Аатра 11:1—19

  • Ҩыџьа ашаҳаҭцәа (1—13)

    • Аџьабарамаҭәа рышәҵаны 1 260 мшы иԥааимбаруеит (3)

    • Ишьуп, анышә иамҭаӡакәа иныжьуп (7—10)

    • Хымши бжаки рышьҭахь рыԥсы ҭаҵоуп (11, 12)

  • Аҩбатәи арыцҳара нҵәеит, ахԥатәи ааира иаҿуп (14)

  • Абыжьбатәи абыкь абжьы (15—19)

    • Ҳанцәеи Ҳанцәа Христос иакәны иалихызи Раҳра (15)

    • Адгьыл ықәызхуа ықәыххоит (18)

11  Ашәагатә лаба насдыркын, ус сарҳәеит: «Уцаны, Анцәа иныҳәарҭеи акәырбаннагарҭеи шәа, аныҳәарҭаҿы Анцәа имҵахырхәогьы шаҟаҩы ыҟоу ԥхьаӡа.  Аныҳәарҭа ааигәа иҟоу ашҭа уаҟәыҵ, иумшәан, избанзар уи ажәларқәа ирыҭоуп. Дара иԥшьоу ақалақь 42 мзы идыргәаҟлоит.  Сара ҩыџьа сышаҳаҭцәа аџьабарамаҭәа рышәҵаны 1 260 мшы иԥааимбарлартә иҟасҵоит».  Урҭ ашаҳаҭцәа ҩ-маслинаки арлашагақәа ҩбеи рыла иаарԥшуп. Дара адгьыл Иақәиҭу иҿаԥхьа игылоуп.  Урҭ аӡәы акы рзиурц иҭаххар, рҿы амца ҭҟьаны, раӷацәа ықәыццышәаа иагоит. Убас иршьуеит урҭ ак рзызурц зҭаху зегьы.  Дара ажәҩан аркразы амчра рымоуп, аԥааимбаражәақәа анырҳәало амшқәа раан ақәа млеиларц. Дара иара убас амчра рымоуп аӡы ашьа алырхларц, насгьы ианаарҭаххалак адгьыл еиуеиԥшым арыцҳарақәа иақәдыршәаларц.  Ҩыџьа урҭ ашаҳаҭцәа аԥааимбаражәақәа ҳәаны ианалгалак ашьҭахь, атымитыша иҭыҵыз агыгшәыг рабашьуеит, ириааиуеит, иашьуеит.  Рыԥсыбаҩқәа ақалақь ду амҩаду аҿы икажьзаауеит. Уи ақалақь, инықәырԥшны иуҳәозар, Содо́ми Египети ҳәа иашьҭоуп, уи ақалақь аҿы ауп Ирықәиҭугьы ашьаҟа дкыдҵаны дахьыршьыз.  Биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа хымши бжаки игыланы урҭ аԥсыбаҩқәа ирыхәаԥшлоит, анышә иарҭаргьы руӡом. 10  Адгьыл иқәынхо урҭ рыԥсра иеигәырӷьалоит, ныҳәак еиԥш иеигәырӷьаны аҳамҭақәа еимырдалоит, избанзар ҩыџьа урҭ аԥааимбарцәа адгьыл иқәынхо дыргәаҟуан. 11  Хымши бжаки рышьҭахь Анцәа урҭ рыԥсы ҭеиҵеит, даргьы ршьапы иқәгылеит. Уи збаз даараӡа ишәеит. 12  Ажәҩан аҟынтәи быжь дук ган, ҩыџьа урҭ аԥааимбарцәа арахь шәхал ҳәа ранаҳәеит. Даргьы аԥҭақәа ирылаланы ажәҩан ахь ихалеит, раӷацәагьы уи рбон. 13  Убри асааҭ азыҵәҟьа адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалан, ақалақь ажәабатәи ахәҭа еилабгеит, 7 000-ҩык ауаагьы ҭахеит, иаанхаз шәан, ажәҩан Анцәа дҳараркит. 14  Инҵәеит аҩбатәи арыцҳара. Ахԥатәи арыцҳара ирласны ааира иаҿуп. 15  Абыкь дасит абыжьбатәи амаалықь. Усҟан ажәҩан аҟынтә абас зҳәоз быжь дуқәак геит: «Уажәшьҭа Ҳанцәеи Ҳанцәа Христос иакәны иалихызи Раҳра ауаа зегьы напхгара рызнауеит, иара* наӡаӡа аҳас дыҟазаауеит». 16  Усҟан Анцәа иаԥхьа атәарҭақәа рҿы итәаз 24-ҩык аиҳабацәа шьамхышгыланы Анцәа имҵахырхәан, 17  ус рҳәеит: «Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит, Иегова*, иҟоу, иҟаз, Зегьзымчу Анцәа, умчра ду унапахьы иганы, аҳра аура уахьалагаз азы. 18  Аха ажәларқәа ргәы ԥжәеит. Иааит уара угәыԥжәара аамҭагьы, иааит аамҭа иԥсхьоу рус ануӡбо, умаҵуцәа-аԥааимбарцәа аҳамҭа анруҭо, иара убас иԥшьоу, насгьы ухьӡ иацәшәо* зегьы, анхаҩцәа реиԥш, ауаа дуқәагьы аҳамҭа анруҭо, иааит аамҭа адгьыл ықәызхуа рықәхра азгьы». 19  Ажәҩан аҿы Анцәа иныҳәарҭа* аатит. Усҟан аныҳәарҭаҿы аиқәшаҳаҭра аковчег убарҭахеит. Идыдит, имацәысит, абыжьқәа геит, адгьыл ҵысит, акырцх ӷәӷәа ауит.

Албаагақәа

Иҟалап Анцәа.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».
Ма «аԥшьаҭыԥ». Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ.