Аатра 20:1—15

  • Аҩсҭаа 1 000 шықәса ҳәа деиқәԥах дҿаҳәоуп (1—3)

  • Христос 1 000 шықәса аҳра ицзуло (4—6)

  • Аҩсҭаа доурышьҭуеит, нас дықәыргоит (7—10)

  • Атәарҭа шкәакәа аԥхьа аԥсцәа рус рыӡбоит (11—15)

20  Сара избеит атымитыша ацаԥха змаз, азынџьыр* ду зкыз амаалықь ажәҩан аҟынтә дшылбаауаз.  Иара агәылшьаԥ, ажәытә маҭ, ааи, Аџьныш Аҩсҭаа дыкны, 1 000 шықәса ҳәа деиқәԥах дҿеиҳәеит.  Иара уи 1 000 шықәса ҳәа атымитыша дҭаижьит, атымитышагьы аркны, амҳәыр ааирхеит, 1 000 шықәса цаанӡа уи ажәларқәа имжьаларц азы. 1 000 шықәса рышьҭахь маҷк аамҭа иҭаны доурышьҭуеит.  Сара избеит атәарҭақәа шгылаз. Урҭ ирықәтәаз аусқәа рыӡбаларц азы амчра рыҭан. Избеит Иисуси Анцәеи рыӡбахә ахьырҳәоз азы иршьыз* ршьа. Дара агыгшәыги уи асахьеи иамҵамхырхәаӡеит, рылахь аҿи рнапаҿи адырга рыдрымкылаӡеит. Урҭ рыԥсы ҭалан, 1 000 шықәса Христос аҳра ицыруан.  Дара актәи аԥсҭалараан зыԥсы ҭалаз роуп. Егьырҭ — 1 000 шықәса нҵәаанӡа рыԥсы ҭамлаӡеит.  Насыԥ рымоуп, иԥшьоуп актәи аԥсҭалараан зыԥсы ҭало, урҭ рҿаԥхьа аҩбатәи аԥсра амч амаӡам. Дара Анцәеи Христоси рыԥшьаҩцәа ракәны иҟалоит, насгьы 1 000 шықәса Христос аҳра ицрулоит.  1 000 шықәса рышьҭахь Аҩсҭаа абахҭа дыҭрыжьуеит.  Иара абахҭа дҭыҵуеит, ажәларқәа — Го́ги Маго́ги — ижьаларц азы, насгьы аибашьразы еизигарц азы. Урҭ ажәларқәа адгьыл аԥшьганк рҟынтә еизоит, рхыԥхьаӡара амшын аҟәара иқәу аԥслымӡ еиԥш иҟалоит.  Дара адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ижәыланы, иԥшьоу рлагери Анцәа бзиа иибо ақалақьи ирыкәшеит. Аха ажәҩан аҟынтә амца лбаан, урҭ ықәнагеит. 10  Урҭ зжьоз Аџьныш иакәзар, агыгшәыги амцԥааимбари ахьаларыжьхьаз, мцалеи тыҩшалеи еилабылуаз аӡиа даларыжьит. Уа дара наӡаӡа уахгьы-ҽынгьы игәаҟлоит*. 11  Сара избеит ишкәакәаз атәарҭа ду, иара убас дызбеит уа итәаз. Уи иҟынтә адгьыли ажәҩани бналаны ицеит, дара рзы уаҳа аҭыԥ ыҟамызт. 12  Избеит уи атәарҭа аԥхьа игылаз аԥсцәа, анхаҩцәа реиԥш, ауаа дуқәагьы. Избеит ашәҟәеикәарҳәқәа шаатыз, нас даҽа шәҟәыкгьы аатит. Уи аԥсҭазаара ашәҟәы акәын. Аԥсцәа рус, дасу иҟаиҵоз инақәыршәаны, ашәҟәқәа ишырныз еиԥш иӡбан. 13  Амшын аԥсцәа арахь иаанашьҭит, аԥсрагьы анышәынҭрагьы* аԥсцәа арахь иаарышьҭит. Дара зегьы дасу иусқәа инарықәыршәаны рус ӡбан. 14  Аԥсреи анышәынҭреи мцала еилабылуаз аӡиа иаҭан. Мцала еилабылуа аӡиа — аҩбатәи аԥсра ауп. 15  Зыхьӡ аԥсҭазаара ашәҟәы ианырымҵазгьы мцала еилабылуаз аӡиа иалажьын.

Албаагақәа

Аиха иалху аҿаҳәага.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аихала иршьыз».
Ма «иҭакызаауеит».
Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».