Аатра 4:1—11

  • Иоанн Иегова итәарҭаҭыԥ ибоит (1—11)

    • Иегова итәарҭаҭыԥ аҿы дтәоуп (2)

    • 24-ҩык аиҳабацәа атәарҭақәа рҿы итәоуп (4)

    • Ԥшьҩык ахерувимцәа (6)

4  Уи ашьҭахь сара избеит ажәҩан аҿы ашә аатны ишыҟаз. Раԥхьа исаҳаз абжьы абыкь бжьы иеиԥшын, уи абас санаҳәеит: «Ухал арахь, сара иҟалараны иҟоу усырбоит».  Убри аминуҭ азы Анцәа идоуҳа соун, избеит ажәҩан аҿы аҳ итәарҭа шгылаз, насгьы уа аӡә дыштәаз.  Уи аиашмеи асердолики* реиԥш дкаҷҷон. Аҳ итәарҭа иаакәыршаны аизумруд ԥштәы змаз ацәаҟәа кыдын.  Аҳ итәарҭа иаакәыршаны 24 тәарҭа гылан, урҭ атәарҭақәа рҿы амаҭәа шкәакәақәа зшәыз 24-ҩык аиҳабацәа тәан. Дара ахьы иалхыз агәыргьынқәа рхан.  Аҳ итәарҭа аҟынтә адыд-мацәыси абжьқәеи ааҩуан, уи аԥхьа арлашагақәа быжьба жжаӡа илашон. Урҭ арлашагақәа Анцәа иитәу быжь-доуҳак аадырԥшуеит.  Аҳ итәарҭа аҿаԥхьа асаркьа иалху амшын иеиԥшыз ак ыҟан. Уи ахрусталь иеиԥш еилаарцыруан. Аҳ итәарҭа ахьыҟаз аҭыԥ агәҭаны, иара убас уи атәарҭа иаакәыршаны ԥшьҩык ахерувимцәа* гылан. Дара раԥхьагьы рышьҭахьгьы аблақәа рацәаны ирыман.  Актәи ахерувим алым деиԥшын, аҩбатәи — ацә деиԥшын, ахԥатәи ихаҿсахьа ауаҩы ихаҿсахьа иеиԥшын, аԥшьбатәи — ажәҩан иалоу ауарбажә деиԥшын.  Ахерувимцәа рыцыԥхьаӡа фба-фба мҵәыжәҩа рыман. Рымҵәыжәҩақәа зехьынџьара, аҩныҵҟалагьы адәахьалагьы, алақәа рацәаны ирыман. Дара ааҟәымҵӡакәа, уахгьы-ҽынгьы абас рҳәон: «Дыԥшьоуп, дыԥшьоуп, дыԥшьоуп Зегьзымчу Анцәа Иегова*, иҟоу, иҟаз, насгьы иааираны иҟоу».  Ахерувимцәа аҳ итәарҭаҿы итәоу, насгьы наӡаӡа инхо данҳараркуаз, хьӡи-ԥшеи анирҭоз, иҭабуп ҳәа аниарҳәоз, 10  24-ҩык аиҳабацәа аҳ итәарҭаҿы итәоу, наӡаӡа инхо иҿаԥхьа ишьамхышгыланы иеихырхәон. Дара ирхаз агәыргьынқәагьы рхыхны, иаԥхьа ишьҭаҵаны абас рҳәон: 11  «Амч ду змоу Ҳанцәа Иегова, уара хьӡи-ԥшеи, аҳаҭыри, амчи урыԥсоуп, избанзар зегь зшаз уара уоуп, уара иуҭаххеит азоуп зегь зыҟоу, изшоу».

Албаагақәа

Ма «зыхә ҳараку ахаҳә ҟаԥшьи».
Ахерувимцәа аҭыԥ ду аанызкыло маалықьцәоуп.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.