Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 23:1—39

  • Азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи реиԥш шәхы мҩаԥышәымгалан (1—12)

  • Азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи арыцҳара рзыԥшуп (13—36)

  • Иисус Иерусалим иҵәыуоит (37—39)

23  Иисус ажәлари иҵаҩцәеи рахь ихы рханы иҳәеит:  «Азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи Моисеи иҭыԥ ааныркылеит.  Убри аҟынтә ирҳәо зегь ҟашәҵала, аха дара реиԥш шәхы мҩаԥышәымгалан, избанзар урҭ иҟаҵатәу рҳәоит, аха рхаҭа иҟарҵаӡом.  Дара ауаа аидара хьанҭа иаҵарҵоит, аха арахь рхаҭа рнапы аарҵысны акгьы ҟарҵаӡом, уи аидара ласхарц азы.  Иҟарҵо зегь ауаа ирбарц азоуп изыҟарҵо. Аҩыра ацыԥҵәахақәа зҭоу аҭра хәыҷқәа дырҭбаауеит, уи ацәгьа-мыцәгьара аҟынтә изыхьчо ак еиԥш иныҟәыргоит, насгьы рымаҭәа ачыхә иацырҵоит.  Дара бзиа ирбоит ачараҿы аханы атәара, насгьы асинагогақәа рҿы иреиӷьу аҭыԥқәа рынкылара.  Бзиа ирбоит аџьармыкьаҿы аԥсшәа анрарҳәо, насгьы арҵаҩцәа* ҳәа ианрышьҭоу.  Аха шәара арҵаҩцәа ҳәа шәарҳәар шәымун, избанзар Рҵаҩык иоуп ишәымоу, шәара зегьы шәеишьцәоуп.  Адгьыл аҿы ҳаб ҳәагьы аӡәгьы изышәымҳәан, избанзар Абыс ишәымоу аӡә иоуп — ажәҩан аҿы иҟоу. 10  Амҩақәҵаҩцәа ҳәа шәзырҳәаргьы шәымун, избанзар Мҩақәҵаҩыс* ишәымоу Христос заҵәык иоуп. 11  Шәыбжьара зегь иреиҳау дышәмаҵуҩхароуп. 12  Зхы ҳаразкуа дларҟәхоит, ахынраалара аазырԥшуа дҳаракхоит. 13  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Шәара ауаа жәҩантәи Аҳрахь изымнеирц азы ашә ашәыркуеит. Шәхаҭагьы уахь шәнеиуам, инеир зҭахугьы нашәышьҭуам. 14  ——* 15  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар аӡәы идамзаргьы шәхаҵарахьы диажәгарц азы* мшыни-дгьыли шәрыкәшоит. Ииажәгазгьы геенна* дақәшәартә еиԥш шәара шәаасҭа ҩынтә деицәаны дҟашәҵоит. 16  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, амҩақәҵаҩ лашәцәа шәара! Шәара ишәҳәоит: „Аӡәы аныҳәарҭа иамаҿоуп ҳәа дқәызар, уи иажәа наимыгӡаргьы ҟалоит, аха аныҳәарҭаҿы иҟоу ахьы иамаҿоуп ҳәа дқәызар, иажәа наигӡароуп“ ҳәа. 17  Илашәу агаӡақәа! Еиҳа ихадоузеи, ахьы акәу, уи ахьы ԥшьаны иҟазҵаз аныҳәарҭа акәу? 18  Иара убас шәара ишәҳәоит: „Аӡәы акәырбаннагарҭа иамаҿоуп ҳәа дықәуазар, иажәа наимыгӡаргьы ҟалоит, аха акәырбаннагарҭаҿы иқәу акәырбан ала дықәуазар, иажәа наигӡароуп“ ҳәа. 19  Алашәцәа! Еиҳа ихадоузеи, акәырбан акәу, уи акәырбан ԥшьаны иҟазҵо акәырбаннагарҭа акәу? 20  Акәырбаннагарҭа ала иқәуа акәырбаннагарҭа еиԥш, уа иқәу алагьы дықәуеит. 21  Аныҳәарҭа ала иқәуа — аныҳәарҭа алагьы дықәуеит, уа инхо Анцәа илагьы дықәуеит. 22  Ажәҩан ала иқәуа — Анцәа итәарҭа алагьы дықәуеит, уа итәоу Анцәа илагьы дықәуеит. 23  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар аҟәылмиҭеи*, акамеи, атмини рҟынтә ажәабатәи ахәҭа Анцәа ишәҭоит, аха Азакәан аҿы еиҳа ихадоу — аиашареи, арыцҳашьареи, агәыцқьареи ртәы шәхашәыршҭит. Уи шыҟаҵатәу еиԥш, аригьы ҟаҵалатәуп. 24  Илашәу амҩақәҵаҩцәа шәара, акәыбры шәҿамшәарц азы ишәжәуа шәраӡоит, арахь амахҽ лбаажәдоит. 25  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар шәара аҵәцеи асаани адәахьала ишәыӡәӡәоит, арахь аҩныҵҟа аԥсыцәгьареи аус ҟьашьқәеи рыла иҭәуп. 26  Афарисеи лашә уара! Раԥхьа аҵәцеи асаани аҩныҵҟала иӡәӡәа, нас урҭ адәахьалагьы ицқьахоит. 27  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар шәара ишкәакәаӡа ишәу адамрақәа шәреиԥшуп. Адәахьала иԥшӡоушәа убоит, аха аҩныҵҟа аԥсыбаҩқәеи гәамс иҟоуи зегь рыла иҭәуп. 28  Шәаргьы убасоуп, ауаа шәахьырбо Анцәа имаҵ жәуа џьыршьоит, арахь шәгәы цқьаӡам, азакәангьы еилажәгоит. 29  Изакә рыцҳароузеи ишәзыԥшу, азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи, ҩ-цәак зхарԥоу шәара! Избанзар шәара аԥааимбарцәа абаҟақәа рызшәыргылоит, Анцәа имаҵзуҩцәагьы рдамрақәа шәырԥшӡоит, 30  иагьышәҳәоит: „Ҳара ҳабацәа рабацәа рхаан ҳанхозҭгьы, урҭ ҳрыдгыланы аԥааимбарцәа ршьа каҳҭәаӡомызт“. 31  Убасала аԥааимбарцәа зшьыз шәшырхылҵыз шьақәшәырӷәӷәоит. 32  Инашәыгӡа, нас, шәабацәа злагаз аус. 33  Амаҭқәа, амаҭхшақәа шәара! Аӡбара амш шәацәынхоит ҳәа шәгәы иаанагома? Анцәа геенна* шәалаижьуеит. 34  Убри азоуп сара аԥааимбарцәеи, ауаа ҟәышқәеи, амҩақәҵаҩцәеи зышәзынасышьҭуа. Шәара урҭ рахьтә шьоукы шәшьуеит, егьырҭ ашьаҟа икыдышәҵоит, егьырҭ шәсинагогақәа рҿы ҟамчыла ишәыпҟалоит, даҽа шьоукы ақалақьқәа ирылышәцалоит. 35  Авель инаиркны аԥшьаҭыԥи акәырбаннагарҭеи рыбжьара ишәшьыз Вара́хиа иԥа Заха́риа иҟынӡа, адгьыл аҿы икаҭәаз Анцәа имаҵзуҩцәа ршьазы ахара зегь шәара ишәыдлоит. 36  Аиаша шәасҳәоит: абри зегь азы ахара ари абиԥара иадлоит. 37  Иерусалим, Иерусалим, уара аԥааимбарцәа ушьуеит, Анцәа иузынаишьҭуа ауаагьы ахаҳә иаургоит... Аҟәарҭ акәҷарақәа еизганы амҵәыжәҩақәа ишырхәыҵанакуа еиԥш, шаҟантә ухәыҷқәа ԥхьаскырц сҭахызи! Аха шәара ишәҭахымхеит. 38  Убри аҟынтә Анцәа шәыҩны аанижьуеит. 39  Сара ишәасҳәоит: „Дныҳәоуп Иегова* ихьӡала иаауа!“ ҳәа шәҳәаанӡа уаҳа сыжәбаӡом».

Албаагақәа

Ма «равви́».
Ма «Ԥхьагылаҩыс».
Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «дыпрозелитны дҟашәҵарц азы».
Шәахәаԥш Ажәар.
Ма «ашьыхәи».
Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.