Аатра 5:1—14

  • Бжьы-мҳәырк змоу ашәҟәеикәарҳә (1—5)

  • Асыс ашәҟәеикәарҳә агоит (6—8)

  • Асыс амҳәырқәа рамхра иаԥсоуп (9—14)

5  Сара избеит аҳ итәарҭаҿы итәаз иарӷьа напаҿы ашәҟәеикәарҳә шикыз. Уи аҩныҵҟалагьы адәахьалагьы иҩны иҟан, бжьы-мҳәырк рылагьы иҷабны иаркын.  Иара убас дызбеит иӷәӷәаз амаалықь, иара ибжьы ҭыганы абас дҵаауан: «Ари ашәҟәеикәарҳә иақәгылоу амҳәырқәа амхны, аартра иаԥсоу ӡәыр дыҟоума?»  Аха ажәҩан аҿгьы, адгьыл аҿгьы, адгьыл аҵаҿгьы уи ашәҟәеикәарҳә аартра ма ахәаԥшра зылшоз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.  Усҟан сара еимаҭәаны аҵәыуара салагеит, избанзар ашәҟәеикәарҳә аартра ма ахәаԥшра иаԥсаз ҳәа аӡәгьы дҟамлаӡеит.  Аха аиҳабацәа руаӡәк ус сеиҳәеит: «Умҵәыуан. Иуда ишьҭра иатәу Алым, Давид идац-ԥашә, аиааира игеит, убри аҟынтә иара ашәҟәеикәарҳә иамоу бжьы-мҳәырк амхны, аартра илшоит».  Аҳ итәарҭа ахьыҟаз аҭыԥ агәҭаны, ԥшьҩык ахерувимцәеи* аиҳабацәеи рыгәҭаны, асыс шгылаз збеит. Уи кәырбанс инагаз асыс иеиԥшын, быжь-тәыҩак ахагылан, быжь-блак аман. Урҭ аблақәа адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ишьҭу, Анцәа иитәу быжь-доуҳак аадырԥшуеит.  Уи Асыс аҳ итәарҭаҿы итәаз иахь инеин, иарӷьа напаҿы иикыз ашәҟәеикәарҳә агеит.  Усҟан ԥшьҩык ахерувимцәеи 24-ҩык аиҳабацәеи Асыс аҿаԥхьа ишьамхышгылеит. Аиҳабацәа аҩымаақәа ркын, афимиам ала иҭәыз, ахьы иалхыз агәыблаақәагьы рыман. (Афимиам иаанарԥшуа иԥшьоу ауаа Анцәа иахь идырхо аҳәарақәа роуп.)  Дара ашәа ҿыц рҳәон: «Уара ашәҟәеикәарҳә ганы, иаархоу амҳәырқәа рамхра уаԥсоуп, избанзар уара кәырбанс унаган, ушьала Анцәа изы ауаа ааухәеит — биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа. 10  Уара урҭ аҳцәас, насгьы Ҳанцәа изы ԥшьаҩцәас иҟауҵеит. Дара адгьыл напхгара азырулоит». 11  Сара избеит аҳ итәарҭаҭыԥи, ахерувимцәеи, аиҳабацәеи иаарыкәыршаны ԥхьаӡашьак змамыз амаалықьцәа шыҟаз, рыбжьгьы саҳаит. Урҭ рхыԥхьаӡара амириадақәа рмириадақәеи азқьқәа рызқьқәеи рҟынӡа инаӡон. 12  Дара рыбжьы ҭыганы абас рҳәон: «Кәырбанс инагаз Асыс заҵәык ауп амчреи, амали, аҟәыӷареи, амчи, аҳаҭыри, ахьӡ-аԥшеи, аҽхәаԥхьыӡи ирыԥсоу». 13  Усҟан сара исаҳаит ажәҩан аҿи, адгьыл аҿи, адгьыл аҵаҿи иҟаз ашамҭақәа зегьы, иара убас амшын иҭаз ашамҭақәа зегьы абас шырҳәоз: «Аҳ итәарҭаҿы итәоу Анцәеи Асыси наунагӡа ирыгымзааит аҽхәаԥхьыӡ, аҳаҭыр, ахьӡ-аԥша, амч». 14  Ԥшьҩык ахерувимцәа: «Амин!» — рҳәеит, аиҳабацәагьы шьамхышгыланы Анцәа имҵахырхәеит.

Албаагақәа

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.