Аатра 14:1—20

  • Асыси 144 000-ҩыки (1—5)

  • Хҩык амаалықьцәа ражәабжьқәа (6—12)

    • Ауаа ажәабжь бзиа рылазҳәо, иҳаракны иԥыруа амаалықь (6, 7)

  • Насыԥ рымоуп Иҳақәиҭу ишиҵаҩцәоу иԥсуа (13)

  • Адгьыл аҿы ҩ-ҽаҩрак ҭаргалоит (14—20)

14  Уи ашьҭахь избеит Сион ашьхаҿы Асыс шгылаз, уи 144 000-ҩык ацын. Урҭ рылахь Асыс ахьӡи Асыс Аб ихьӡи анын.  Иара убас ажәҩан аҟынтә исаҳаит агәгәаҳәа еилаҽҽо арҩаш абжьи адыдбжьи иреиԥшыз бжьык. Уи абжьы аҩымаа азырҳәо ашәаҳәаҩцәа рыбжьы иеиԥшын.  Дара аҳ итәарҭа аҿаԥхьеи ԥшьҩык ахерувимцәеи* аиҳабацәеи рҿаԥхьеи шәа ҿыцума уҳәо шәак рҳәон. Уи ашәа адгьыл аҟынтә иаахәаз 144 000-ҩык рыда аӡәгьы изҵаӡомызт.  Урҭ зхы цқьаны изыхьчаз, аԥҳәыс илыламкьысыц роуп. Дара Асыс ахьцалак иашьҭаланы ицоит. Урҭ Анцәеи Асыси ирызнарго раԥхьатәи аҽаҩра еиԥш ауаа рҟынтә иаахәан.  Урҭ амц рҳәаӡом, ак рывубо иҟам.  Нас дызбеит иҳаракны иԥыруаз амаалықь. Иара адгьыл иқәынхо милаҭс, биԥарас, жәларыс, бызшәас иҟоу зегьы наӡаӡатәи ажәабжь бзиа рылеиҳәон.  Уи амаалықь ибжьы ҭыганы абас иҳәон: «Шәицәшәала* Анцәа, хьӡи-ԥшеи ишәҭала, избанзар иааит иӡбара асааҭ! Шәимҵахырхәа адгьыли, ажәҩани, амшыни, аӡқәа ахьыҵыҵуа аҭыԥқәеи Зшаз!»  Уи ишьҭаланы иааиуаз аҩбатәи амаалықь абас иҳәон: «Икаҳаит Вавилон Ду! Уи икны измаз агәаҳәара аҩы* — асексуалтә ламысдара* аҩы — ажәларқәа иднаржәуан».  Урҭ ирышьҭаланы иааиуаз ахԥатәи амаалықь ибжьы ҭыганы абас иҳәон: «Агыгшәыги уи асахьеи ирымҵахырхәо, зылахь ма знапы адырга ану ауаҩы 10  Анцәа игәыԥжәара аҩы ижәлоит — Анцәа игәыԥжәара аҵәца иҭеиҭәо аҩы цқьа, иара убас иԥшьоу амаалықьцәеи Асыси рҿаԥхьа амцеи атыҩшеи дрылабылуа дгәаҟлоит. 11  Урҭ ахьгәаҟуа амца иахылҵуа алҩа наӡаӡа иҩеилоит. Агыгшәыги уи асахьеи ирымҵахырхәо, уи ахьӡ адырга змоу, уахгьы-ҽынгьы, иааҟәымҵӡакәа игәаҟлоит. 12  Анцәа иԥҟарақәа назыгӡо, насгьы Иисус дхазҵо иԥшьоу ауаа хьамҵӡакәа, аҵыхәтәанынӡа ачҳара аадырԥшлароуп». 13  Сара исаҳаит ажәҩан аҟынтә бжьык абас шаҳәаз: «Ианҵа: „Насыԥ рымоуп абри аамҭа инаркны Иҳақәиҭу ишиҵаҩцәоу иԥсуа. Иԥшьоу адоуҳа иаҳәоит: ‚Ирбаз аџьабаа азхоит, рыԥсы ршьааит, избанзар русқәа дара ирыцны ицоит‘“». 14  Анаҩс аԥҭа шкәакәа збеит. Уи ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшыз аӡә дықәтәан. Иара ахьтәы гәыргьын ихагылан, иҵарыз амаганагьы икын. 15  Даҽа маалықьк аныҳәарҭа* дааҩныҵын, ибжьы ҭыганы, аԥҭа иқәтәаз ус иеиҳәеит: «Умагана аашьҭыхны аҽаҩра еизга, избанзар аҽаҩра аҭагалара аамҭа ааит, адгьыл аҿы аҽаҩра шыҟалара иҟалахьеит». 16  Аԥҭа иқәтәаз имагана иҟьан, адгьыл аҿы аҽаҩра ҭеигалеит. 17  Анаҩс ажәҩан аҿы иҟаз аныҳәарҭа аҟынтә даҽа маалықьк дааҩныҵит. Иаргьы иҵарыз амагана икын. 18  Акәырбаннагарҭа аҟынтә даҽа маалықьк даацәырҵит. Уи амца дақәиҭын. Иара ибжьы ҭыганы, иҵарыз амагана зкыз амаалықь ус иеиҳәеит: «Умагана аашьҭыхны, адгьыл аҿы аӡахәа иҿалаз ажь ҭаа, избанзар ажь шыҟалара иҟалахьеит». 19  Амаалықь имагана аашьҭихын, адгьыл аҿы аӡахәа хҵәаны, Анцәа игәыԥжәара аазырԥшуаз ажьхәага иҭаижьит. 20  Ажь ақалақь анҭыҵ ирхәон. Ашьа ажьхәага арҭәын, ихыҵны икаҭәон. Уи аҽқәа рқьышә аҟынӡа ихалеит, насгьы 1 600 стади* аҟынӡа ицеит.

Албаагақәа

Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».
Ма «агәыԥжәара аҩы».
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.
Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.
300-ҟа километра. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.