҳатә шамҭеи, аԥсреи, анышәынҭреи ԥырхага рызнаҭаӡом, убри аҟынтә алкаа ҟаҳҵар ҳалшоит: уи аӡиа иаанарԥшуа наӡаӡа агәаҟра акәӡам, наӡаӡа ақәӡаара ауп (Аат 19:20; 20:14, 15; 21:8).

  • Мшаԥы.

    Авив (ԥыҭрак ашьҭахь нисан зыхьӡхаз амза) 14 рзы есышықәса иазгәарҭоз аныҳәа. Уи аҽны израильаа Египет ишалҵыз ргәаладыршәон. Уи аныҳәа азгәарҭарц азы асыс ма аӡыс шьны ирӡуан. Уи ауҭраҭых хкқәа рахь иаҵанакуа иашаз аҳаскьыни арҵәыга зламыз ачеи иацырфон (Ақәҵ 12:27; Ин 6:4; 1Кр 5:7).

Н

  • Нисан.

    Вавилонтәи атҟәара ашьҭахь авив убас ахьӡхеит; ауриацәа иԥшьоу рымзар аҿы актәи амза; адин иатәым амзар ала абыжьбатәи амза. Уи март азбжазы иалагон, апрель азбжазы инҵәон (Не 2:1). Ауриацәа Мшаԥныҳәа нисан 14 рзы иазгәарҭон. Иисус Христос уи аҽны Иҳақәиҭу иуаххьа аԥиҵеит (Лк 22:15, 19, 20). Убри аҽны ауп иара ашьаҟа дкыдҵаны даныршьызгьы (Лк 23:44—46).

П

Ԥ

  • Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа.

    Ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа (абырзен асе́лгеиа) ахь иаҵанакуеит ӷәӷәала Анцәа изакәан еилазго, насгьы аԥхамшьара зныԥшуа ахымҩаԥгашьа, иара убас ауаҩы амчреи, азакәани, анормақәеи пату шрықәимҵо, ишатәеимбо зныԥшуа ахымҩаԥгашьа. Агха хәыҷы ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьахь иаҵанакӡом (Гл 5:19; 2Пт 2:7).

Р

  • Раԥхьатәи аҽаҩра.

    Израильаа Иегова раԥхьатәи аҽаҩра ирҭалар акәын. Уахь иаҵанакуан раԥхьатәи аԥацәа, аԥстәқәа раԥхьатәи рԥацәа, раԥхьатәи ашәыри ауҭраҭыхи. Жәларык раҳасабала израильаа Иегова раԥхьатәи аҽаҩра изнаргон Арҵәыга злам ача аныҳәа аан, иара убас Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны. Раԥхьатәи аҽаҩра ҳәа инықәырԥшны ирызҳәоуп Христоси жәҩантәи агәыӷра змоу иҵаҩцәеи (1Кр 15:23, албаага; Ахԥ 15:21; Ажәм 3:9; Аат 14:4).

С

  • Самариа.

    Жәа-биԥарак рыла ишьақәгылаз израильтәи аҳра аҿы 200 шықәса раҟара ҳҭнықалақьны иҟаз ақалақь. Уи аҳра иаҵанакуаз адгьылгьы ус иашьҭан. Уи ақалақь Самариа ҳәа изышьҭаз ашьхаҿы иргылан. Иисус ихаан ус иашьҭан аҩада ишьҭаз Галилеиеи алада ишьҭаз Иудеиеи рыбжьара иҟаз адгьыл. Иисус Самариа ажәабжь иҳәаӡомызт, аха зны-зынла уи далсны данцоз, уа инхоз ауаа драцәажәон. Пиотр Аҳра иатәу асимволтә ҵакы змоу аҩбатәи ацаԥха ихы ианаирхәа, самариаа иԥшьоу адоуҳа роуит (1Аҳ 16:24; Ин 4:7; Аус 8:14).

  • Самариаа.

    Раԥхьа ус ирышьҭан жәа-биԥарак рыла ишьақәгылаз аҳраҿы инхоз израильаа. Аха 740 шықәсазы ҳ. ҟ. ассириаа Самариа анрымпыҵадырхала, Самариаҟа иааргаз егьырҭ атәылақәа рҟынтә ауаагьы самариаа ҳәа рзырҳәо иалагеит. Иисус ихаан уи ажәа иаанарԥшуаз ауаҩы идин акәын, иарбан жәлару ма ҳәынҭқарроу дызҵанакуаз акәӡамызт. Абжьааԥны ус рзырҳәон ажәытә Шехеми Самариеи ирылаҵәаз асекта иалахәыз ауаа. Уи асекта иатәыз ҵарақәак аиудаизм аҵарақәа даараӡа иреиԥшӡамызт (Ин 8:48).

  • Сион.

    Ахәаҿы иҟаз, ԥыҭрак ашьҭахь Иерусалим иахәҭакхаз, ақалақь-баагәара Иевус ахьӡ. Уи Иерусалим алада-мрагыларатәи аган ахь ишьҭан. Давид уи анига ашьҭахь, уа иаҳра ҭыԥ иргылеит, уи абаагәара «Давид иқалақь» ахьӡырҵеит (2См 5:7, 9). Давид ашьха Сион ахь аковчег аннеига, уи ашьха Иегова изы лымкаала иԥшьахеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Сион ҳәа азырҳәо иалагеит ашьха Мориа аҿы иҟаз аныҳәарҭа иаҵанакуаз адгьыл, зны-зынла Иерусалим зегь ус азырҳәон. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы асимволтә ҵакы амоуп (Аԥс 2:6; 1Пт 2:6; Аат 14:1).

  • Сириа; сириаа.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу, Антиохиа ҳҭнықалақьс измаз Сириа римтәи апровинциа акәын. Уи Ауриатә Ҩырақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу Сириа (Арам ҳәагьы иашьҭан) иаҵанакуаз адгьыл аиҳарак аҵанакуан. Сириа иахагылаз анапхгаҩы Палестина зегьы иаҵанакуаз аҭыԥқәагьы дырхагылан (Лк 2:2; Аус 18:18; Гл 1:21).

  • Сирт.

    Ливиа (Аҩадатәи Африка) аԥшаҳәаҿы иҟоу ҩ-ӡыбжьахала дук рыхьӡ. Ажәытәан амшынуаа урҭ аӡыбжьахалақәа ирыцәшәон, избанзар аӡы ааскьареи анаскьареи ирыхҟьаны амшын аҵаҿы зны ана, зны ара аԥслымӡ рацәахон (Аус 27:17).

  • Соломон ибарҵа ду.

    Иисус ихаан адәахьтәи ашҭа мрагыларатәи аган аҿы ихыбыз абарҵа. Уи абарҵа Соломон иныҳәарҭа иацәынхаз абарҵа ауп ҳәа ргәы иаанагон. Уа аӡынра Иисус днеи-ааилон, раԥхьатәи ақьырсианцәагьы Анцәа имҵахырхәаларц азы уа еизалон (Ин 10:22, 23; Аус 5:12).

Т

  • Тартар.

    Анцәа иҳәатәы иахыԥаз амаалықьцәа Нои ихаан Анцәа изҭаиргылаз илаҟәу, ихьымӡӷу, абахҭа иеиԥшу аҭагылазаашьа. 2 Пиотр 2:4 аҿы иуԥыло аҟаҵарба тартаро́о (иаанагоит «тартар аҭажьра»), иаанагаӡом «агәнаҳа ҟазҵаз амаалықьцәа» амифқәа рҿы зыӡбахә ҳәоу тартар (еиҵоу анцәақәа ахьҭаку адгьыл аҵаҿы иҟоу абахҭеи алашьцареи) иҭарыжьит ҳәа. Уи иаанаго Анцәа урҭ ажәҩан аҿы иааныркылоз ҳаҭыр зқәыз аҭыԥи анхарҭеи рымхны ишылаирҟәыз ауп. Иара урҭ рыхшыҩ алашьцара еиқәаҵәа ахаирԥеит, игәҭакы лаша рзеилымкааларц азы. Дара аԥеиԥш еиқәаҵәа рзыԥшуп: Абиблиа излаҳәо ала, рнапхгаҩы Аҩсҭаа Аџьныши дареи ҿааҳәыра рмоуа наӡаӡа иқәгахоит. Убасала, тартар иаанаго Анцәа иҿагылаз урҭ амаалықьцәа зҭагылоу уаҳа ларҟәышьа змам ихьымӡӷу аҭагылазаашьа ауп. Уи Аатра 20:1—3 аҿы зыӡбахә ҳәоу «атымитыша» иаларҩашьатәым.

Х

  • Халдеиаа.

    Аӡиасқәа Тигри Евфрати ахьеилалоз аҭыԥ иацәыхарамкәа инхоз ауаа. Аԥхьанатә зегь раасҭа ихадаз халдеиаа рықалақь — Авраам иџьынџь Ур акәын (Аус 7:4).

  • Христос.

    Иисус ититул. Абырзен бызшәа аҟынтә иаагоу ари ажәа ауриа бызшәала иаанагоит «мессиа; ахәша зыхьшьу» (Мф 1:16; Ин 1:41).

  • Христос ихынҳәра.

    Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы џьара-џьара иуԥыло арҭ ажәақәа рыла иаарԥшуп Иисус Христос аҳ иеиԥш амчра иманы иубарҭамкәа дааны даныҟоу аамҭа. Уи аамҭа алагеит ажәҩан аҿы Аҳас даныҟала, ари адунеи цәгьа аҵыхәтәантәи амшқәа рыҩныҵҟагьы ацара иаҿуп. Христос ихынҳәра иаанаго дааны иаразнак дышцо акәӡам. Уи иаҵанакуа аамҭа кьаҿк акәӡам, ԥыҭраамҭак аҵанакуеит (Мф 24:3).

Ҳ

  • Ҳзыԥсам ақьиара.

    Абырзен ажәа ха́рис иаанарԥшуеит ак узҭо иааирԥшуа агәыҭбаареи ақьиареи. Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара аӡбахә анцо, уи ажәа иаанарԥшуеит Анцәа ацымхәра дазыԥшӡамкәа ауаа рахь иааирԥшуа агәыҭбаареи гәык-ԥсыкала иааирԥшуа абзиабареи ақьиареи. Уи иаԥсоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам, ахаангьы иузырҳаӡом. Уи злауоуа иузҭо иааирԥшуа агәыҭбаара абзоурала заҵәык ауп (2Кр 6:1; Еф 1:7). Абырзен ажәа иара убас «аразра», насгьы «гәыҭбаарала иҟаҵоу аҳамҭа» ҳәа еиҭоугар ауеит (Лк 2:40; 2Кр 9:5).

Ш

  • Шарԥыеҵәа.

    Амра гылаанӡа алаԥшҳәааҿы ицәырҵуа, амш ҿыҵ шалаго иадыргоу аҵыхәтәантәи аеҵәа (Аат 22:16; 2Пт 1:19).

Џь

  • Џьанаҭ.

    Апарк ԥшӡа ма апарк иеиԥшу абаҳча. Иегова раԥхьа иишаз хаҵеи-ԥҳәыси уи аҩыза аҭыԥ ԥшӡаҿы инирхеит. Уи Едем ахьӡын. Иисус ивараҿы ашьаҟа икыдыз ацәгьаҟаҵаҩ даниацәажәоз, адгьыл зегь џьанаҭны ишыҟало иҳәеит. 2 Коринфаа рахь 12:4 аҿы зыӡбахә ҳәоу «џьанаҭ» иҟалараны иҟоу џьанаҭ ауп, Аатра 2:7 аҿы зыӡбахә ҳәоу — жәҩантәи џьанаҭ ауп (Ашә 4:13; Лк 23:43).