Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 17:1—26

  • Иисус иапостолцәа Анцәа дрыциҳәоит — аҵыхәтәантәи аҳәара (1—26)

    • Наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц азы Анцәа деилукаалароуп (3)

    • Ақьырсианцәа адунеи иатәӡам (14—16)

    • «Уажәа ҵабыргуп» (17)

    • «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит» (26)

17  Иисус абри ҳәаны даналга ашьҭахь, ажәҩан днаҵаԥшын, ус иҳәеит: «Саб, иааит аамҭа. Дҳаракы уԥа, уԥа уаргьы уҳареикырц азы.  Уара уи амчра иуҭеит, ауаа зегьы инапаҵаҟа иҟаларц азы, дызхаургылаз зегьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара риҭарц азы.  Наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы, дара Нцәас иҟоу уара заҵәык уеилыркаалароуп, иааушьҭыз Иисус Христосгьы деилыркаалароуп.  Сара адгьыл аҿы уҳараскит, снапы иануҵаз аус насыгӡеит.  Уажәшьҭа, Саб, суҳәоит, сҳаракы: уааигәара сыҟазарц азин сыҭ, исыҭ адунеи ҟалаанӡа уааигәара саныҟаз исымаз ахьӡ-аԥша.  Сара адунеи иалхны исуҭаз ауаа ухьӡ рзаасыртит. Урҭ уара иутәын, аха сара исуҭеит. Дара уажәа иқәныҟәоит.  Уажәшьҭа дара ирдыруеит исуҭаз зегьы уара уҟынтә шакәу,  избанзар исоуҳәаз ажәақәа расҳәеит, даргьы урҭ рыдыркылеит. Дара еилыркааҵәҟьеит уара уҟынтә сшааз, уара сшааушьҭызгьы агәра ргеит.  Сара дара рзоуп сызуҳәо, адунеи азы акәӡам. Уара исуҭақәаз рзоуп сызуҳәо, избанзар урҭ уара иутәуп. 10  Сара истәу зегь уара иутәуп, уара иутәу сара истәуп, урҭ рыбжьара сара ахьӡ-аԥша сымоуп. 11  Дара адунеи аҿы иҟоуп, сара уажәшьҭа адунеи аҿы сыҟаӡам, избанзар уара уахь сцоит. Иԥшьоу Саб, уареи сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу еиԥш, даргьы аӡәк иеиԥш иҟаларц азы ихьчала, уара исуҭаз ухьӡ аҳаҭыразы. 12  Санрыцыз, сара урҭ сырхылаԥшуан, исуҭаз ухьӡ аҳаҭыразы. Сара урҭ сыхьчон, дара рҟынтә аӡәгьы дҭамхаӡеит, аҭахара аԥа ида, Аҩыра иану наӡарц азы. 13  Аха уажәшьҭа уара уахь сцоит. Абри зегь сҳәоит адунеи аҿы сыҟанаҵы, исымоу агәырӷьара даргьы инагӡаны ироурц азы. 14  Сара уажәа рысҭеит, аха адунеи урҭ ацәымыӷхеит, избанзар дара адунеи иатәӡам, саргьы адунеи сшатәым еиԥш. 15  Сара урҭ адунеи иалугарц акәӡам сызуҳәо, суҳәоит Аҩсҭаа* ицәухьчаларц. 16  Урҭ адунеи иатәӡам, сара адунеи сшатәым еиԥш. 17  Иԥшьа урҭ уажәа ала, избанзар уажәа ҵабыргуп. 18  Уара адунеи ахь сшааушьҭыз еиԥш, саргьы урҭ адунеи ахь исышьҭит. 19  Сара дара раҳаҭыразы сыԥшьаны саанхоит, даргьы аҵабырг абзоурала иԥшьахарц азы. 20  Сара дара рзы мацара акәӡам сызуҳәо, суҳәоит ражәа абзоурала схазҵараны иҟоу рзгьы. 21  Саб, уареи сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу еиԥш, даргьы аӡәк иеиԥш иҟалааит, аӡәк иеиԥш ҳаргьы иҳацҟалааит, адунеи уара сшааушьҭыз агәра агарц азы. 22  Сара урҭ уара уҟынтә исоуз ахьӡ-аԥша рысҭеит, даргьы уареи сареи ҳаиԥш аӡәыкны иҟаларц азы. 23  Дареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, иара убас уареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, дара аӡәк иеиԥш инагӡаны иҟаҵәҟьазарц азы, адунеигьы уара сшааушьҭыз адырырц, насгьы урҭ уара бзиа сшубо еиԥш бзиа ишубо еилнакаарц азы. 24  Саб, сара исҭахуп уара исуҭақәаз сара сахьыҟоу иҟаларц, исуҭаз ахьӡ-аԥша рбарц, избанзар уара адунеи шьақәгылаанӡагьы* бзиа субон. 25  Ииашоу Саб, адунеи уара уаздырӡом, сара уздыруеит, исуҭақәазгьы ирдыруеит уара сшааушьҭыз. 26  Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит, анаҩсгьы ирзаасыртлоит, уара бзиа сшубо еиԥш даргьы егьырҭ бзиа ирбаларц, дареи сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟазарц».

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».
Адами Евеи ахшара роуаанӡа.