Аатра 16:1—21

  • Анцәа игәыԥжәара зынҭәалоу быжь-гәыблаак (1—21)

    • Адгьыл ахь икарҭәоит (2), амшын иаларҭәоит (3), аӡиасқәеи аӡқәа ахьыҵыҵуа аҭыԥқәеи ирыларҭәоит (4—7), амра иақәырҭәоит (8, 9), агыгшәыг атәарҭа иақәырҭәоит (10, 11), Евфрат иаларҭәоит (12—16), аҳауа иаларҵоит (17—21)

    • Анцәа иеибашьра Армагеддон (14, 16)

16  Сара исаҳаит аныҳәарҭа* аҟынтә игоз быжь дук быжьҩык амаалықьцәа абас шранаҳәаз: «Шәцаны быжь-гәыблаак ирынҭәалоу Анцәа игәыԥжәара адгьыл ахь икашәҭәа».  Актәи амаалықь дцан, игәыблаа ларханы, ианҭәалаз адгьыл ахь икеиҭәеит. Усҟан агыгшәыг адырга змаз, насгьы уи асахьа иамҵахырхәоз ауаа иузымычҳауа ахьаа змаз ашәрақәа рылнахит.  Аҩбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз амшын иалеиҭәеит. Усҟан амшын аԥсы ишьа иеиԥшхеит, уа иҭаз ԥсы зхаз* зегьы ԥсит.  Ахԥатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз аӡиасқәеи аӡқәа ахьыҵыҵуаз аҭыԥқәеи ирылеиҭәеит. Усҟан дара шьахеит.  Сара исаҳаит аӡы иақәиҭыз амаалықь абас шиҳәаз: «Иҟоу, иҟаз, зыжәлар ирызиашоу Ҳанцәа, уара уиашоуп азоуп абас зуӡбаз.  Дара иԥшьоу умаҵзуҩцәеи аԥааимбарцәеи ршьа карҭәеит, убри азы уара ашьа дуржәит. Ус иагьрықәнаган».  Сара исаҳаит акәырбаннагарҭа абас шаҳәаз: «Зегьзымчу Анцәа Иегова*, уара уӡбарақәа еснагь ииашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп».  Аԥшьбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз амра иақәиҭәеит. Усҟан амра ауаа абылларц азин аҭан.  Ауаа ашоура бааԥс иабылуан, аха дара зҿыц иаҿын, арҭ арыцҳарақәа ирықәиҭыз Анцәа ихьӡ ршәиуан, ахьӡ-аԥша ирҭаӡомызт. 10  Ахәбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз агыгшәыг атәарҭа иақәиҭәеит. Усҟан агыгшәыг аҳра алашьцара ахаԥеит. Ауаа ирымаз ахьаа иахҟьаны рхаԥыц аҿҿа дыргон, 11  аха русқәа ирыхьхәӡомызт, насгьы ахьааи ашәрақәеи ахьрымаз азы ажәҩан Анцәа дыршәиуан. 12  Афбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз аӡиас ду Евфрат иалеиҭәеит. Усҟан уи мрагыларатәи аҳцәа амҩа рзаанартырц азы иҭабеит. 13  Сара избеит агәылшьаԥ асасеи, агыгшәыг асасеи, амцԥааимбар асасеи адаӷьқәа иреиԥшыз ицқьам х-ажәак* шҭыҵуаз. 14  Урҭ адемонцәа ражәақәа роуп. Урҭ ажәақәа аџьашьахә дуқәа* ҟаҵо, адгьыл аҳцәа зегь рахь ицоит, Зегьзымчу Анцәа имш ду аҽны иҟало аибашьрахь еизыргарц азы. 15  «Сара аӷьыч иеиԥш снеиуеит! Насыԥ имоуп згәызҽану, зымаҭәа-зҩыҭәа зыхьчо, избанзар иара дҟьантазӡа дықәхаӡом, ахьымӡӷгьы игаӡом». 16  Дара урҭ аҳцәа ауриа бызшәала Армагеддо́н* захьӡу аҭыԥ аҿы еизыргеит. 17  Абыжьбатәи амаалықь игәыблаа ианҭәалаз кеиҭәан, аҳауа иалеиҵеит. Усҟан аныҳәарҭа* аҟынтә, аҳ итәарҭаҭыԥ аҟынтә, быжь дук ааҩын, абас аҳәеит: «Инагӡоуп!» 18  Убасҟан имацәысит, идыдит, абжьқәа геит, адгьыл ӷәӷәала иҵысит. Уи аҩыза адгьылҵысра ӷәӷәа ауаа адунеи иқәнагалеижьҭеи иҟамлацызт. 19  Ақалақь ду хы-хәҭакны еиҩшеит, атәылақәа зегьы рықалақьқәа еилаҳаит. Анцәа Вавилон Ду игәалашәан, игәыԥжәара аҩы аиржәит. 20  Дгьылбжьахас иҟаз зегьы ыҟаӡамызшәа ибжьаӡит, ашьхақәагьы ықәӡааит. 21  Ажәҩан аҟынтә талантк* иаҟараз акырцх ҟәаз алеира иалаган, ауаа ирылаҳаит. Дара уи акырцх азы Анцәа дыршәиуан, избанзар уи уаҩ дызқәымшәацыз рыцҳаран.

Албаагақәа

Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «х-доуҳак».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адыргақәа».
Иаанагоит «ашьха Мегиддо».
Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.
Абырзенцәа рхы иадырхәоз аталант 20,4 кьыла иҟан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.