Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 5:1—48

  • ИИСУС АШЬХАРАҾЫ ИИҲӘАЗ АЖӘАХӘ (1—48)

    • Иисус ашьхараҿы ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагоит (1, 2)

    • Анасыԥ зхьыԥшу 9 мзызк (3—12)

    • Аџьыкахыши алашареи (13—16)

    • Иисус азакәан наигӡарц дааит (17—20)

    • Иисус далацәажәоит агәыԥжәара (21—26), ахатә ҩыза иԥсахра (27—30), аилыҵра (31, 32), ақәра́ (33—37), ашьоура (38—42), иара убас аӷацәа бзиа ишбалатәу (43—48)

5  Иисус ауаа рацәа аниба, ашьхарахь дхалеит. Дантәа, иҵаҩцәа наидгылеит.  Нас иара ацәажәара далагеит:  «Насыԥ рымоуп Анцәа ида ԥсыхәа шрымам еилызкаауа ауаа, избанзар жәҩантәи Аҳра дара иртәуп.  Насыԥ рымоуп игәырҩо, избанзар ргәырҩақәа рхаршҭхоит.  Насыԥ рымоуп иҟәымшәышәу ауаа, избанзар дара адгьыл рҭынхоит.  Насыԥ рымоуп аиашара иазгәаҟуа, избанзар изызгәаҟуа роуеит.  Насыԥ рымоуп арыцҳашьара злоу, избанзар даргьы рыцҳашьахоит.  Насыԥ рымоуп згәы цқьоу, избанзар дара Анцәа дырбоит.  Насыԥ рымоуп аҭынчра иашьҭоу, избанзар дара Анцәа иԥацәа ракәны иԥхьаӡахоит. 10  Насыԥ рымоуп аиашара азы изышьҭашәарыцо, избанзар жәҩантәи Аҳра дара иртәуп. 11  Насыԥ шәымоуп сара сзы шәыхьӡ андырцәгьо, ианшәышьҭашәарыцо, насгьы иҟам-ианым аншәзырҳәо. 12  Шәыччала, шәгәырӷьала, избанзар ажәҩан аҿы аҳамҭа ду шәзыԥшуп. Убасоуп ажәытәан аԥааимбарцәагьы ишрышьҭашәарыцоз. 13  Шәара адунеи азы аџьыкахыш шәаҩызоуп. Аха аџьыкахыш аҵаара ацәыӡыр, еиҭах иҵааны излаҟауҵои? Уи ауаа ахьаӷрагыло икаумыжьуазар, иабоуго? Уаҳа акгьы иаԥсахом. 14  Шәара адунеи азы шәлашароуп. Ашьхаҿы иқәгылоу ақалақь умбар залшом. 15  Ауаа акәаҷаб анадыркуа, ихырҩаӡом, аҩны иҩноу зегьы алашара днарбаларц азы хыхь ауп иахьықәдыргыло. 16  Шәылашарагьы убас илашалааит, ауаа шәус бзиақәа рбаларц, насгьы жәҩантәи Шәаб дҳараркларц азы. 17  Шәгәы иаанамган сара сзааз, азакәан ма аԥааимбарцәа ирҳәаз аԥысхырц азоуп ҳәа. Иаԥысхырц азы акәӡам, инасыгӡарц азоуп. 18  Аиаша шәасҳәоит: ажәҩани адгьыли шықәымӡаауа еиԥш, азакәан иану нбан хәыҷыкгьы, ҵәаӷәаҷкгьы бжьаӡраны иҟам, иану зегь наӡоит. 19  Абарҭ аԥҟарақәа рҟынтә иреиҵаӡоу ԥҟарак еилазго, егьырҭгьы уи дзырҵо, жәҩантәи Аҳра даԥсахаӡом. Аха урҭ аԥҟарақәа назыгӡо, егьырҭгьы урҭ рынагӡашьа дзырҵо, жәҩантәи Аҳра даԥсахоит. 20  Сара ишәасҳәоит: азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи раасҭа шәиашамхар, жәҩантәи Аҳра жәбараны шәыҟаӡам. 21  Ажәытәан ишырҳәоз шәмаҳахьеи: „Ауаҩы думшьын. Ауаҩы дызшьуа аусӡбарҭахь днаргоит“. 22  Аха сара ишәасҳәоит: аӡәы есымша иашьа игәы изыԥжәозар, аусӡбарҭахь днаргоит, ажәала зашьа длазырҟәуа — Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь днаргоит, „уара агаӡа!“ ҳәа зашьа иазҳәо — амца ахьеилашуа геенна* далажьхоит. 23  Акәырбаннагарҭахь уҳамҭа уманы уаннеилак, уашьа дузгәааны дшыҟоу угәалашәар, 24  уҳамҭа ааныжьны, уашьа иахь уца. Раԥхьа уашьа уинышәа, нас ухынҳәны, уҳамҭа наг. 25  Зуал уқәуи уареи ишәыбжьалаз аимак аусӡбарҭахь шәнеиаанӡа иӡба. Избанзар уа шәнеир, уи аӡбаҩ уииҭоит, аӡбаҩ имаҵзуҩы уииҭоит, имаҵзуҩы абахҭа уҭеикуеит. 26  Аиаша уасҳәоит: иаауқәу зегь ушәаанӡа, уҭыҵраны уҟаӡам. 27  Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Ухатә ҩыза думԥсахын“ ҳәа. 28  Аха сара ишәасҳәоит: абри аԥҳәыс дсымандаз ҳәа аԥҳәыс илыхәаԥшуа дарбанзаалак игәаҿы ихатә ҩыза диԥсаххьеит. 29  Убла агәнаҳа унарҟаҵозар, иҭыхны наҟ иршә. Убла уцәыӡыр еиҳа еиӷьуп, ушеибго геенна* уаларыжьыр аасҭа. 30  Уарӷьа напы агәнаҳа унарҟаҵозар, ихҵәаны наҟ иршә. Уарӷьа напы уцәыӡыр еиҳа еиӷьуп, ушеибго геенна* уаларыжьыр аасҭа. 31  Иара убас иҳәоуп: „Зыԥҳәыс илылҵуа ауаҩы дышлылҵуа ала аршаҳаҭга лиҭааит“. 32  Аха сара ишәасҳәоит: ахаҵа иԥҳәыс длылҵуазар, лара аӡәгьы дышицымныҟәазгьы*, лхаҵа длыԥсахыртә аҟынӡа днеигар алшоит. Уи ахаҵа икаижьыз аԥҳәыс ԥҳәысс дызго ахаҵагьы зыԥҳәыс дзыԥсахуа иеиԥш ахара идлоит. 33  Ажәытәан ишырҳәоз шәмаҳахьеи: „Иегова* иҿаԥхьа ак ҟасҵоит ҳәа уқәызар, уажәа нагӡа, еилоумган“. 34  Аха сара ишәасҳәоит: зынӡаскгьы шәымқәын. Шәымқәлан ажәҩан иамаҿоуп ҳәа, избанзар уи Анцәа итәарҭоуп, 35  адгьыл иамаҿоуп ҳәа, избанзар уи Анцәа ишьапқәа ахьықәиргыло ҭыԥуп, Иерусалим иамаҿоуп ҳәагьы, избанзар уи Аҳ ду* иқалақь ауп. 36  Сара исымаҿоуп ҳәагьы шәымқәлан, избанзар шәыхцәхәыцҵәҟьагьы шкәакәахартә ма еиқәаҵәахартә шәзыҟаҵом. 37  Аха „ааи“ анышәҳәа, „ааи“ акәзааит, „мап“ анышәҳәа, „мап“ акәзааит, избанзар зажәа назмыгӡо Аҩсҭаа* дитәуп. 38  Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Убла ҭызхыз ибла ҭырхроуп. Ухаԥыц ыҵызхыз ихаԥыц ыҵырхроуп“ ҳәа. 39  Аха сара ишәасҳәоит: ацәгьа узызуз ацәгьа изумун. Аӡәы ганкахьала дуҿасыр, егьи агангьы имҵак. 40  Аӡәы аӡбарҭахь унаганы хыхьтәи умаҭәа умихырц иҭаххар, иузынхазгьы наҟ иҭ. 41  Амчра змоу аӡәы километрак уцарц удицалар, ҩ-километракгьы уицца. 42  Аказы иуҳәо ииҭаху иҭ. Аӡәы уалла ак умихырц иҭахызар, мап ицәумкын. 43  Ирҳәо шәмаҳахьеи: „Ишәзааигәоу бзиа дыжәбала, шәаӷа дышәцәымӷыз“ ҳәа. 44  Аха сара ишәасҳәоит: шәаӷацәа бзиа ижәбала, ишәышьҭашәарыцо рзгьы Анцәа шәиҳәала. 45  Убасала жәҩантәи Шәаб иԥацәа шшәакәу аашәырԥшуеит. Избанзар иара ауаа бзиақәагьы ауаа цәгьақәагьы амра рхаирԥхоит, абзиара ҟазҵогьы ацәгьара ҟазҵогьы ақәа рзаируеит. 46  Бзиа ижәбо бзиа шәызбо ракәзар, иарбан ҳамҭоу шәыззыԥшу? Ашәахтә еизызгогьы уи акәӡами иҟарҵо? 47  Аԥсшәа зашәҳәо шәашьцәа рымацара ракәзар, бзиарас иҟашәҵои? Егьырҭ ажәларқәагьы ус акәӡами ишыҟарҵо? 48  Жәҩантәи Шәаб ихы шымҩаԥиго еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ажәар.
Шәахәаԥш Ажәар.
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Анцәа.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».