Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 24:1—51

  • ХРИСТОС ДААНЫ ДШЫҞОУ УЗЫРБО АДЫРГА (1—51)

    • Аибашьрақәеи, амлакреи, адгьылҵысрақәеи (7)

    • Ажәабжь бзиа зегьы ирылаҳәахоит (14)

    • Арыцҳара ду (21, 22)

    • Ауаҩытәыҩса Иԥа идырга (30)

    • Алаҳаҵла (32—34)

    • Нои ихаан ишыҟаз еиԥш (37—39)

    • Шәгәышәҽаныз (42—44)

    • Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩи амаҵуҩы цәгьеи (45—51)

24  Иисус аныҳәарҭа дандәылҵуаз, иҵаҩцәа наидгылеит, аныҳәарҭа зегь идырбарц азы.  Иара иҳәеит: «Ижәбома абри зегьы? Аиаша шәасҳәоит, абраҟа хаҳәыки хаҳәыки еиқәны иаанхаӡом, зегь ԥыххааса ицоит».  Амаслинаҵлақәа рышьхаҿы дантәаз, иҵаҩцәа наидгылан, ус иазҵааит: «Иҳауҳәар ҳҭахын, ианбаҟало абри зегьы? Иарбан дыргоу иаҳзырбо ушыхынҳәыз*, насгьы ари адунеи аҵыхәтәа* шааигәахаз?»  Иисус ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, аӡәгьы шәимжьааит,  избанзар сыхьӡ зманы иаауа рацәаҩхоит, иагьырҳәалоит: „Сара Христос соуп“, убас иржьо рацәаҩхоит.  Ана-ара аибашьрақәа шцо шәаҳалоит, аха шәымшәан, избанзар уи зегь ҟалараны иҟоуп. Аха адунеи аҵыхәтәа усҟан акәӡам ианааиуа.  Ажәлари ажәлари еибашьлоит, аҳреи аҳреи еиҿагылоит, ана-ара амлакреи адгьылҵысрақәеи ҟалоит.  Убасоуп арыцҳарақәа ишрылаго.  Усҟан ишәышьҭашәарыцалоит, шәагьыршьлоит, насгьы сыхьӡ азы ажәларқәа зегьы шәырцәымыӷхоит. 10  Усҟан ахаҵара зцәыӡуа рацәаҩхоит, аӡәи-аӡәи еибаҭилоит, цәымӷыс ишьҭибахлоит. 11  Имаҷҩымкәа амцԥааимбарцәа цәырҵуеит, иржьогьы рацәаҩхоит. 12  Ацәгьоурақәа ахьырацәахо иахҟьаны, ауаа реиҳараҩык абзиабара рцәыӡуеит. 13  Аха аҵыхәтәанынӡа изычҳаз деиқәхоит. 14  Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит, ажәларқәа зегьы ираҳарц азы. Убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа. 15  Аԥааимбар Даниил дызлацәажәоз ақәӡаара аазго ахәымгара иԥшьоу аҭыԥ аҿы ишгылоу аныжәбалак (иаԥхьо* еиликааит), 16  усҟан Иудеиа иҟақәоу ашьхарахь иҩны ицааит. 17  Аҩны ахыб иқәу иакәзар, имаҭәақәа дәылигарц азы сылбаауеит ҳәа даламгааит, 18  амхы иҭоугьы хыхьтәи имаҭәа игарц азы дыхнымҳәааит. 19  Шаҟа ирыцҳахозеи урҭ амшқәа раан зцәазтәымкәа иҟоу аҳәсеи агәыԥҳәы иаҵоу аԥшқацәа змоу аҳәсеи! 20  Анцәа шәиҳәала аҩра шәықәымшәарц аӡынра, мамзаргьы асабшаҽны, 21  избанзар усҟан иҟалоит адунеи аншаз инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлац, уаҳа иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду. 22  Уи аамҭа ркьаҿмызҭгьы аӡәгьы дзеиқәхомызт, аха Анцәа иалихыз раҳаҭыр азы уи аамҭа ркьаҿхоит. 23  Усҟан ишәарҳәар: „Христос ара дыҟоуп!“, ма „Ана дыҟоуп!“ ҳәа, ихашәымҵан, 24  избанзар аџьашьахәқәа рацәаны иҟазҵо амцхристосцәеи амцԥааимбарцәеи цәырҵуеит, дара Анцәа иалихызгьы ржьарц рҭаххоит. 25  Ижәдыруаз, сара заа шәгәышәҽанысҵеит. 26  Абасала, „уи ацәҳәыраҿы дыҟоуп“ ҳәа шәарҳәаргьы, шәымцан, „имаӡоу аҭыԥ аҿы дыҟоуп“ ҳәа шәарҳәаргьы, ихашәымҵан. 27  Ауаҩытәыҩса Иԥа ихынҳәра* мрагылара ицәырҟьо, аха мраҭашәаранӡа иубо амацәыс иеиԥшхоит. 28  Аԥсхаԥсжьы ахькажьу ауарбажәқәа еизоит. 29  Убарҭ амшқәа раан иҟало арыцҳара ашьҭахьҵәҟьа, амра лашьцоит, амза еиқәаҵәахоит, аеҵәақәа кыдыбгоит, ажәҩан амчқәагьы ҵысуеит. 30  Убасҟан ажәҩан аҿы ауаҩытәыҩса Иԥа идырга цәырҵуеит, убри аҟынтә ажәларқәа зегьы ргәы иаасуа еибарҵәыуалоит. Дара дырбоит амч зманы, хьыӡла-ԥшала аԥҭақәа ирылаланы иаауа ауаҩытәыҩса Иԥа. 31  Абыкь абыжь ду ангалак, иара амаалықьцәа ишьҭуеит, ԥшь-ԥшак рҟынтә*, ажәҩан ахи-аҵыхәеи рҟынтә, Анцәа иалихыз еизыргарц азы. 32  Шәазхәыц: алаҳаҵла амахәҭа ҿақәа рҿы абыӷьқәа пытуа ианалаго, аԥхынра шааигәоу жәдыруеит. 33  Убасҵәҟьа абри зегь аныжәбалак, ижәдыруаз ауаҩытәыҩса Иԥа дааирц акгьы шигым, ашә дшылагылоу. 34  Аиаша шәасҳәоит: ари абиԥара ииасаанӡа абри зегь ҟалоит. 35  Ажәҩани адгьыли ықәӡаауеит, аха сажәа ахаангьы иӡӡом. 36  Уи амши асааҭи анааиуа аӡәгьы издырӡом, ажәҩан аҿы иҟоу амаалықьцәагьы ирыздырӡом, Аԥагьы издырӡом, издыруа — Саб заҵәык иоуп. 37  Нои ихаан ишыҟаз еиԥш ауп ауаҩытәыҩса Иԥагьы даныхынҳәуа* ишыҟало. 38  Аӡхыҵра ҟалаанӡа ауаа акрырфон, акрыржәуан, аҳәса ааргон, хаҵа ицон, убри иаҿын Нои аковчег дҭалаанӡа. 39  Аӡы рыжәланы зегь ықәнахаанӡа акгьы ишазымхәыцуаз еиԥш ауп ауаҩытәыҩса Иԥа даныхынҳәуагьы ишыҟало. 40  Усҟан ҩыџьа ахацәа амхы иҭазаауеит: руаӡәк дгахоит, егьи дааныжьхоит. 41  Илаго ҩыџьа аҳәса рҟынтә аӡә дгахоит, егьи дааныжьхоит. 42  Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар Ишәықәиҭу данаауа амш шәыздырӡом. 43  Шәазхәыц: аԥшәма аӷьыч данааиуа идыруазҭгьы, дмыцәаӡакәа дҷаԥшьалон, иҩны дыҩналаргьы иуӡомызт. 44  Убри аҟынтә шәаргьы шәҽырхианы шәыҟаз, избанзар ауаҩытәыҩса Иԥа шәанымгәыӷуа асааҭ азоуп данаауа. 45  Дызусҭада узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш? Уи аԥшәма иҩнаҭаҿы иҟоу егьырҭ имаҵуцәа дырхаиргылеит, ианаамҭоу афатә риҭаларц азы. 46  Насыԥ имоуп уи амаҵуҩы, иԥшәма данаалак, идиҵаз аус дшаҿу ибар. 47  Аиаша шәасҳәоит, уи имазара зегьы дахаиргылоит. 48  Аха уи дмаҵуҩы цәгьахар, насгьы „сыԥшәма макьана дааӡом“ ҳәа ҳәаны, 49  егьырҭ амаҵуцәа рыпҟара далагар, аҩыжәцәа дрыдтәаланы акрифалар, акрижәлар, 50  данымгәыӷуа амши асааҭи рзы иԥшәма дааны, 51  аума изааганы, ҩ-цәак зхарԥоу ахьыҟоу дрылаижьуеит. Уа иара ихаԥыц аҿҿа арго дҵәыуалоит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «паруси́а». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Христос ихынҳәра».
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа».
Даниил иԥааимбаражәа иаԥхьо.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «паруси́а». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Христос ихынҳәра».
Мрагыларантәи, мраҭашәарантәи, аладантәи, аҩадантәи.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «паруси́а». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Христос ихынҳәра».