Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 20:1—34

  • Аӡахәаҭраҿы аус зуаз аԥара еиҟараны ироуеит (1—16)

  • Иисус дыршьраны дшыҟоу еиҭа иҳәоит (17—19)

  • Аԥҳәыс лԥацәа рзы Аҳраҿы аҭыԥ даҳәоит (20—28)

    • Иисус ауаа рацәа ҿызхуа иоуп (28)

  • Иисус ҩыџьа алашәцәа ихәышәтәуеит (29—34)

20  Жәҩантәи Аҳра аӡахәаҭра змоу ауаҩы иеиԥшуп. Уи ашьыжь шаанӡа иӡахәаҭразы аусуцәа рыԥшаара дцеит.  Аусуцәеи иареи мышказы динарк* ҳәа ианеилаӡа ашьҭахь, урҭ иӡахәаҭрахь ишьҭит.  Асааҭ 9 шыҟаз* еиҭа данца, аџьармыкьаҿы ибеит аусура иашьҭаз ауаа.  Иара урҭ ус реиҳәеит: „Шәаргьы шәаала сӡахәаҭрахь, ишәықәнагоугьы шәзысшәоит“.  Даргьы цеит. Асааҭ 12 шыҟаз*, нас 3 шыҟаз* еиҭа дцан, иҵегь аусуцәа ааигеит.  Аҵыхәтәаны, асааҭ 5 шыҟаз* еиҭа данца, даҽа шьоук ибан, дразҵааит: „Иахьантәарак аус муӡакәа шәызгылои?“  Дара ирҳәеит: „Аӡәгьы аусура ҳимгаӡеит“. Усҟан иара иреиҳәеит: „Шәаргьы сӡахәаҭрахь шәаала“.  Ианааилахәла, аӡахәаҭра зтәыз аԥшәма имаҵуҩы ус иеиҳәеит: „Аусуцәа ааганы, зегь рышьҭахь иааз рыла уалаганы зегь раԥхьа иааз рҟынӡа, зегьы ирыхәҭоу рызшәа“.  Ахәылбыҽха асааҭ 5 рзы аусура иалагаз анааи, динарк-динарк роуит. 10  Убри аҟынтә зегь раԥхьа аусура иалагаз еиҳаны ироуаз џьыршьеит. Аха даргьы динарк-динарк ауп ироуз. 11  Усҟан дара ашшра иалаган, аӡахәаҭра зтәыз ус иарҳәеит: 12  „Анҭ аҵыхәтәаны иааз сааҭк ауп аус ахьыруз, аха уара иахьантәарак ашоураха аус зуаз иаҳзушәаз аҟара рзушәеит!“ 13  Усҟан иара руаӡәк ус иеиҳәеит: „Сҩыза, ииашамкәа сузныҟәама? Динарк ҳәа акәӡами ҳшеилаӡаз? 14  Иурҳаз уманы уца. Сара аҵыхәтәаны иаазгьы уара иусҭаз аҟара рысҭар сҭахуп. 15  Сԥара ишысҭаху аныхра азин сымаӡами? Мамзаргьы абзиара ахьыҟасҵаз азы ушьыцуоу?“ 16  Убасоуп ашьҭахь игылоу ԥхьаҟа ишаауа, аԥхьа игылоу шьҭахьҟа ишцо». 17  Иисус Иерусалимҟа амҩа данықәыз, 12-ҩык иҵаҩцәа наскьеиган, аӡәгьы имаҳартә еиԥш иреиҳәеит: 18  «Уажәы Иерусалимҟа ҳцоит. Уа ауаҩытәыҩса Иԥа аԥшьаҩ еиҳабацәеи азакәанрҵаҩцәеи дрырҭоит. Дара уи дыршьырц рыӡбоит, 19  насгьы егьырҭ ажәларқәа дрырҭоит, ихыччаларц, ҟамчыла дрыпҟарц, ашьаҟа дкыдҵан дыршьырц, аха ахымш раан иԥсы ҭалоит». 20  Уи ашьҭахь Зеведе́и иԥацәа ран Иисус днаидгылан, диеихырхәан, аказы иҳәара далагеит. 21  Иара ибҭахузеи ҳәа длазҵааит. Лара ус лҳәеит: «Суҳәоит, Уаҳраҿы сыҷкәынцәа руаӡәк уарӷьарахь дыртәа, егьи — уармарахь». 22  Иисус иҳәеит: «Шәара сарӷьарахьи сармарахьи шәтәарц шәҭахуп, аха уи ус имариам. Шәара уи шәзеилкааӡом. Сара изжәуа аҵәца шәзыжәуама?» — «Иаҳжәуеит», — рҳәеит дара. 23  Иара иҳәеит: «Сыҵәца жәжәлоит, аха сарӷьарахьи сармарахьи итәо зыӡбо сара сакәӡам. Урҭ аҭыԥқәа зтәу Саб ззы ирхиаз роуп». 24  Жәаҩык аҵаҩцәа уи анраҳа, урҭ аишьцәа ргәы рзыԥжәеит. 25  Аха Иисус урҭ ааиԥхьан, ус реиҳәеит: «Шәара ижәдыруеит ажәларқәа рнапхгаҩцәа ауаа ԥшәымаҵас ишырхагылоу, ауаа дуқәагьы ажәлар ишрықәиҭу. 26  Аха шәара шәыбжьара ус иҟамзароуп. Шәыбжьара амчра ду иашьҭоу дышәмаҵуҩхароуп, 27  аҭыԥ ду иашьҭоу — шәымаҵ иулароуп. 28  Ауаҩытәыҩса Иԥагьы имаҵ руларц азы акәӡам дзааз. Иара дааит егьырҭ рымаҵ иурц, насгьы ирацәаҩны ауаа иԥсы* рыхҭынҵаны иҿихырц». 29  Иерихон ианалҵуаз, ажәлар рацәа рышьҭалеит. 30  Уа зыла иамбоз ҩыџьа ахацәа амҩаду аҿы итәан. Иисус драҩсны дышцоз анраҳа, иқәҿырҭуа иалагеит: «Иҳақәиҭу, Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа!» 31  Аха ажәлар шәыбжьы шәмырган, ҿышәымҭын ҳәа рарҳәон. Дара еиҳагьы рыбжьы ҭыганы ҿырҭуан: «Иҳақәиҭу, Давид Иԥа, ҳуҳәоит, ҳрыцҳашьа!» 32  Усҟан Иисус даангылан, урҭ даарыԥхьан, ус дразҵааит: «Ишәзыҟасҵарц ишәҭахузеи?» 33  Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, ҳуҳәоит, ҳалақәа аарты». 34  Иисус иаарыцҳаишьан, рылақәа дрылакьысит. Убри аминуҭ азгьы ирбо иҟалеит, дахьцозгьы ишьҭаланы ицеит.

Албаагақәа

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 3-тәи асааҭ азы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ азы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ азы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 11-тәи асааҭ азы».
Ма «иԥсҭазаара».