Аатра 12:1—17

  • Аԥҳәыси, ахәыҷи, агәылшьаԥи (1—6)

  • Михаил агәылшьаԥ дабашьуеит (7—12)

    • Агәылшьаԥ алырбганы адгьыл ахь икажьуп (9)

    • Аџьныш идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу (12)

  • Агәылшьаԥ аԥҳәыс илышьҭашәарыцоит (13—17)

12  Уи ашьҭахь сара ажәҩан аҿы узыршанхоз хҭыск* збеит. Сара дызбеит амра ала еилаҳәаз аԥҳәыс, лшьапаҵаҟа амза ыҟан, агәыргьын еиԥш 12 еҵәа лхагылан.  Уи аԥҳәыс лцәалтәымкәа дыҟан. Лыхшараиура аамҭа ааит азы, ахьаақәа ддыргәаҟуан, уажәы-уажәы арҵәаа-арҵәаа ҳәа дыҳәҳәон.  Уи ашьҭахь узыршанхоз даҽа хҭыскгьы збеит. Избеит быжь-хыки жәа-тәыҩаки зхагылаз иҟаԥшьы-уаркалеиуаз агәылшьаԥ ду. Уи быжь-диадемак ахагылан.  Агәылшьаԥ аҵыхәа аҟьан, ажәҩан икыдыз аеҵәақәа ахԥатәи рыхәҭа кыдҳәаны, адгьыл ахь иканажьит. Уи агәылшьаԥ аԥҳәыс лҿаԥхьа игыланы ахшара данлоуа ҳәа иԥшын, лхәыҷы дылбаанадарц азы.  Аԥҳәыс аԥа длоуит. Уи аиха иалху алабашьа ала ажәларқәа зегьы напхгара рзиулоит. Ахәыҷы дшааиҵәҟьаз еиԥш иаразнак аҳ итәарҭаҿы итәоу Анцәа иахь дган.  Аԥҳәыс лакәзар, Анцәа лара лзы аҭыԥ ахьирхиаз ацәҳәырахь дыҩны дцеит. Уа лара 1 260 мшы акрылҿарҵалар акәын.  Ажәҩан аҿы аибашьра алагеит. Михаил имаалықьцәеи иареи агәылшьаԥ иабашьуан, агәылшьаԥ акәзар, амаалықьцәеи иареи урҭ ирабашьуан,  аха иаҵахеит, уаҳа дара рзы ажәҩан аҿы аҭыԥ ыҟамызт.  Убас агәылшьаԥ ду — ажәытә маҭ — адунеи зегь зжьо, Аџьныши Аҩсҭааи ҳәа изышьҭоу, алырбганы адгьыл ахь икажьын, иалырбганы икажьын уи амаалықьцәагьы. 10  Убасҟан исаҳаит ажәҩан аҟынтә быжь дук абас шаҳәаз: «Иааит аиқәырхареи, амчи, Ҳанцәа Иаҳреи, уи Христос иакәны иалихыз имчреи раамҭа. Адгьыл ахь далырбганы дкажьуп ҳашьцәа ахара рыдызҵо, Анцәа иҿаԥхьа урҭ уахи-ҽни иҟам-ианым рзызҳәо! 11  Дара уи Асыс ашьалеи ирҳәоз ажәабжь алеи ииааит, аԥсра алакҭа ишҭаԥшуазгьы аԥсра иацәымшәаӡеит. 12  Угәырӷьала ажәҩан, шәгәырӷьала уа инхо зегьы. Арыцҳара шәзыԥшуп, адгьыли амшыни, избанзар шәара шәахь зыԥсахы еибакны иҟоу Аџьныш дылбааит, иара идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу». 13  Агәылшьаԥ адгьыл ахь ишалырбгаз анеилнакаа, аԥа дзауз аԥҳәыс лышьҭашәарыцара иалагеит. 14  Аха аԥҳәыс ауарбажә амҵәыжәҩа дуқәа ҩба лыҭан, лҭыԥ ахьырхиаз ацәҳәырахь дыԥрырц азы. Уа, амаҭ иацәыхараз аҭыԥ аҿы, лара аамҭаки, ҩ-аамҭаки, аамҭабжаки акрылҿарҵалар акәын. 15  Усҟан амаҭ аҿы аанартын, аԥҳәыс аӡиас лышьҭанаҵеит, дӡааҟәрыларц азы. 16  Аха аԥҳәыс адгьыл лыцхрааит. Уи аҿы аанартын, агәылшьаԥ иаанашьҭыз аӡиас лбаанадеит. 17  Агәылшьаԥ аԥҳәыс лгәаӷ акын, илхылҵыз рҟынтә инхаз, Анцәа изакәанқәа назыгӡо, Иисус иӡбахә аҳәара дҵас изду рабашьра иалагеит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыргак».