Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 14

Иаҳәозеи Абиблиа аԥара шныхлатәу иазкны?

«Ақьафура бзиа избо имоу имҵәоит, аҩи ахәшеи бзиа избо дбеиахаӡом»

(Ажәамаанақәа 21:17).

«Ауал зқәу зуал иқәу димаҵуҩуп»

(Ажәамаанақәа 22:7).

«Иаҳҳәап, шәара шәҟынтә аӡәы аҩны иргыларц иӡбеит. Уи раԥхьа дтәаны, аргылара шаҟа аго имԥхьаӡаӡои, изхаша имоу-имаму гәеиҭарц азы? Ус ҟаимҵар, ашьаҭа шьҭаҵаны, арахь аргылара имч ақәымхо ианыҟалалак, ауаа ихыччо, абас рҳәалоит: „Ари ауаҩ аргылара далагеит, аха дзалымгаӡеит“»

(Лука 14:28—30).

«Ауаа рызхара анырфа, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: „Иаанхаз зегь еизыжәга, акгьы ԥхасҭамхарц азы“»

(Иоанн 6:12).