1 Пиотр 5:1—14

  • «Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала» (1—4)

  • Ахынраалара аашәырԥшла, шәгәышәҽаныз (5—11)

    • Шәгәы иҵхо зегь Анцәа инапы ианышәҵа (7)

    • Аџьныш ицхлымуа алым еиԥш дықәуп (8)

  • Пиотр иажәа хиркәшоит (12—14)

5  Аизара ахылаԥшыҩцәа*, саргьы шәара шәеиԥш аизара ахылаԥшҩы* соуп, Христос ихигаз агәаҟрақәа сыблақәа рыла избон, зегьы ирбарҭахо ахьӡ-аԥша шәара ианшәоуа саргьы исоуеит, убри азы аказы сшәыҳәар сҭахуп:  ахылаԥшыҩцәа реиԥш амаҵ уа, шәнапы ианҵоу Анцәа иԥсаса ахьчацәа реиԥш шәеиҷаҳала. Аӡәы ишәыдицалошәа акәымкәа, Анцәа имаҵ зуа ишрыхәҭоу еиԥш гәыкала шәеиҷаҳала, феидак шәоурц азы акәымкәа, гәык-ԥсыкала.  Анцәа иитәқәоу шәрыԥшәымоушәа шәырмықәыӷәӷәалан, уи аҭыԥан Анцәа иԥсаса аҿырԥш бзиа дшәырбала.  Усҟан, ахьча хада данааилак*, ахаангьы акгьы змыхьуа зеиԥшыҟам аҳамҭа* шәоуеит.  Иқәыԥшу аишьцәа, шәаргьы ишәеиҳабацәоу ахацәа* рҳәатәы шәазыӡырҩла. Ахынраалара аарԥшуа, аӡәи-аӡәи шәымаҵ еибаула, избанзар Анцәа иԥагьоу ицәымӷуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит.  Ахынраалара аарԥшны Анцәа инапы ӷәӷәа шәҽанышәҵа, усҟан иара ианаамҭоу шәҳареикуеит.  Шәгәы иҵхо зегь инапы ианышәҵа, избанзар иара хьаас шәимоуп.  Шәҟәышыз, шәгәышәҽаныз! Шәаӷа, Аџьныш, ицхлымуа алым еиԥш дықәуп, илбааидашагьы дрышьҭоуп.  Ахаҵара ӷәӷәа аарԥшны уи шәиҿагыл, избанзар шәара ижәдыруеит адунеи зегь аҿы шәашьцәагьы шәара шәзықәшәо агәаҟрақәа рҩызцәа ишрықәшәо. 10  Христос ила наӡаӡатәи ахьӡ-аԥша ахь шәаазыԥхьаз, еснагь ҳзыԥсам ақьиара аазырԥшуа Анцәа аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа шәангәаҟлак ашьҭахь, ихаҭа имаҵ аура шәазыҟаиҵоит. Иара шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит. 11  Иара иоуп наунагӡа амчра зтәу. Амин. 12  Гәык-ԥсыкала исзыҟоу сашьа Силуа́н ицхыраарала ишәзызҩыз ари асаламшәҟәы хәыҷы ала шәгәы шьҭысхыр сҭахын, иара убас исҭахын Анцәа шәзыԥсам ақьиара шааирԥшыҵәҟьаз агәра шәсыргар. Уи шәцәыӡыр шәымун. 13  Асалам шәылҭоит Вавилон иҟоу, шәара шәеиԥш Анцәа иалихыз ҳаҳәшьа. Иара убас асалам шәиҭоит сыҷкәын Марк. 14  Аԥсшәа анеибышәҳәо, шәгәыдеибакылала. Христос иҵаҩцәа зегьы, аҭынчра шәыгымзааит.

Албаагақәа

Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зегьы данырбарҭахо».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «агәыргьын».
Ма «аизара ахылаԥшыҩцәа».