Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

 А2

Ари аиҭага аҷыдарақәа

Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭага «Адунеи ҿыц» англыз бызшәала раԥхьаӡа акәны иҭыҵит 1950 шықәсазы, Абиблиа аиҭага «Адунеи ҿыц» шеибгоу иҭыҵит 1961 шықәсазы. Иахьа уи 250 бызшәа инареиҳаны рыла иҟоуп. Жәа-миллионҩыла аԥхьаҩцәа ииашоу, еилукаартә иҟоу, зыԥхьара мариоу Иԥшьоу Аҩыра ари аиҭага иргәарԥханы иаԥхьоит.

Аиҭага «Адунеи ҿыц» акомитет иалахәу еилыркааит иахьатәи аԥхьаҩ игәаҵанӡа инеиуа Абиблиа аиҭага шаҭаху. Уи азы абарҭ ахықәкқәа ықәдыргылеит:

  • Имариоу, иахьа ауаа злацәажәо абызшәа рхы иадырхәаларц. Иаҳҳәап, ажәытә ажәақәа «акалҭшьҭаныҟәара, акалҭбааԥсра» еиҭагоуп «асексуалтә ламысдара» ҳәа, ажәа «аԥсҳара» еиҭагоуп «аҳра» ҳәа (Галатаа 5:19; Матфеи 6:10).

  • Зеилкаара мариам абиблиатә ажәақәа рҭыԥан егьырҭ ажәақәа рхы иадырхәаларц. Абиблиа аиҭагара аан рхы иадырхәоз ажәақәа лассы-лассы реилкаара мариамызт, урҭ ҵакыс ирымаз еиҭаҳәатәын. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иуԥыло абырзен ажәа ҳа́дес иԥсхьоу ахьыҟоу, асимволтә ҵакы змоу ҭыԥуп. Аха уи ажәа ззымдыруа рацәаҩуп, уи адагьы, уи ажәа абырзен мифологиа иадҳәалоуп, уи иахҟьаны ҩ-ҵакык амоуп. Ари аиҭагаҿы уи ажәа «анышә, анышәынҭра» ҳәа еиҭагоуп, избанзар убриоуп Абиблиа зыҩуаз ирҳәарц ирҭахыз. Ажәа ҳа́дес албаагақәа рҿы иуԥылоит (Аусқәа 2:27).

    Абырзен ажәа ԥсихе́ лассы-лассы «аԥсы» ҳәа еиҭаргоит. Аконтекст зеиԥшроу еиԥш уи ажәа иаанагозар ауеит: 1) ауаҩы, 2) ауаҩы иԥсҭазаара, 3) аԥстәқәа, 4) ауаҩы игәаҳәара, зны-зынла 5) иԥсхьоу ауаа. Аха ари ажәа аԥсуа бызшәаҿы ус рхы иахьадмырхәо ыҟоуп, убри аҟынтә иӡбан ажәа ҵакыс иамоу инақәыршәаны аиҭагара, убри аамҭазгьы иацҵан албаага «Ма „аԥсы“». (Шәахәаԥш, иаҳҳәап, Матфеи 6:25.) Аха џьара-џьара ажәа «аԥсы» ихадоу атекст аҿы иаанрыжьырц рыӡбеит. Зны-зынла уи ажәа аԥхьаҩ Ажәар ахь дхьазырԥшуа, ма иаанагозар алшо даҽа вариантк ахьаагоу албаага ацуп (Матфеи 22:37).

    Убас еиԥш, ажәа «аҷаҷа» Аатра 2:23 аҿы инықәырԥшу аҵакы амоуп, иаанагоит «ауаҩы игәы иҭаҵәаху ахәыцрақәа». Ари ажәеинраалаҿы ажәа иаанаго ихадоу атекст аҿы иаагоуп, иара ахаҭа албаагаҿы иаагоуп.

  • Аԥхьара мариазарц. Ахыԥхьаӡарақәа ажәала ианҩу, аԥхьара цәгьоуп. Убри аҟынтә ари аиҭагаҿы ахыԥхьаӡарақәа еиҳарак цифрала иаагоуп.

Егьырҭ аҷыдарақәа

Ари аҭыжьымҭаҿы албаагақәа еихшоуп абас:

  • «Ма» Убри аҩыза аҵакы аазырԥшуа даҽа вариантк (Матфеи 1:18, ажәақәа «иԥшьоу адоуҳала» иацу албаага; Ауриацәа 10:24, ажәа «ҳаизхәыцлап» иацу албаага).

  • «Мамзаргьы иҟалап» Ихадоу атекст аҿы иаагоу азхәыцра иеиԥшым даҽа вариантк (Иаков 5:15, ажәа «ачымазаҩ» иацу албаага; Ауриацәа 10:1, ажәа «уи» иацу албаага).

  • «Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар» Аоригинал бызшәа аҟынтә ишыҟаҵәҟьоу еиҭагоу, ма ихадоу аҵакы аазырԥшуа ажәа ма ажәақәа (Аусқәа 7:60, ажәа «дыԥсит» иацу албаага; Тит 2:14, «ахақәиҭра ҳаиҭарц азы» иацу албаага).

  • Инарҭбаау аинформациа ахьаагоу албаагақәа Ахьыӡқәа рҵакы (2 Коринфаа 6:15, ахьӡ «Велиар» иацу албаага); еиуеиԥшым ашәага-загақәа (Матфеи 25:15, ажәа «аталант» иацу албаага); ацҵеи Ажәари рахь азхьарԥшқәа (Матфеи 5:22, ажәа «геенна» иацу албаага; Марк 4:19, ажәа «аԥсҭазаара» иацу албаага).

«Абиблиа уабазырдыруа азҵаарақәа» ҳәа хьӡыс измоу алагамҭаҿы ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа иааркьаҿны рыӡбахә ҳәоуп. Абиблиа атекст ашьҭахь иҟоу аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы иаагоуп «Абиблиа ашәҟәқәа ирызку икьаҿу аинформациа» захьӡу атаблица, иара убас «Абиблиатә ажәақәа ржәар». Ажәар аԥхьаҩ ицхраауеит уа иаагоу ажәақәа Абиблиаҿы ҵакыс ирымоу аилкаара. Ацҵа ахь иаҵанакуеит аҟәшақәа: «Абиблиа аиҭагаразы апринципқәа», « Ари аиҭага аҷыдарақәа», «Абиблиа ҳара ҳҟынӡа ишааз», «Анцәа ихьӡ Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы», «Иисус адгьыл аҿы иԥсҭазаара иадҳәалоу ихадоу ахҭысқәа», ахсаалақәеи асхемақәеи, иара убас Абиблиа аҭҵааҩцәа ирыхәо даҽа информациак.

Абиблиа ашәҟәқәа зегьы икьаҿу ахҳәаа ала иалагоит. Уа иаагоуп ихадоу азхәыцрақәеи урҭ ахьарбоу ажәеинраалақәеи. Уи аԥхьаҩ ицхраауеит ашәҟәы аҵакы аилкаара.