Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 7:1—60

  • Стефан Асинедрион аԥхьа дцәажәоит (1—53)

    • Апатриархцәа раамҭа (2—16)

    • Моисеи израильаа раԥхьагылаҩ иоуп; израильаа аидол иамҵахырхәоит (17—43)

    • Анцәа ауаа идыргыло аҩнқәа рҿы дынхаӡом (44—50)

  • Стефан ахаҳә дадыргоит (54—60)

7  Усҟан аԥшьаҩ хада дҵааит: «Ирҳәо иашоума?»  Стефа́н иҳәеит: «Сашьцәа, сабацәа, шәысзыӡырҩы. Ҳаб Авраам Месопотамиа далҵны Хара́нҟа дцаанӡа, хьӡи-ԥшеи згым Анцәа дизнеин,  ус иеиҳәеит: „Удгьыли ууацәеи ааныжьны, иусырбо адгьыл ахь уца“.  Усҟан иара халдеиаа рыдгьыл далҵны, Хара́нҟа нхара дцеит. Уа иаб данԥсы ашьҭахь, Анцәа уи адгьыл ааныжьны, уажәы шәахьынхо адгьыл ахь диасырц иеиҳәеит.  Анцәа ара Авраам дгьыл ҿаҵакгьы иимҭаӡеит, аха ихылҵуеи иареи ари адгьыл шриҭо дақәиргәыӷит, усҟан иара ахшара ҳәа аӡәгьы дышимамызгьы.  Уи адагьы, Анцәа Авраам иеиҳәеит, ихылҵуа атәым дгьыл аҿы ишынхало, уа маҵуцәас ишыҟарҵо, 400 шықәсагьы ишдыргәаҟло.  „Аха сара урҭ маҵуцәас иҟазҵо ажәлар срықәыӡбоит, уи ашьҭахь дара уи адгьыл иалҵуеит, насгьы ари аҭыԥ аҿы сымаҵ рулоит“, — иҳәеит Анцәа.  Анцәа Авраами иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра бжьеиҵеит. Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Авраамгьы Авраам ихылҵуаз аҷкәынцәагьы раԥхьатә хырсар акәын. Убри аҟынтә Исаак дани ашьҭахь 8 мшы анҵы, Авраам уи иаԥхьатә хисеит. Исаак Иаков дихылҵит, Иаков — 12-ҩык аԥацәа ихылҵит*. Урҭ 12 биԥара рхадацәа ракәхеит.  Абиԥарақәа рхадацәа Иосиф иҵашьыцны Египетҟа дырҭиит, аха Анцәа уи дицын, 10  дзықәшәоз арыцҳарақәагьы дрылигон. Иара уи аҟәыӷара ииҭеит. Египеттәи аҳ, афараон, игәы дақәшәартә еиԥшгьы иҟаиҵеит. Убри аҟынтә афараон уи Египетгьы иҩнгьы дахаиргылеит. 11  Египети Ханаа́ни арыцҳара ду иақәшәеит — амлакра ҟалеит, ҳабацәагьы ирфо рмоуа иқәхеит. 12  Аха Иаков Египет ачарыц шыҟоу иаҳан, ҳабацәа уахь ишьҭит. 13  Даҽазнык ианишьҭ, Иосиф иашьцәа ихы дирдырит. Афараонгьы Иосиф иҭаацәа рыӡбахә иаҳаит. 14  Усҟан Иосиф иаб Иакови иуацәеи Ханаа́нынтә иара иахь инеирц наицҳаит. Инеиз 75-ҩык ыҟан. 15  Нас Иаков Египетҟа нхара диасит. Уа иара дыԥсит, ҳабацәа рабацәагьы уа иԥсит. 16  Урҭ рыбаҩқәа Шехе́мҟа иааргеит, насгьы Авраам Хамо́р иԥацәа рҿы раӡныла иааихәаз адамра иҭарҵеит. 17  Анцәа Авраам ииҭахьаз ажәа наӡараны ианыҟаз аамҭа ааигәахо ианалага, Египет инхоз Иаков ихылҵыз ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахо, еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо иалагеит. 18  Аха Египет дахагылеит Иосиф дыззымдыруаз даҽа аҳак. 19  Иара ҳажәлар гызмалрыла дрызныҟәон, асабицәа ԥсларц азы абацәа рысабицәа кармыжьыр ада ԥсыхәа рмоуа аҟынӡа инеигон. 20  Убри аамҭазы диит Моисеи. Иара уамакала дыԥшӡан*, хымз рыҩныҵҟа иаб иҩнаҭаҿы драаӡон. 21  Аха иҭаацәа даанырмыжьыр ада ԥсыхәа анырмоу, афараон иԥҳа длыԥшаан, лыҷкәын иеиԥш длааӡеит. 22  Моисеи Египет иреиӷьыз аҵара иоуит. Иара аҿаԥыц ӷәӷәа иҿан, иус аҿгьы дыӷәӷәан. 23  Моисеи 40 шықәса анихыҵ, иашьцәа, израильаа, шынхоз ибарц иӡбеит. 24  Иара ибеит, Египет иатәыз аӡәы израильаа руаӡәк ииашамкәа дышизныҟәоз. Убри аҟынтә иашьа ишьа иурц азы дидгылан, Египет иатәыз уи ахаҵа дишьит. 25  Иара игәы иаанагон, иашьцәа еилыркаауеит ҳәа Анцәа иара ила ишеиқәирхо, аха ирзеилымкааӡеит. 26  Адырҩаҽны дара рахь днеин, ҩыџьа аисра ишаҿыз даарыдгылеит. Урҭ еиниршәарц азы абас реиҳәеит: „Шәеишьцәами, уара, шәзеибапҟои?“ 27  Аха зашьа дзыпҟоз Моисеи днаигәҭасын, ус иҳәеит: „Уара еиҳабыс, ӡбаҩыс уҳазҭада? 28  Иацы Египет иатәыз ахаҵа дшушьыз еиԥш аума саргьы сушьырц шуҭаху?“ 29  Моисеи ари аниаҳа, дыбналаны Мадианҟа дцан, уаҟа анхара далагеит. Уа иара ҩыџьа аԥацәа иоуит. 30  Ицеит 40 шықәса. Моисеи Синаи ашьха ашьапаҿы иҟаз ацәҳәыраҿы даныҟаз, амца зкыз ачықь а́гәҭа амаалықь дизцәырҵит. 31  Моисеи иибаз џьеишьеит. Изакәу збап ҳәа даназааигәаха, Иегова* ибжьы иаҳаит: 32  „Сара уабацәа рабацәа Рынцәа соуп — Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа“. Моисеи дшәан, аҵыс-ҵысра далагеит, игәаӷьны уаҳагьы ачықь дамыхәаԥшӡеит. 33  Иегова Моисеи ус иеиҳәеит: „Уеимаақәа ушьх, избанзар узықәгылоу адгьыл ԥшьоуп. 34  Сара избеит, египтаа сыжәлар шдыргәаҟуа, бӷеиҵыхрак шрырымҭо, исаҳаит рыӷызбжьы. Сара урҭ еиқәсырхарц азы сааит. Убри азы Египетҟа усышьҭуеит“. 35  Аха „еиҳабыс, ӡбаҩыс уҳазҭада“ ҳәа ҳәаны мап зцәыркыз убри Моисеи Анцәа ачықь аҿы ицәырҵыз амаалықь ила еиҳабысгьы, еиқәырхаҩысгьы дриҭеит. 36  Уи ауаҩ урҭ Египет иалигеит. Моисеи убраҟагьы, Амшын ҟаԥшь аҿгьы аџьашьахәқәеи узыршанхоз аусқәеи ҟаиҵон, иара убас 40 шықәса рыҩныҵҟа ацәҳәыраҿгьы аџьашьахәқәа ҟаиҵон. 37  Моисеи иоуп израильаа абас разҳәазгьы: „Анцәа шәашьцәа рҟынтә сара исеиԥшу аԥааимбар дшәиҭоит“. 38  Иара иоуп ацәҳәыраҿы израильтәи ажәлар ирыцыз, Синаи ашьхаҿы изцәырҵыз амаалықьгьы уа дицын, иара иоуп ҳабацәа рабацәа ирацәажәоз, иара иоуп Анцәа иҟынтә зыԥсы ҭоу ажәақәа зауз, ҳара ҳҟынӡа иааигарц азы. 39  Аха ҳабацәа Моисеи изыӡырҩра рҭахымхеит азы, мап ицәыркит. Египетҟа ахынҳәра рҭаххан, 40  Аарон ус иарҳәеит: „Ҳаԥхьа игыланы ицало анцәақәа ҳзыҟаҵа, избанзар Египет ҳалызгаз ари Моисеи ихьыз ҳаздырӡом“. 41  Усҟан урҭ аҳәыс асахьа аҭаны анцәахәы ҟарҵан, акәырбанқәа азнарго иалагеит. Нас уи ахьӡала аныҳәагьы ҟарҵеит. 42  Убри азы Анцәа урҭ аанижьит, ирҭаху ҟарҵалааит, ажәҩан икыду амреи, амзеи, аеҵәақәеи ирымҵахырхәалааит ҳәа дырԥырҵит. Убри аӡбахә аԥааимбарцәа рышәҟәаҿгьы иануп. Уа иҳәоуп: „Израильаа, сара сакәызма ацәҳәыраҿы шәаныҟаз 40 шықәса рыҩныҵҟа акәырбанқәа зызнажәгоз? 43  Шәара Моло́х иқьалеи анцәахәы Римфа́н ииаҵәеи шәыманы шәықәын. Урҭ аидолқәа зыҟашәҵаз шәрымҵахырхәаларц азоуп. Убри азы Вавилон аасҭа ихароу аҭыԥ ахь шәахганы шәыргартә еиԥш иҟасҵоит“. 44  Ацәҳәыраҿы ҳабацәа аршаҳаҭга-қьала рыман. Дара уи ақьала Анцәа Моисеи ишиеиҳәаз еиԥш, ишиирбаз еиԥш иҟарҵеит. 45  Уи ақьала урҭ ирхылҵыз ирҭынхеит. Иисус Навини дареи Анцәа иқәицаз ажәларқәа рыдгьыл ахь ианаа, уи ақьалагьы ааргеит. Давид дахьынӡаҟаз, уи ақьалагьы уи адгьыл аҿы иҟан. 46  Давид Анцәа игәы иақәшәоз уаҩны дҟалеит. Иара Иаков Инцәа изы аҩны иргыларц шиҭаху иҳәеит. 47  Аха уи аҩны зыргылаз Соломон иакәхеит. 48  Аха Хыхь иҟоу Анцәа Ду ауаа идыргыло аҩнқәа рҿы акәӡам дахьынхо. Уи иазкны аԥааимбар иҳәоит: 49  „Ажәҩан — стәарҭаҭыԥ ауп, адгьыл — сшьапқәа ахьықәсыргыло ҭыԥуп. Иарбан ҩну исызшәыргылараны иҟоу? — иҳәоит Иегова. — Иабаҟоу сынхарҭаҭыԥ? 50  Сара сакәӡами абри зегьы зшаз?“ 51  Уаҩ ииҳәо змаҳауа, згәы хаҳәу*, злымҳа џьгәоу ауаа! Шәара есымша иԥшьоу адоуҳа шәаҿагылоит. Шәабацәа иҟарҵоз ауп шәаргьы иҟашәҵо. 52  Дарбан ԥааимбару шәабацәа зышьҭамшәарыцоз? Дара Ауаҩ Иаша даараны дшыҟаз зҳәоз аԥааимбарцәа ршьит. Шәара уи Ауаҩ Иаша дҭины дышәшьит. 53  Анцәа амаалықьцәа рыла азакәан шәиҭеит, аха шәара уи нашәыгӡаӡомызт». 54  Ари анраҳа, игәаӷ кны, рхаԥыц аҿҿа арго ихәаԥшуа иалагеит. 55  Аха иԥшьоу адоуҳа ала иҭәыз Стефа́н ажәҩан данаҵаԥш, Анцәа ихьӡ-иԥшеи Анцәа иарӷьарахь игылаз Иисуси ибеит, 56  иагьиҳәеит: «Избоит ажәҩан шаату, дызбоит Анцәа иарӷьарахь игылоу ауаҩытәыҩса Иԥа». 57  Аха дара рнацәкьарақәа рыла рлымҳақәа рыџьгәан, ишрымчыз еибарҳәҳәо, Стефа́н иқәпапеит. 58  Уи ашьҭахь ақалақь далырган, ахаҳәқәа игәыдҵара иалагеит. Амц ҳәаны ахара идызҵаз хыхьтәи рымаҭәа ршәырхын, Савл зыхьӡыз арԥыс ишьапаҿы ишьҭарҵеит. 59  Ахаҳә данадыргоз, Стефа́н Иисус иахь ихы ирхан, ус иҳәеит: «Исықәиҭу, Иисус, иудкыл сыԥсы». 60  Нас дшьамхышгылан, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Иегова, суҳәоит, рыгәнаҳа иаҭоумҵан». Абри ааиҳәан, дыԥсит*.

Албаагақәа

Мамзаргьы иҟалап «Исаакгьы Иаков иаԥхьатә хисеит, Иаковгьы 12-ҩык иԥацәа раԥхьатә хисеит».
Ма «Анцәа изы дыԥшӡан».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «згәы хсам».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыцәеит».