Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 4:1—37

  • Пиотри Иоанни ҭаркуеит (1—4)

    • Ахаҵара иалагаз рхыԥхьаӡара 5 000-ҩык рҟынӡа инаӡеит (4)

  • Асинедрион аҿы Пиотри Иоанни рус рыӡбоит (5—22)

    • «Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам» (20)

  • Агәымшәаразы Анцәа иҳәоит (23—31)

  • Аҵаҩцәа ирымоу егьырҭ ирыцеиҩыршоит (32—37)

4  Пиотри Иоанни ажәлар иахьынӡарацәажәоз, аԥшьаҩцәеи, аныҳәарҭа аиҳаби, асаддукеицәеи нарыдгылеит.  Дара ргәы ԥжәаны иҟан, апостолцәа ажәлар Анцәа иажәа ахьыддырҵоз, насгьы Иисус иԥсы шҭалаз аартны иахьрарҳәоз азы.  Убри аҟынтә икны, адырҩаҽнынӡа иганы иҭаркит, избанзар аилахәлара иалагахьан.  Аха иӡырҩуаз рҟынтә аӡәырҩы ираҳаз агәра ргеит, убри аҟынтә ахаҵара иалагаз ауаа* рхыԥхьаӡара 5 000-ҩык рҟынӡа инаӡеит.  Адырҩаҽны Иерусалим еизеит ажәлар рнапхгаҩцәеи, азакәанрҵаҩцәеи,  аԥшьаҩ еиҳабы Аннеи, Каиа́феи, Иоанни, Александри. Иара убас еизеит аԥшьаҩ еиҳабы иуацәа зегьы.  Дара Пиотри Иоанни рыгәҭа идыргылан, ус иразҵааит: «Иарбан мчу уи злаҟашәҵаз? Зыхьӡала иҟашәҵада?»  Усҟан Пиотр иԥшьоу адоуҳа иоун, ус реиҳәеит: «Ажәлар рнапхгаҩцәеи аиҳабацәеи!  Иахьа иҭышәҵаауа ицыркьуаз ауаҩы изыҟаҳҵаз абзиара акәзар, еилышәкаарц ишәҭаху уи дшыбзиахаз акәзар, 10  израильтәи ажәларгьы шәаргьы идырны ишәымазааит: ицыркьуаз ари ауаҩ дызлаҳхәышәтәыз ашьаҟа икыдҵаны ишәшьыз назареттәи Иисус Христос ихьӡала ауп. Шәара уи ашьаҟа дкыдҵаны дышәшьит, аха Анцәа иԥсы ҭеиҵеит. Иисус ибзоуралоуп уажәы ари ауаҩ шәара шәҿаԥхьа ишьапы дызлақәгылоу. 11  Уи „шәара, аргылаҩцәа, ишәҭахымхаз ахаҳә иоуп, иара хыхьтәи акәакь аҿы ишьҭарҵо ахаҳә иакәны дҟалеит“. 12  Иара ида уаҳа аӡәгьы ҳаизеиқәырхом, избанзар адгьыл аҿы ҳаиқәзырхар зылшо даҽа хьӡык ыҟам». 13  Дара Пиотри Иоанни мшәаӡакәа зегь аартны ишырҳәоз анырба, аҵара шрымамыз*, насгьы ауаа ирылукаартә ишыҟамыз анеилыркаа, даараӡа иџьаршьеит. Аха нас ирдырит урҭ Иисус ицыз шракәыз. 14  Дара ирбон, ибзиахаз уи ахаҵа Пиотри Иоанни дышрывагылаз, убри азы ирҳәаша ҳәа акгьы рымамызт. 15  Убри аҟынтә дара урҭ Асинедрио́н шәыҩныҵ ҳәа нарарҳәан, абас аилацәажәара иалагеит: 16  «Ирзаҳаурызеи, уара, арҭ? Дара аџьашьахәы ҟарҵаҵәҟьеит. Уи Иерусалим инхо зегьы ирбеит, ҳаргьы иҟарымҵаӡеит ҳәа ҳазҳәом. 17  Аха уи аӡбахә уаҳа аӡәгьы имаҳарц азы, шәааи, иршәаны, уи ихьӡала уаҳа аӡәгьы акгьы иарымҳәаларц раҳҳәап». 18  Нас апостолцәа аарыԥхьан, Иисус ихьӡала аӡәгьы акгьы иашәымҳәалан, акгьы ишәмырҵалан ҳәа рарҳәеит. 19  Аха Пиотри Иоанни ус рҳәеит: «Шәазхәыци, ииашахома Анцәа иҿаԥхьа иара иакәымкәа, шәара ҳашәзыӡырҩыр? 20  Ҳара иаҳбаз-иҳаҳаз ҳамҳәар ауам». 21  Усҟан ажәлар рнапхгаҩцәеи реиҳабацәеи урҭ иаарықәмақарын, иоурышьҭит, избанзар иахьдырхәыртә еиԥш ирхарарҵаша ҳәа акгьы рмоуит. Дара ажәларгьы ирыцәшәон, избанзар зегьы иҟалаз азы Анцәа дҳараркуан. 22  Џьашьахәыла ирхәышәтәыз ахаҵа 40 шықәса дырҭысхьан. 23  Ианоурышьҭ, рҩызцәа рахь ицеит, насгьы ирзеиҭарҳәеит аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи ирҳәаз зегьы. 24  Уи анраҳа, апостолцәеи дареи Анцәа иҳәара иалагеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ, уара уоуп изшаз ажәҩангьы, адгьылгьы, амшынгьы. Уара иушеит ажәҩан аҿы иҟоугьы, адгьыл иқәугьы, амшын иҭоугьы. 25  Уара уоуп умаҵ зуаз ҳабацәа раб Давид иԥшьоу адоуҳала абас изырҳәаз: „Избан ажәларқәа рҽыздырцәгьо, адгьыл иқәынхо ауаа акгьы иаԥсам изазхәыцуа? 26  Адгьыл аҳцәа Иеговеи* иара иалихызи* ирҿагыларц азы рыҽдырхиеит, анапхгаҩцәагьы уи азы рҽеидыркылеит“. 27  Ари ақалақь аҿы И́роди Понти Пилати ааидгылан, егьырҭ ажәларқәеи израильааи рыҽрыдкыланы, уара иалухыз* иԥшьоу умаҵзуҩы Иисус иҿагылеит. 28  Дара еизеит, угәҭакы инақәыршәаны, умчала заа иуӡбахьаз нарыгӡарц азы. 29  Иегова, уара иуаҳауеит иҳарҳәо, иубоит ҳашдыршәо. Ҳуҳәоит, уҳацхраа, ҳара, умаҵуцәа, ҳамшәа-ҳмырҳа уажәа ауаа ирылаҳҳәаларц. 30  Анаҩсгьы унапала ауаа хәышәтәла, иԥшьоу умаҵзуҩы Иисус ихьӡала зеиԥшыҟам аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟаҵала». 31  Абас иӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа ианиҳәа ашьҭахь, изыҩназ аҩны аахыџхыџит, зегьы иԥшьоу адоуҳа роуит, имшәаӡакәагьы Анцәа иажәа ауаа рылаҳәара иалагеит. 32  Ахаҵара змаз зегьы гәык еицрызҭан, ԥсык* еицырхан, аӡәы имаз зегьы иртәын, сара истәуп ҳәа аӡәгьы иҳәаӡомызт. 33  Апостолцәа ааҟәымҵӡакәа Иҳақәиҭу Иисус иԥсы шҭалаз ауаа ирыларҳәон, рус алҵшәа бзиақәагьы аанагон, Анцәагьы гәыҭбаарала рџьабаа дазылԥхон. 34  Урҭ рыбжьара ак згыз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡамызт, избанзар ак змаз — дгьылума, ҩнума — ирымаз ҭины, идырҳаз наганы, 35  апостолцәа ирырҭон. Аԥарақәа дасу игыз-ибзаз иазхәыцны иршон. 36  Убас ҟаиҵеит Кипр иалҵыз алевит Иосифгьы. Апостолцәа уи Варна́ва ҳәа ишьҭан (иаанагоит «ауаа ргәы шьҭызхуа»). 37  Иара имаз адгьыл иҭиин, иоуз аԥара наганы, апостолцәа ириҭеит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахацәа».
Ара зыӡбахә цо араввинцәа рышколқәа рҿы аҵара ишалымгаз ауп.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «Христоси». Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зхьишьызи».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша зхьушьыз».
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Аԥсы».