Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 7

Иаҳәозеи Абиблиа иахьатәи ҳаамҭа иазкны?

«Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит... Убасоуп арыцҳарақәа ишрылаго»

(Матфеи 24:7, 8).

«Имаҷҩымкәа амцԥааимбарцәа цәырҵуеит, иржьогьы рацәаҩхоит. Ацәгьоурақәа ахьырацәахо иахҟьаны, ауаа реиҳараҩык абзиабара рцәыӡуеит»

(Матфеи 24:11, 12).

«Ана-ара аибашьрақәа шцо аншәаҳалак, шәымшәан, избанзар уи зегьы ҟалараны иҟоуп, аха адунеи аҵыхәтәа усҟан акәӡам ианааиуа»

(Марк 13:7).

«Адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалоит, ана-ара иҟалоит амлакреи ачымазара ҿкқәеи. Ауаа ахҭыс ҿаасҭақәеи ажәҩан аҿы уаҩ иимбац аџьашьахәқәеи рбоит»

(Лука 21:11).

«Иудыруаз, аҵыхәтәантәи амшқәа раан аамҭа даараӡа ишыцәгьахо. Ауаа рхы мацара иазхәыцлоит, аԥара бзиа ирбалоит, иҽхәалоит, рхы ҳарарклоит, Анцәеи ауааи иҽеимкәа ирыхцәажәалоит, рҭаацәа ирзыӡырҩлаӡом, ҭабуп ҳәа рҳәалаӡом, ирзааигәоу ауаа аанрыжьлоит, агәыбылра рцәыӡуеит, нышәара зқәым ракәхоит, ауаа иҟам-ианым рзырҳәалоит, аҽынкылара рцәыӡуеит, ргәыжәла цәгьахоит, абзиара рцәымӷзаауеит, рҩызцәа рҭилоит, рҳәатәы иадыргалоит, иԥагьахоит, Анцәа иаасҭа ақьафура еиҳа бзиа ирбалоит, гәык-ԥсыкала Анцәа дырҭахушәа ҟарҵалоит, арахь русқәа иудырбо даҽакхоит»

(2 Тимофеи 3:1—5).