Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 11:1—30

  • Пиотр апостолцәа иҟалаз-шыҟалаз рзеиҭеиҳәоит (1—18)

  • Варнавеи Савли сириатәи Антиохиа иҟоуп (19—26)

    • Аҵаҩцәа раԥхьаӡа акәны ақьырсианцәа ҳәа рыхьӡхоит (26)

  • Агав амлакра ӷәӷәа шыҟало иҳәоит (27—30)

11  Иудеиа иҟаз апостолцәеи аишьцәеи ираҳаит, иауриамыз ауаагьы Анцәа иажәа шрыдыркылаз.  Пиотр Иерусалимҟа данаа, аԥхьатәхсара иадгылаз иаҽԥнырҳәо  ирҳәон: «Заԥхьатә хсам рыҩны унеины, урыдтәаланы акрышԥарыцуфоз?»  Усҟан Пиотр иҟалаз-шыҟалаз зегь рзеиҭеиҳәеит:  «Сара Ио́ппиа сыҟан. Анцәа иҳәара сшаҿыз, аԥхыӡ еиԥш избеит ақәны иалхыз ашьаршьаф ду иеиԥшыз акы. Уи аԥшьганк ирынкны, ажәҩан аҟынтә сахьгылаз иамариашаны илбааргон.  Ибзианы санахәаԥш, избеит ԥшь-шьапык зҵоу аԥстәқәеи, агыгшәыгқәеи, аҳәазақәеи, аҵарақәеи шылатәаз.  Нас абас бжьык аасаҳаит: „Пиотр, угыланы ишьны иф!“  Аха сара исҳәеит: „Мап, ухаҵкы, сара ахаан исымфацт Анцәа ицқьам ҳәа ииԥхьаӡо зыфара ҟамло акы, иагьысфом“.  Нас даҽазнык ажәҩан аҟынтә абжьы геит: „Уажәшьҭа Анцәа ицқьоуп ҳәа ииԥхьаӡо цқьаӡам ҳәа азумҳәан“. 10  Уи абжьы ахынтә раан иансаҳа ашьҭахь, избаз зегьы ажәҩан ахь ихаргалеит. 11  Убри аамҭазы Кеса́риантәи иааз хҩык ахацәа ҳахьыҟаз аҩны иаадгылеит. 12  Иԥшьоу адоуҳа урҭ срыцны сцарц санаҳәеит. Абарҭ фҩык аишьцәагьы сыцны уи ауаҩ иҩныҟа ҳнеит. 13  Иара иҳаиҳәеит амаалықь иҩны днеины, абас шиеиҳәаз: „Ио́ппиаҟа ауаа шьҭы, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон даарц иарҳәаразы. 14  Иара ишәеиҳәоит уҭаацәеи уареи шәеиқәхарц азы иҟашәҵаша“. 15  Ацәажәара саналага, дара иԥшьоу адоуҳа роуит, уаанӡа ҳара ишҳауз еиԥш. 16  Усҟан сара исгәалашәеит Иҳақәиҭу ишиҳәахьаз: „Иоанн ауаа ӡылоуп ишӡааихуаз, аха шәара иԥшьоу адоуҳала шәӡааххоит“ ҳәа. 17  Анцәа ҳара — Иҳақәиҭу Иисус Христос дхазҵо — иҳаиҭаз аҳамҭа даргьы ириҭазар, сызусҭада сара, Анцәа сиԥырхагахартә еиԥш?» 18  Ари анраҳа, уаҳа Пиотр ажәа имамкӡакәа, Анцәа дҳаракуа абас рҳәеит: «Ус акәзар, Анцәа иҭахуп иауриамгьы аԥсҭазаара роурц азы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц». 19  Стефа́н даныршь ашьҭахь излагаз ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны иқәҵны ицаз аҵаҩцәа Финики́еи, Кипри, Антио́хиеи рҟынӡагьы инеит, аха ажәабжь бзиа зарҳәоз ауриацәа рымацара ракәын. 20  Аха Кипри Кире́неи рҟынтә шьоукы Антио́хиаҟа инеин, бырзен бызшәала ицәажәоз ауаа Иҳақәиҭу Иисус изку ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара иалагеит. 21  Иегова* урҭ дрыцын. Убри аҟынтә Иҳақәиҭу дхазҵаз, насгьы иҵаҩцәахаз рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәахеит. 22  Уи аӡбахә иерусалимтәи аизара аҟынӡа инеит. Убри азы Варна́ва Антио́хиаҟа дрышьҭит. 23  Варна́ва ианиба, Анцәа аҵаҩцәа дшырзылԥхаз, даараӡа дгәырӷьеит. Иара урҭ анаҩсгьы гәыкала Иҳақәиҭу имаҵ руларц ргәазҭеиҵон. 24  Варна́ва дуаҩ бзиан, ихаҵара ӷәӷәан, иԥшьоу адоуҳагьы иман, убри азы Иҳақәиҭу дхазҵаз рацәаҩхеит. 25  Уантәи Варна́ва Савл диԥшаарц азы Тарсҟа дцеит. 26  Даниԥшаа, Антио́хиаҟа диманы дааит. Шықәс дуӡӡак дара уатәи аизарахь иныҟәон, Анцәа иажәа здырҵозгьы рацәаҩын. Убра, Антио́хиа, раԥхьаӡа акәны аҵаҩцәа Анцәа инапхгарала ақьырсианцәа ҳәа рыхьӡхеит. 27  Убри аамҭазы Иерусалимынтәи Антио́хиаҟа аԥааимбарцәа ааит. 28  Ага́в зыхьӡыз руаӡәк иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иҳәеит иаарласны адгьыл зегь аҿы амлакра ӷәӷәа ҟалараны ишыҟаз. Клавди ихаан убас иагьыҟалеит. 29  Усҟан аҵаҩцәа, дасу илшоз ала, иудеиатәи аишьцәа ирыцхраарц рыӡбеит. 30  Урҭ ус иагьыҟарҵеит. Еизыргаз зегьы Варна́веи Савли рыла аизара ахылаԥшыҩцәа* ирзырышьҭит.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».