Лука иҟынтә ажәабжь бзиа 22:1—71

  • Аԥшьаҩцәа Иисус дыршьырц еибырҳәоит (1—6)

  • Аҵыхәтәантәи Мшаԥныҳәазы зегь дырхиоит (7—13)

  • Иҳақәиҭу иуаххьа (14—20)

  • «Сызҭиуа ара дсыдтәалоуп» (21—23)

  • Аҵаҩцәа рыуа еиҳау дызусҭоу еимаркуеит (24—27)

  • Иисус иҵаҩцәеи иареи рыбжьара Аҳра аиқәшаҳаҭра бжьеиҵоит (28—30)

  • Иисус иҳәоит Пиотр Иисус дизымдыруашәа ҟаҵаны, мап шицәикуа (31—34)

  • Аҽазыҟаҵара аҭахуп; ҩ-аҳәак (35—38)

  • Иисус Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы Анцәа диҳәоит (39—46)

  • Иисус дыкны дыргоит (47—53)

  • Пиотр Иисус дизымдыруашәа ҟаҵаны, мап ицәикуеит (54—62)

  • Иисус ихыччоит (63—65)

  • Иисус Асинедрион аҿы (66—71)

22  Иааигәахон Мшаԥы ҳәа изышьҭаз Арҵәыга злам ача аныҳәа.  Аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи Иисус дыршьыр рҭахын, аха ажәлар ирыцәшәон азы, уи шыҟарҵаша иазхәыцуан.  Аҩсҭаа 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда Искарио́т ихы-игәы дҭалеит.  Усҟан иара аԥшьаҩ еиҳабацәеи аныҳәарҭа аиҳабацәеи рахь дцеит, Иисус дышриҭаша еибырҳәарц азы.  Дара ииҳәаз иеигәырӷьан, аԥара* узаҳшәоит ҳәа иарҳәеит.  Иаргьы дақәшаҳаҭхан, Иисус дшиҭиша дашьҭалеит. Аха уи ауаа ишырбо иҟаиҵар иҭахӡамызт.  Иааит Арҵәыга злам ача аныҳәа аназгәарҭоз амш. Уи аҽны Мшаԥныҳәа иазкыз ашьтәагьы ршьуан.  Иисус Пиотри Иоанни ус реиҳәеит: «Шәцаны Мшаԥныҳәазы иаҳфаша шәырхиа».  «Иабаҳархиари?» — ҳәа иазҵааит дара. 10  Иара иҳәеит: «Ақалақь шәаналало, ԥҳалла аӡы аазго ахаҵа дышәԥылоит, убри шәишьҭаланы шәца. Дзыҩнало аҩны шәаргьы шәыҩнал, 11  нас аԥшәма ус иашәҳәа: „Арҵаҩы дҵаауеит: ‚Иабаҟоу сҵаҩцәеи сареи Мшаԥныҳәа азгәаҳҭар ахьҳалшо ауада?‘“ 12  Уи хыхьтәи ауада ду шәирбоит, уа иаҭаху зегь ҟалоит. Убра ишәырхиа». 13  Даргьы уахь ицеит. Зегьы Иисус ишреиҳәаз еиԥш иҟалеит. Убра Мшаԥныҳәа азгәарҭарц азы зегь дырхиеит. 14  Ахәылбыҽха апостолцәеи иареи ачыс иахатәеит. 15  Иара урҭ ус реиҳәеит: «Сара Мшаԥныҳәа анбааиуеи ҳәа сыԥшын, избанзар даараӡа исҭахын исзыԥшу агәаҟрақәа срықәшәаанӡа ари ауаххьа еицаҳфарц. 16  Сара ишәасҳәоит: сара ари ауаххьа уаҳа исфаӡом, уи иаанарԥшуа зегь Анцәа Иаҳраҿы инаӡаанӡа». 17  Нас аҵәца аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Аӡәаӡәала еимданы ижәжәы. 18  Сара ишәасҳәоит: Анцәа Иаҳра ааиаанӡа уаҳа аҩы зжәӡом». 19  Нас ача аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа наиаҳәаны, иааԥыҽҽны иҵаҩцәа ириҭан, ус иҳәеит: «Ари ача ишәыхҭнысҵо сцәеижь аанарԥшуеит. Абри ҟашәҵала салашәгәалашәыршәаларц азы». 20  Уаххьа анырфа ашьҭахь, аҵәцагьы аашьҭыхны иҵаҩцәа инариҭан, ус иҳәеит: «Ари аҵәца шәара шәзы икаҭәо сшьа аанарԥшуеит. Уи абзоурала аиқәшаҳаҭра ҿыц бжьаҵахоит. 21  Аха сызҭиуа ара дсыдтәалоуп. 22  Ауаҩытәыса Иԥа изкны иҳәоу зегь наӡоит. Аха изакә рыцҳароузеи изыԥшу уи дызҭиуа!» 23  Усҟан дара ҳауа дарбану абри аҩыза згәы иҭазкыз ҳәа еибырҳәо иалагеит. 24  Нас аҵаҩцәа ҳауа еиҳада ҳәа аимак рызцәырҵит. 25  Аха Иисус урҭ иреиҳәеит: «Аҳцәа ажәларқәа ԥшәымаҵас ирхагылоуп, ажәларқәа рхаҭагьы амчра змоу рзы ауаа ирыхәо ҟазҵо роуп рҳәоит. 26  Аха шәыбжьара ус иҟамзароуп. Шәыбжьара зегь иреиҳау — зегь иреиҵоу иеиԥш дҟалароуп, напхгара зуа — маҵуҩык иеиԥш дҟалароуп. 27  Еиҳада, акрызфо иакәу, уи имаҵ зуа иакәу? Акрызфо иакәӡами? Сара сакәзар, шәыбжьара маҵуҩык сиҩызоуп. 28  Шәара ауадаҩрақәа санрықәшәоз сааншәмыжьӡеит, 29  убри азы Саб иареи сареи аиқәшаҳаҭра шҳабжьеиҵаз еиԥш, Аҳраҿы аҳра шыжәуло ала шәареи сареи ҳабжьара аиқәшаҳаҭра бжьасҵоит, 30  Саҳраҿы шәсыдтәаланы акрысыцышәфаларц, акрысыцыжәжәларц, насгьы израильтәи 12 биԥара рус аӡбаразы атәарҭа ҳаракқәа рҿы шәтәарц азы. 31  Си́мон, Си́мон! Аҩсҭаа иҳәеит, ачарыц шырыԥсаҟьо еиԥш шәиԥсаҟьарц шиҭаху. 32  Аха сара сӷьаҵәыӷьаҵәуа уара узы Анцәа сиҳәон, ухаҵара ԥсыҽымхарц азы. Ухаҵара еиҭах ианыӷәӷәахалак, уаргьы уашьцәа ргәы рӷәӷәа». 33  Пиотр ус иҳәеит: «Исықәиҭу, сара уара узы абахҭа аҭатәарагьы, аԥсрагьы сазхиоуп». 34  Аха Иисус иҳәеит: «Сара иуасҳәоит, Пиотр, иахьа арбаӷь ҿнаҭаанӡа, хынтә сузымдыруашәа уҳәоит». 35  Нас ус дразҵааит: «Кыр шәаргәаҟхьазма, ԥараҭрада, мҩаныфада, ԥсахга еимаада шәанысышьҭуаз?» — «Мамоу», — рҳәеит дара. 36  Иара иҳәеит: «Аха уажәшьҭа аԥараҭра змоу — ишьҭихааит, ишьҭихааит имҩаныфа зҭеиҵашагьы, а́ҳәа змам — имаҭәа ҭины, уи ааихәааит. 37  Сара ишәасҳәоит: „иара ацәгьаҟаҵаҩцәа дырхыԥхьаӡалан“ ҳәа Аҩыраҿы исызкны иану наӡароуп. Сара исызкны иану зегь анаӡара иаҿуп». 38  Усҟан дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, ара а́ҳәақәа ҩба ыҟоуп». — «Уаҳа аҭахӡам», — иҳәеит иара. 39  Иисус уантәи дандәылҵ, абжьааԥны ишыҟаиҵалоз еиԥш, Амаслинаҵлақәа рышьхахь ддәықәлеит, иҵаҩцәагьы иара инаишьҭалеит. 40  Уа ианнеи, ус реиҳәеит: «Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы». 41  Ихаҭа маҷк днаскьан*, дшьамхышгыланы, Анцәа иҳәара далагеит: 42  «Саб, суҳәоит, абри аҵәца сумыржәын, уара ус иуҭахызар. Аха сара исҭаху акәымкәа, уара иуҭаху ҟалааит». 43  Усҟан ажәҩан аҟынтә амаалықь дылбаан, Иисус игәы ирӷәӷәеит. 44  Аха Иисус даараӡа игәы ихьуан азы, еиҳагьы дӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа иҳәара далагеит. Илҵуаз аԥхӡгьы ашьа еиԥш адгьыл иқәҭәон. 45  Анцәа диҳәаны иҵаҩцәа рахь даннеи, ибеит агәырҩа иаркараны ишамхацәаз. 46  Усҟан ус реиҳәеит: «Шәзыцәои? Шәгыл. Анцәа шәиҳәала, акгьы шәыхнамхырц азы». 47  Иисус иажәа ҳәаны далгаанӡа, 12-ҩык ируаӡәкыз Иуда жәларык ауаа иманы даан, Иисус днаидгылеит, дигәӡырц азы. 48  Аха Иисус ус иеиҳәеит: «Иуда, ауаҩытәыҩса Иԥа дыгәӡны аума дшуҭиуа?» 49  Иисус ицыз иҟалараны иҟаз анеилыркаа: «Иҳақәиҭу, ҳаҳәақәа ҭаҳгарыма?» — ҳәа иазҵааит. 50  Руаӡәк иаҳәа ааҭиԥаан, аԥшьаҩ хада имаҵуҩы иарӷьа лымҳа ааҿахиҵәеит. 51  Аха Иисус иҳәеит: «Уаангыл, иазхоуп». Нас амаҵуҩы илымҳа дналакьысын, ихәышәтәит. 52  Нас Иисус ишьҭаланы иааз аԥшьаҩ еиҳабацәеи, аныҳәарҭа аиҳабацәеи, ажәлар реиҳабацәеи ус реиҳәеит: «Цәгьарак ҟазҵаз сакәушәа, аҳәақәеи алабақәеи кны шәсышьҭаланы шәааит. 53  Есыҽны сара аныҳәарҭаҿы стәаны ауаа Анцәа иажәа дсырҵон, аха усҟан шәсылакьысӡомызт. Аха уажәы шәара ишәаамҭоуп, алашьцарагьы иаамҭоуп». 54  Иисус дыкны аԥшьаҩ хада иҩныҟа дыргеит. Пиотр уи харашәа дишьҭаланы дцон. 55  Ауаа ашҭаҿы амца еиқәырҵан, итәеит. Пиотргьы урҭ дрыдтәалеит. 56  Амца дахьыҿҳәатәаз, маҵуҩԥҳәыск икылкаан днеиҿаԥшын, ус лҳәеит: «Абригьы иара дицын». 57  Аха иара: «Сара уи дсыздырӡом», — иҳәан, мап икит. 58  Ԥыҭрак ашьҭахь даҽаӡәгьы дгәеиҭан, ус иҳәеит: «Уаргьы урҭ урыцын». — «Мамоу, уара, мамоу», — иҳәеит Пиотр. 59  Сааҭк аҟара анҵы, даҽаӡәгьы иҳәеит: «Ари иара дицын, сара издыруеит, избанзар дгалилеиатәиуп». 60  Аха Пиотр иҳәеит: «Иуҳәо сзеилкаауам!» Убри аминуҭ азгьы арбаӷь ҿнаҭит. 61  Иисусгьы дынхьаԥшын, Пиотр диҿаԥшит. Усҟан Пиотр игәалашәеит, Иисус ишиеиҳәахьаз: «Иахьа арбаӷь ҿнаҭаанӡа, сузымдыруашәа ҟаҵаны, хынтә мап сцәукуеит». 62  Нас ашҭа дынҭыҵын, инеимаҭәаны аҵәыуара далагеит. 63  Иисус дзыхьчоз ихыччон, дрыпҟон, 64  иҿы хҩаны, ус иарҳәон: «Еи, уԥааимбарзар, иусыз дызусҭоу умҳәои!» 65  Уи адагьы, иҟоу зегь иарҳәон, убри алагьы Анцәа ихьӡ ладырҟәуан. 66  Ашьыжь ажәлар реиҳабацәа еизеит. Урҭ аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи ракәын. Иисус Асинедрио́н ахь даарган, ус иарҳәеит: 67  «Иҳаҳә, уара уоума Христос?» Аха иара иҳәеит: «Ишәасҳәаргьы, ихашәҵаӡом. 68  Азҵаара шәысҭаргьы, аҭак сышәҭаӡом. 69  Аха уажәшьҭа ауаҩытәыҩса Иԥа амч ду змоу Анцәа иарӷьараҿ дтәоит». 70  Усҟан дара еицҿакны ус рҳәеит: «Анцәа Иԥа уоума, нас, уара?» Иара иҳәеит: «Шәара шәхаҭа ишәҳәоит Анцәа Иԥа шсакәу». 71  Дара ирҳәеит: «Уаҳа ашаҳаҭцәа заҳҭахузеи? Ихаҭа уи шиҳәаз ҳаҳаит».

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «араӡны ԥара».
Ма «хаҳәк уршәыр, иахьынӡанеиуа аҟынӡа днаскьан».