Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 6

Иарбан ԥааимбаражәақәоу Мессиа изкны Абиблиа заа иаҳәахьаз?

АԤААИМБАРАЖӘА

«Уара, Вифлеем Ефрафа... уара сара сзы духылҵуеит Израиль напхгаҩыс иҟало»

(Михеи 5:2).

ИШЫНАӠАЗ

«Аҳ Ирод ихаан иудеиатәи Вифлеем ақалақь аҿы диит Иисус. Уи ашьҭахь Мрагыларантәи астрологцәа Иерусалимҟа инеит»

(Матфеи 2:1).

АԤААИМБАРАЖӘА

«Рыбжьара сымаҭәа ршон, ҵаҟатәи сымаҭәа азы аҵәы ҭарыԥсон»

(Аԥсалом 22:18).

ИШЫНАӠАЗ

«Аруаа Иисус ашьаҟа данкыдырҵа, хыхьтәи имаҭәа рган, ԥшьыџьара [иршеит]... ...Аха ҵаҟатәи имаҭәа аӡахырсҭа амаӡамызт, ахы инаркны акалҭ аҟынӡа исны иҟан. Усҟан дара ус еибырҳәеит: „Шәааи иԥаҳамжәап, изтәхо ҳаӡбарц азы аҵәы ҭаҳаԥсап“»

(Иоанн 19:23, 24).

АԤААИМБАРАЖӘА

«Иара уи ибаҩқәа акгьы рмыхьырц дырхылаԥшуеит, урҭ рахьтә баҩыкгьы ԥҵәам»

(Аԥсалом 34:20).

ИШЫНАӠАЗ

«Иисус иахь ианнеи, дшыԥсхьаз рбеит, убри аҟынтә ишьапқәа ԥырымҵәаӡеит»

(Иоанн 19:33).

АԤААИМБАРАЖӘА

«Иара ҳагәнаҳақәа рзы аԥса илаҵан»

(Исаиа 53:5).

ИШЫНАӠАЗ

«Аруаа руаӡәк Иисус ивара аԥса налаикшан, уантәи иаразнак ашьеи аӡи дәықәлеит»

(Иоанн 19:34).

АԤААИМБАРАЖӘА

«Дара 30 раӡны сзыршәеит»

(Захариа 11:12, 13).

ИШЫНАӠАЗ

«Усҟан Иуда Искариот зыхьӡыз, 12-ҩык ируаӡәкыз, аԥшьаҩ еиҳабацәа рахь дцан, ус дразҵааит: „Иисус дшәысҭар, шаҟа сзышәшәои?“ Дара 30 раӡны идыргалеит»

(Матфеи 26:14, 15; 27:5).