Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аԥхьажәа

Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала ажәытәуриатә бызшәалеи, арамеи бызшәалеи, ажәытә бырзен бызшәалеи иҩын. Анцәа Иажәа «ажәларқәа зегьы» ахәарҭа рзаанагаларц азы уи бызшәа рацәала аиҭагара аҭахуп (Матфеи 24:14). 27 шәҟәы, Матфеи инаркны Аатра аҟынӡа, «Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа» ҳәа ирышьҭоуп, избанзар аханатә, актәи ашәышықәса ҳара ҳера азы, урҭ бырзен бызшәала иҩын. Изҩыз Анцәа идоуҳа змаз ақьырсианцәа роуп.

Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭага «Адунеи ҿыц» раԥхьаӡа акәны англыз бызшәала иҭыжьын 1950 шықәсазы. Уи шьаҭас иаман Б. Весткотти Ф. Хорти еиқәдыршәаз, еицырдыруа абырзен текст. Уи атексти зегь раасҭа иажәу абырзен манускриптқәа ртексти еиқәшәоит. Аиҭага «Адунеи ҿыц» иахьынӡалшо абырзен текст иақәшәартә еиԥш еиҭагоуп. Аԥсышәала ари аиҭага 2013 шықәсазы англыз бызшәала иҭыҵыз аиҭага шьаҭас иамоуп, уигьы абырзен текст иақәшәартә еиԥш еиҭагоуп. Ҳара хықәкыс иҳамаз аиҭага аоригинал текст иақәшәо иҟазарц мацара акәӡам, ҳара иара убас хықәкыс иҳаман ари аиҭага еилукаартә иҟазарац, насгьы аԥхьара мариазарц. Ацҵаҿы иаагоу астатиақәа «Абиблиа аиҭагаразы апринципқәа», «Ари аиҭага аҷыдарақәа», «Абиблиа ҳара ҳҟынӡа ишааз» рҿы иҳәоуп ари аиҭагаҿы абызшәа инадҳәаланы ӡбарақәас иҟаҵаз.

Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭага «Адунеи ҿыц» ихадоу атекст аҿы Анцәа имоу зеиԥшыҟам ахьӡ Иегова 237-нтә иуԥылоит. Анцәа ихьӡ аԥшьара даараӡа ихадоуп, насгьы ауаа зегьы ихьӡ ҳәаны иҳәалароуп, еиқәхарц азы, убри аҟынтә ари аиҭагаҿы Анцәа ихьӡ Иегова игылазар ахьахәҭоу аҭыԥқәа рҿы иргылан (Матфеи 6:9; Римаа 10:13). Ацҵаҿы иҟоу «Анцәа ихьӡ Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы» захьӡу астатиаҿы иаагоуп ахьӡ Иегова ихадоу атекст аҿы аргыларазы иҟоу мзызқәак.

Ахьӡ «Адунеи ҿыц» Анцәа ауаа зықәиргәыӷыз, аиашара ахьыҟало адунеи ҿыц иадҳәалоуп (2 Пиотр 3:13). Абиблиа Автор бзиа дызбо «Адунеи ҿыц» аиҭагаҩцәа рзы ҭакԥхықәра дууп иахьынӡалшо ииашаны ихәыцрақәеи иажәақәеи реиҭагара. Анцәа ҳиҳәоит гәык-ԥсыкала аҵабырг аилкаара иашьҭоу аԥхьаҩцәа ари аиҭага ахәарҭа ду рзаанагарц (1 Тимофеи 2:4).