Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 24:1—27

  • Павел идырҵо ахара (1—9)

  • Павел Феликс иҿаԥхьа ихы ихьчоит (10—21)

  • Павел иус ҩышықәса ирыӡбоит (22—27)

24  Хәымш рышьҭахь аԥшьаҩ хада Ана́ниа ажәлар реиҳабацәеи Терту́лл зыхьӡыз адукати* иманы, Кесариа́ҟа днеит. Уа дара анапхгаҩ иҿаԥхьа Павел харас идырҵоз атәы рҳәеит.  Терту́лл ианиԥхьа, Феликс иҿаԥхьа Павел харас идырҵо аҳәара далагеит. Иара иҳәеит: «Уаҳаракыра Феликс, ухаҵкы! Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит иҟәыӷоу унапхгара абзоурала иҳамоу аҭынчразы, ауаажәлар рыԥсҭазаара ахьеиӷьутәыз азы.  Иаҳзыҟауҵо зегьы ахә ҳаракны иаҳшьоит.  Аамҭа рацәаны иуцәызгар сҭахӡам, иааркьаҿны иаҳҭаху уаҳҳәоит. Ҳуҳәоит, ишуҟазшьоу еиԥш, ачҳара аарԥшны уаҳзыӡырҩырц.  Ари ауаҩ цәгьамзар бзиа ҟаиҵаӡом, адунеи иқәынхо ауриацәа зегьы хыла-гәыла еилеиҵоит, назаретаа рсекта дахагылоуп.  Уимоу, аныҳәарҭа иҟьашьыр иҭахын, убри азы дҭаҳкит.  ——*  Иҿахәы иҿухыр, ухаҭа еилукаауеит, иаҳҳәо зегь шҵабыргу».  Абри аниҳәа ашьҭахь, ауриацәа ииҳәаз зегь иашоуп ҳәа аҳәара иалагеит. 10  Феликс ихы рҵысны Павел адырга анииҭа, Павел ацәажәара далаган, ус иҳәеит: «Сара издыруеит, ари ажәлар рус акыршықәса аӡбара ушаҿу, убри аҟынтә уҿаԥхьа сымшәа-смырҳа сажәа сҳәоит. 11  Сара 12 мшҟа раԥхьа Анцәа симҵахырхәарц азы Иерусалимҟа снеит. Уи ус шакәыз ухаҭа еилукаар улшоит. 12  Аныҳәарҭаҿы аӡәы ажәа имаскуа, асинагогақәа рҿы ма ақалақь аҿы хыла-гәыла ажәлар еиласҵо аӡәгьы симбаӡеит. 13  Уажәы исхарарҵогьы рзышьақәырӷәӷәаӡом. 14  Аха имӡакәа иуасҳәоит, дара асекта ҳәа изышьҭоу ахаҵара инақәыршәаны сабацәа Рынцәа имаҵ шызуа, азакәан иануи аԥааимбарцәа ирҩызи агәра шызго. 15  Саргьы дара реиԥш агәра згоит, Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо, ауаа иашақәагьы, ииашақәамгьы. 16  Убри аҟынтә еснагь исылшо зегь ҟасҵоит, Анцәа иҿаԥхьагьы, ауаа рҿаԥхьагьы сыламыс цқьазарц азы. 17  Акыр шықәса рышьҭахь сара Иерусалимҟа схынҳәит, ацхырааразы еизыргаз сыжәлар ирзаазгарц, насгьы Анцәа акәырбанқәа изназгарц азы. 18  Азакәан ишаҳәоз еиԥш сыҽрыцқьаны, аныҳәарҭаҿы убри аус сшаҿыз ауп сшырбаз. Сара ажәлар сыцӡамызт, хыла-гәыла еиласҵаӡомызт. Аха уа Азиантәи* ауриацәа ыҟан, 19  убарҭ роуп, исхарарҵо ҳәа акыр рымазҭгьы, уара уахь иааны изҳәашаз. 20  Мамзаргьы абра иҟоу ирҳәааит, Асинедрио́н аԥхьа сангылаз, харас исыдны ирбаз, 21  акызаҵәык исҳәаз „иахьа аԥсцәа рыԥсы шҭало агәра ахьызго азы исықәыӡбоит“ ҳәа ауп». 22  Уи Амҩа атәы ибзианы издыруаз Феликс ари аус нышьҭеиҵан, ус иҳәеит: «Шәызҵаара 1 000-ҩык аруаа ирхагылоу Ли́си данааилак исыӡбоит». 23  Нас иара 100-ҩык аруаа ирхагылаз Павел дҭеикырц адҵа ииҭеит, аха иеиҳәеит маҷк ахақәиҭра ииҭарц, иҩызцәа неины ицхрааларц азы. 24  Мышқәак рышьҭахь Феликс иауриаз иԥҳәыс Друзи́лла диманы дааит. Феликс Павел дааргарц ауаа ишьҭит. Иара иҭахын Павел еиҭеиҳәарц ауаҩы Христос Иисус дхеиҵарц азы иҟаиҵаша. 25  Аха Павел аиашареи, аҽынкылареи, аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аӡбареи ртәы аҳәара даналага, Феликс дшәан, ус иҳәеит: «Уажәазы наҟ уца, нас аамҭа ансоулак, уааргарц азы ауаа насышьҭуеит». 26  Убри аамҭазгьы иара дгәыӷуан Павел аԥара ииҭоит ҳәа, убри азы зныкымкәа дааганы диацәажәон. 27  Ицеит ҩышықәса. Феликс иҭыԥ аҿы По́рци Фест днеит. Аха Феликс ауриацәа ргәы ҟаиҵарц иҭахын азы, Павел доуимышьҭӡеит, дышҭакыз даанижьит.

Албаагақәа

Ма «аиуристи».
Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.
Шәахәаԥш Ажәар.