Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 3:1—26

  • Пиотр знапы ауаа ирымҵакны итәаз ицыркьуаз ахаҵа дихәышәтәуеит (1—10)

  • Пиотр Соломон ибарҵа ду аҿы ажәахә иҳәоит (11—26)

    • Анцәа зегь еиҭашьақәиргылоит (21)

    • Моисеи иеиԥшу аԥааимбар (22)

3  Пиотри Иоанни аныҳәарҭахь амҩа иқәын. Шьыбжьон, асааҭ 3 раҟара* ыҟан, Анцәа иҳәара иаамҭан.  Убри аамҭазы уахь днаргеит ицыркьуаз хаҵак. Иара дааиижьҭеи дцыркьуан. Уи есыҽны Агәашә ԥшӡа ҳәа изышьҭаз аныҳәарҭа агәашә аԥхьа ддыртәон, аныҳәарҭахь инеиуаз ауаа инапы рымҵакны дрыҳәаларц азы.  Пиотри Иоанни аныҳәарҭа агәашә ишҭалоз аниба, урҭгьы инапы рымҵеикит.  Дара ниҿаԥшын: «Уҳахәаԥш», — ҳәа иарҳәеит.  Иаргьы ак сырҭондаз ҳәа ила ҭраа днарҿаԥшит.  Усҟан Пиотр иҳәеит: «Ахьи араӡни сымаӡам, аха исымоу усҭоит. Назареттәи Иисус Христос ихьӡала иуасҳәоит: угыланы, аныҟәара уалага!»  Абас наиаҳәаны, Пиотр ахаҵа иарӷьа напы кны диргылеит. Ахаҵагьы ишьапқәа иаразнак иӷәӷәахеит.  Ашырҳәа ишьапы дҩықәгылан, аныҟәара далагеит, нас дынкаԥа-аакаԥо, Анцәа дырҽхәо, Пиотри Иоанни дрыцны аныҳәарҭахь днеит.  Уа иҟаз зегьы ирбеит уи ахаҵа дышныҟәоз, насгьы Анцәа дышҳареикуаз. 10  Агәашә ԥшӡаҿы ауаа знапы рымҵакны итәаз шиакәыз анеилыркаа, даараӡа иџьаршьеит, иҟалазгьы агәра рызгомызт. 11  Иара Пиотри Иоанни рнапы кны дрыцнаҵы, ишанханы иҟаз ауаа еибарыҩуа инеин, Соломон ибарҵа ду* аҿы ирыкәшаны иаагылеит. 12  Пиотр уи аниба, ажәлар ус реиҳәеит: «Израильаа, иҟалаз зџьашәшьои? Ари ауаҩ ҳамчала аныҟәара далагазшәа, ма гәыкала Анцәа ҳахьизиашоу абзоурала уи ҳалшазшәа шәызҳахәаԥшуеи? 13  Шәара Иисус ауаа дрышәҭеит, дыршьырц азы, Пилат иҿаԥхьа мап ицәышәкит, иара уи доуишьҭырц шиҭахызгьы. Аха Авраами, Исааки, Иакови Рынцәа, ҳабацәа рабацәа Рынцәа, Имаҵзуҩы — Иисус — дҳареикит. 14  Шәара Анцәа иҿаԥхьа ииашаз уи ауаҩы цқьа мап ицәышәкит, насгьы Пилат шәиҳәеит, ашьра ҟазҵаз ауаҩы доуишьҭырц. 15  Шәара аԥсҭазаара ҳазҭо Аԥхьагылаҩ дышәшьит, аха Анцәа уи иԥсы ҭеиҵеит, ҳара зегьы уи ҳаблала иаҳбеит. 16  Ижәбо, ижәдыруа ари ахаҵа ишьапқәа злаӷәӷәахаз Иисус ихьӡ абзоуралеи игәра ахьаҳго абзоуралеи ауп. Ишыжәбо еиԥш, Иисус иахь иҳамоу ахаҵара ари ахаҵа дахәышәтәит. 17  Сашьцәа, издыруеит шәнапхгаҩцәа реиԥш шәаргьы иҟашәҵоз шышәзеилымкаауаз. 18  Аха убасала Анцәа инаигӡеит Иалихыз* дгәаҟраны дыҟоуп ҳәа аԥааимбарцәа зегь рыла ииҳәахьаз ажәақәа. 19  Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәы, шәҽышәыԥсах*, шәыгәнаҳақәа шәанажьхарц азы, Иегова* аҭынчра шәиҭарц* азы, 20  насгьы ишәзалихыз Христос — Иисус — дааишьҭырц азы. 21  Анцәа ажәытәан гәыкала имаҵ зуаз иԥшьоу аԥааимбарцәа рыла иҳәахьан, мышкызны зегь шеиҭашьақәиргыло. Уи аамҭа ааиаанӡа Иисус ажәҩан аҿы дыԥшызароуп. 22  Моисеи иҳәеит: „Шәынцәа Иегова шәашьцәа рҟынтә сара исеиԥшу аԥааимбар дшәиҭоит. Ииҳәо зегь ҟашәҵала. 23  Уи Аԥааимбар изымӡырҩуа дықәгахоит“. 24  Самуил инаиркны аԥааимбарцәа зегьы арҭ амшқәа рыӡбахә аартны ирҳәон. 25  Шәара аԥааимбарцәа ирхылҵыз шәоуп. Урҭ аԥааимбарцәа Анцәа шәабацәа рабацәеи иареи рыбжьара ибжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра аӡбахә рҳәон. Уи аиқәшаҳаҭра шәаргьы ишәызкуп, избанзар Анцәа Авраам иеиҳәахьан: „Уара иухылҵуа ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегь ныҳәахоит“. 26  Анцәа раԥхьа шәара шәахь ауп Имаҵзуҩы дахьааишьҭыз, шәус цәгьақәа рааныжьра дшәыцхраарц, насгьы шәиныҳәарц азы».

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ».
Уи абарҵа ахыб агәашьақәа аҵагылан.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Христос», иаанагоит «ахәша зыхьшьу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәааҳәы».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «шәымч ҭеиҵарц».