Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Б1

Абиблиа атема хада

Иегова напхгара аура азин имоуп. Иара инапхгара зегьы иреиӷьуп. Иара адгьыли ауаатәыҩсеи рганахьала имоу агәҭакы наигӡоит.

4026 аш. ашьҭахь ҳ. ҟ.

Амаҭ, Аҩсҭаа, Иегова напхгара ауразы имоу азин имеикуеит, насгьы Анцәа днапхгаҩы цәгьоуп ҳәа иҳәоит. Иегова иҳәоит аҵыхәтәаны амаҭ зшьуа «ахылҵ» дшыҟало (Аҟазаара 3:1—5, 15). Аха Иегова иалиршоит аамҭак аҩныҵҟа ауаа дара-дара напхгара рзибауларц, насгьы Аҩсҭаа анырра риҭаларц.

1943 ш. ҳ. ҟ.

Иегова Авраам иеиҳәоит изықәиргәыӷыз «ахылҵ» ишьҭраҿы дшиуа (Аҟазаара 22:18).

1070 аш. ашьҭахь ҳ. ҟ.

Иегова аҳ Давиди ԥыҭрак ашьҭахь иԥа Соломони иреиҳәоит изықәиргәыӷыз ахылҵ дара рышьҭраҿы дшиуа (2 Самуил 7:12, 16; 1 Аҳцәа 9:3—5; Исаиа 9:6, 7).

29 ш. ҳ. ҳ.

Иегова ауаа идирбоит Давид иаҳраҭыԥ имаздо изқәыргәыӷыз ахылҵ — Иисус шиакәу (Галатаа 3:16; Лука 1:31—33; 3:21, 22).

33 ш. ҳ. ҳ.

Амаҭ, Аҩсҭаа, инықәырԥшны иуҳәозар, изқәыргәыӷыз ахылҵ ишьхәа иацҳауеит, даҽакала иуҳәозар, Иисус дыршьыртә еиԥш иҟанаҵоит. Иегова Иисус жәҩантәи аԥсҭазааразы иԥсы ҭеиҵоит, насгьы инаӡаз иԥсҭазаара ахә идикылоит. Уи шьаҭас иҟаҵаны, Анцәа Адам ихылҵыз ауаа рыгәнаҳақәа ранаижьуеит, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭоит (Аҟазаара 3:15; Аусқәа 2:32—36; 1 Коринфаа 15:21, 22).

1914 ш. ҳ. ҳ. ма маҷк ашьҭахь

Иисус агәылшьаԥ, «ажәытә маҭ», алырбганы, адгьыл ахь икаижьуеит. Аҩсҭаа изынхаз аамҭа маҷуп (Аатра 12:7—9, 12).

Ҳаԥхьаҟа

Иисус Аҩсҭаа 1 000 шықәса ҳәа атымитыша дҭаижьуеит, уи ашьҭахь, инықәырԥшны иуҳәозар, ихы ирҟьацуеит, даҽакала иуҳәозар, дықәигоит. Иегова адгьыли ауаатәыҩсеи рганахьала имаз агәҭакы наӡеит, ихьӡ ахьымӡӷ ахыхуп, зегьы ирбарҭоуп инапхгара зегьы ишреиӷьу (Аатра 20:1—3, 10; 21:3, 4).