Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 19:1—30

  • Аҭаацәара алалареи аилыҵреи (1—9)

  • Аҭаацәара аламзаара аҳамҭа (10—12)

  • Иисус ахәыҷқәа иныҳәоит (13—15)

  • Амал ду змаз ҷкәынак изҵаара (16—24)

  • Ауаҩы Анцәа Иаҳра аҳаҭыразы иаанижьуа (25—30)

19  Абри зегь аниҳәа ашьҭахь, Иисус Галилеиа далҵын, Иордан анхыҵ Иудеиа аҳәааҿы ишьҭаз аҭыԥқәа рахь дцеит.  Уахь ажәлар рацәа ишьҭаланы ицеит, иаргьы урҭ ихәышәтәит.  Афарисеицәа Иисус дԥыршәарц инеин, ус иазҵааит: «Ахаҵа иԥҳәыс илывибалак азы длылҵыр ҟалома?»  Иисус иҳәеит: «Ахаан шәамыԥхьаӡаци Анцәа раԥхьа ауаа аниша, ахаҵеи аԥҳәыси шишаз,  иагьшиҳәаз: „Убри аҟынтә ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит*, усҟан ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит“ ҳәа?  Уажәшьҭа урҭ аӡә роуп, ҩыџьа ракәӡам. Убри аҟынтә Анцәа еидикылаз* ауаҩы еидимхроуп».  Аха дара Иисус ус иарҳәеит: «Избан, нас, Моисеи ахаҵа иԥҳәыс дышлылҵуа ала аршаҳаҭга-шәҟәы лыҭаны длылҵыр ҟалоит ҳәа зиҳәаз?»  Иисус иҳәеит: «Шәгәы ахьхаҳәхаз азоуп Моисеи шәыҳәса шәрылҵыр ҟалоит ҳәа зиҳәаз, аха аханатә ус иҟаӡамызт.  Аха сара ишәасҳәоит: ахаҵа иԥҳәыс аӡәгьы дышицымныҟәазгьы*, длылҵны даҽаӡәы ԥҳәысс дигозар, агәнаҳа ҟаиҵоит, избанзар иԥҳәыс диԥсахуеит». 10  Иисус иҵаҩцәа ус иарҳәеит: «Ус акәзар, аԥҳәыс дааумгар еиҳа еиӷьуп». 11  Иара иҳәеит: «Уи ҳамҭас изыԥхьаӡо рыда, аӡәгьы ус дзынхаӡом. 12  Шьоукы ԥҳәысаагара рылшаӡом*, избанзар агра шрымаз иит, егьырҭ — ауаа рымшала уи аҩыза агра роуит, даҽа шьоукы жәҩантәи Аҳра рхы азыркырц азы ԥҳәыс даарымгарц рыӡбоит. Ус анхара зылшо, ус дынхалааит». 13  Уи ашьҭахь ауаа Иисус ахәыҷқәа изнаргеит, инапқәа рықәҵаны иныҳәарц, насгьы дара рзы Анцәа диҳәарц азы, аха Иисус иҵаҩцәа урҭ нарышьҭыр рҭахӡамызт. 14  Усҟан Иисус иҳәеит: «Иааиааит ахәыҷқәа сара сахь, шәырԥырхагамхан, избанзар дара иреиԥшу роуп жәҩантәи Аҳра зтәу». 15  Нас Иисус ахәыҷқәа инапқәа рықәҵаны иныҳәан, уантәи дцеит. 16  Ус, ҷкәынак Иисус днаидгылан, диазҵааит: «Арҵаҩы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы бзиарас иҟасҵарызеи?» 17  Иара иҳәеит: «Бзиарас иҟасҵарызеи ҳәа сара узсазҵаауеи? Абзиара закәу ҳазҳәо Анцәа иоуп*. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц уҭахызар, есымша Анцәа иԥҟарақәа нагӡала». 18  Иара дҵааит: «Иарбан ԥҟарақәоу?» Иисус иҳәеит: «Ауаҩы думшьын, ухатә ҩыза думԥсахын, умӷьычын, аӡәы иҟам-ианым изумҳәан, 19  уани уаби ҳаҭыр рықәҵала, иузааигәоу ухы бзиа ишубо еиԥш бзиа дбала». 20  Аҷкәын иҳәеит: «Сара арҭ аԥҟарақәа зегь насыгӡоит. Исыгуи уаҳа?» 21  Иисус иҳәеит: «Ак угымкәа уҟаларц уҭахызар, уцаны, иааумоу зегь ҭины, аԥара аӷарцәа ирыҭ, усҟан ажәҩан аҿы амал урҳауеит. Нас ухынҳәны, усышьҭаланы уаала». 22  Аҷкәын ари аниаҳа, игәы каҳан, наҟ дцеит, избанзар амал ду иман. 23  Усҟан Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, ауаҩ беиа жәҩантәи Аҳрахь анеира ицәыцәгьахоит. 24  Иҵегь ишәасҳәоит, амахҽ агәыр аҵа изкылсуазар, ауаҩ беиагьы Анцәа Иаҳрахь днеиуеит». 25  Иисус иҵаҩцәа ари анраҳа, даараӡа иџьаршьан, ус рҳәеит: «Нас, еиқәхода?» 26  Иисус урҭ днарҿаԥшын, иҳәеит: «Ауаа уи ҟалашьа амам ҳәа рыԥхьаӡоит, аха Анцәа илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам». 27  Усҟан Пиотр иҳәеит: «Ҳара иҳамаз зегь ааныжьны ҳушьҭалеит, иҳауазеи уи азы?» 28  Иисус иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит: Анцәа зегь анирҿыцуа, ауаҩытәыҩса Иԥа иблахкыгоу иаҳраҭыԥ аҿы дтәоит, усҟан шәаргьы, сара исышьҭалаз, 12 тәарҭа ҳарак шәрықәтәоит, израильтәи 12 биԥара рус аӡбаразы. 29  Саҳаҭыразы зыҩны, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, ма зан, ма заб, ма зхәыҷқәа, ма зыдгьыл аанзыжьыз дарбанзаалак шәынтә еиҳаны ирҳауеит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. 30  Аха аԥхьа игылоу ԥыҭҩык шьҭахьҟа ицоит, ашьҭахь игылоу ԥхьаҟа иаауеит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «длыдҷаблоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «еицҵеикыз».
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «евнухцәоуп». Шәахәаԥш Ажәар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Анцәа иоуп ибзиоу».