Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 10:1—42

  • 12-ҩык апостолцәа (1—4)

  • Иисус иҵаҩцәа иҟарҵалаша-ирулаша раҳәаны, ажәабжьҳәара ишьҭуеит (5—15)

  • Аҵаҩцәа ирышьҭашәарыцалоит (16—25)

  • Ауаа шәырцәымшәалан, Анцәа шәицәшәала (26—31)

  • Аҭынчра акәымкәа, аҳәа (32—39)

  • Иисус иҵаҩцәа здызкыло аҳамҭа роуеит (40—42)

10  Иисус 12-ҩык иҵаҩцәа даарыԥхьан, ауаа адемонцәа* рхырцаларц, насгьы ачымазцәа рхәышәтәларц азы амч риҭеит.  Абар 12-ҩык апостолцәа ирыхьӡыз: Пиотр ҳәа зарҳәоз Си́мон, уи иашьа Андреи, Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни,  Филиппи Варфоломе́ии; Фомеи ашәахтә еизызгоз Матфеии; Алфе́и иԥа Иаков; Фадде́и;  Си́мон Канани́т*, насгьы ԥыҭрак ашьҭахь Иисус дызҭииз Иуда Искарио́т.  Иисус абарҭ 12-ҩык апостолцәа ауаа рахь идәықәиҵан, ус реиҳәеит: «Иауриам рахь шәымнеин, насгьы Самариа иатәу ақалақьқәа рахь шәымцан.  Иҟьалаз ауасақәа иреиԥшу израильаа заҵәык рахь шәцаны,  Анцәа иажәабжь рзеиҭашәҳәала, ишәҳәала: „Жәҩантәи Аҳра ааигәахеит“.  Ичмазҩу шәхәышәтәла, иԥсыз рыԥсы ҭашәҵала, ацәеилабаара змоу шәхәышәтәла, адемонцәа зхаԥаны иҟоу ирхышәцала. Амала ишшәоуз еиԥш, амала ирышәҭала.  Хьума, раӡнума, аԥара ҳәа акгьы шьҭышәымхын, 10  амҩаныфа зҭашәҵо макәанума, аҽыԥсахга маҭәоума, аԥсахга еимааума, лабашьоума, акгьы шәымган, избанзар аус зуа иифашагьы иоуеит. 11  Қалақьума, қыҭоума, шәахьнеиуазаалакгьы, ишәҳәо ажәабжь иаԥсоу дшәыԥшаала, шәцара аамҭа ааиаанӡагьы иара иҿы шәыҟаз. 12  Аҩны шәаныҩнало, уа инхо зегьы аԥсшәа рашәҳәа. 13  Шәрыдыркылар, уа инхо зегьы ирзеиӷьашәшьо аҭынчра роуааит, шәрыдрымкылар, шәҭынчра шәара шәахь ихынҳәааит. 14  Џьара шәрыдрымкылар, ма ишәҳәо азыӡырҩра рҭахымхар, уи аҩны шәандәылҵуа, ма ақалақь шәаналҵуа, шәшьапқәа ршәшәаны, асаба рықәышәх*. 15  Аиаша шәасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Содо́ми Гомо́рреи еиҳа ирзымариахоит, уи ақалақь аасҭа. 16  Сара ажәабжь бзиа аҳәара шәсышьҭуеит, ақәыџьмақәа ирылоу ауасақәагьы шәреиԥшхоит, убри аҟынтә амаҭқәа реиԥш шәгәышәҽаныз, аха аҳәыҳәқәа реиԥш гызмалра шәыламыз. 17  Шәгәышәҽаныз, избанзар ауаа аусӡбарҭақәа рахь шәыргалоит, насгьы асинагогақәа рҿы шәрыпҟалоит. 18  Сара сыхьӡ азы анапхгаҩцәеи аҳцәеи рахь шәыргалоит, урҭгьы егьырҭ ажәларқәагьы сыӡбахә раҳарц азы. 19  Анапхгаҩцәа рҿаԥхьа шәнаганы шәандыргыло, ишәҳәаша шәмоур ҳәа шәымшәан, аҳәашьа шәақәшәом ҳәагьы шәгәы иаанамган, избанзар усҟан ишәҳәаша шәоуеит, 20  жәҩантәи Шәаб идоуҳала ишәҳәаша шәыҵеиҳәалоит. 21  Ауаҩы иашьа дыршьырц азы ауаа дриҭоит, абгьы — ихәыҷы. Ахәыҷқәагьы рҭаацәа ирҿагылоит, иршьырц азгьы ауаа ирырҭоит. 22  Сара сыхьӡ азы ауаа зегьы шәырцәымыӷхоит, аха аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит. 23  Қалақьк аҿы ишәышьҭашәарыцо иалагар, даҽа қалақьк ахь шәца. Аиаша шәасҳәоит: израильтәи ақалақьқәа зегь шәрылсаанӡа, ауаҩытәыҩса Иԥа даауеит. 24  Аҵаҩы ирҵаҩ иаасҭа деиҳаӡам, амаҵуҩгьы — зымаҵ иуа иаасҭа. 25  Аҵаҩы ирҵаҩ иеиԥш дҟалар изхоит, амаҵуҩгьы — зымаҵ иуа иеиԥш. Аԥшәма Веельзеву́л* ҳәа изырҳәазар, иҩнаҭа иатәу зегь ус рзырымҳәаӡои? 26  Урҭ шәырцәымшәан, избанзар иҵәаху зегь цәыргахоит, имаӡоугьы маатыр залшом. 27  Шәара заҵәык ишәасҳәо ауаа зегь рҟынӡа инажәгала, маӡала ишәасҳәо ахыб шәықәгыланы ирылашәҳәала. 28  Шәызшьыр зҭаху шәырцәымшәан, избанзар урҭ ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара шәымхра рылшаӡом. Шәицәшәала Анцәа, избанзар иара шәишьыргьы илшоит, ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара шәмоуа, гееннаҟа* шәишьҭыргьы илшоит. 29  Ҩ-баӷырк капеик* ҳәа акәӡами ишырҭиуа? Ус шакәугьы, жәҩантәи Шәаб изгәамҭакәа баӷыркгьы кашәаӡом*. 30  Шәара шәакәзар, уи шәыхцәхәыцқәаҵәҟьа зегь ԥхьаӡаны имоуп. 31  Убри аҟынтә шәымшәан, шәара абаӷырқәа раасҭа акыр шәаԥсоуп. 32  Ауаа рҿаԥхьа исыдгыло, жәҩантәи Саб иҿаԥхьа саргьы сидгылоит, 33  ауаа рҿаԥхьа мап сцәызкуа, жәҩантәи Саб иҿаԥхьа саргьы мап ицәыскуеит. 34  Шәгәы иаанамган адгьыл ахь аҭынчра аазгарц азоуп сзааз ҳәа, аҭынчра акәӡам, а́ҳәа аазгарц азоуп сзааз. 35  Сара сааит аби аԥеи, ани аԥҳаи, анхәеи аҭацеи еилысхырц азы. 36  Ауаҩы ӷацәас иоуа иҭынхацәа ракәхоит. 37  Сара саҵкыс зан ма заб бзиа дызбо, сара дсыԥсаӡам. Сара саҵкыс зԥа ма зыԥҳа бзиа дызбо, сара дсыԥсаӡам. 38  Зышьаҟа* шьҭыхны, сара исышьҭаланы имцо, сара дсыԥсаӡам. 39  Зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара сара исыхҭнызҵо — иԥсы* еиқәирхоит. 40  Шәара шәыздызкыло, саргьы срыдыркылоит, сара сыздызкыло, саазышьҭызгьы дрыдыркылоит. 41  Аԥааимбар дахьԥааимбару азы дыздызкыло, аԥааимбар иоуа аҳамҭа аҩыза иоуеит, Анцәа имаҵзуҩы Анцәа имаҵ ахьиуа азы дыздызкыло, Анцәа имаҵзуҩы иоуа аҳамҭа аҩыза иоуеит. 42  Аиаша шәасҳәоит: зегь иреиҵоу руаӡәк сҵаҩы ахьиакәу азы ҵәыцак аӡы изыржәуа, иҳамҭа ицәыӡраны дыҟам».

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».
Ма «еилҟьоу, иҳаҵҳаҵо».
Убасала иаадырԥшуан уаҳа аҭакԥхықәра шрыдмыз.
Аҩсҭаа — адемонцәа раҳ.
Шәахәаԥш Ажәар.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ассарик». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ма «адгьыл иқәҳаӡом».
Ма «згәаҟратә шьаҟа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Агәаҟратә шьаҟа».
Ма «зыԥсҭазаара».
Ма «иԥсҭазаара».