Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 20:1—31

  • Адамра ҭацәуп (1—10)

  • Иисус Мариа Магдалина длызцәырҵуеит (11—18)

  • Иисус иҵаҩцәа дрызцәырҵуеит (19—23)

  • Фома агәра игаӡом, аха нас агәра игоит (24—29)

  • Ари ашәҟәеикәарҳә зҩу (30, 31)

20  Амчыбжь раԥхьатәи амш аҽны, ашьжьымҭан, ашара иалагаанӡа, Мариа Магдалина адамрахьы даннеи, адамра иадгылаз ахаҳә шадхыз лбеит.  Ари аҩыза анылба, Си́мон Пиотри Иисус бзиа иибоз иҵаҩи рахь дыҩны дцан, ус ралҳәеит: «Иҳақәиҭу адамра дҭыргеит, дахьыргазгьы ҳаздырӡом».  Усҟан Пиотри егьи аҵаҩи иццакы-ццакуа адамрахьы рҿынархеит.  Раԥхьа дара еицны иҩны ицон, аха егьи аҵаҩы Пиотр иаасҭа дыццакны дыҩуан азы, адамрахьы иаԥхьа днеит.  Данҭаԥшы, ишьҭаз ақәны иалхыз аба* ибеит, аха адамра дҭамлаӡеит.  Нас Си́мон Пиотргьы дааит. Иара аҩныҵҟа дҭалеит, ишьҭаз аба иаргьы ибеит.  Иисус ихы иакәыршаз акәырша еикәарҳәны хазы ишьҭан.  Нас раԥхьа иааз аҵаҩгьы адамра дҭалеит. Ари зегь аниба, ирҳәахьаз зегь агәра игеит.  Аха дара макьана ирзеилкааӡомызт Иисус иԥсы ҭалараны дшыҟоу иазкны Аҩыра иаҳәоз. 10  Уи ашьҭахь аҵаҩцәа рыҩныҟақәа рахь ихынҳәит. 11  Мариа адамра ааигәара дгыланы дҵәыуон. Лылаӷырӡ лҿыжжы адамра данҭаԥшы, 12  Иисус иԥсыбаҩ ахьышьҭаз аҭыԥ аҿы амаҭәа шкәакәақәа зшәыз ҩыџьа амаалықьцәа штәаз лбеит, руаӡәк — иханы, егьи — ишьапаҿы. 13  Дара ус илазҵааит: «Аԥҳәыс, бзырҵәыуои?» Лара илҳәеит: «Исықәиҭу дыргеит, дахьыргаз сыздырӡом». 14  Убри ҳәаны лышьҭахьҟа данынхьаԥш, Иисус дылбеит, аха дылзымдырӡеит. 15  Иисус ус длазҵааит: «Аԥҳәыс, бзырҵәыуои? Бзышьҭада?» Абаҳчааӡаҩ иакәыз џьшьаны, ус иалҳәеит: «Ухаҵкы, уара уакәзар дҭызгаз, дахьугаз саҳә, сара дызгоит». 16  Усҟан Иисус иҳәеит: «Мариа!» Ларгьы дынхьаҳәын, ауриа бызшәала ҿаалҭит: «Раввуни́!» (иаанагоит «арҵаҩы»). 17  Иисус ус леиҳәеит: «Бысхьнымҳалан, сара макьана Саб иахь схамлаӡацт. Сашьцәа рахь бцаны абас сызраҳә: „Сара Саб иахь схалоит, уи шәара Шәабгьы иоуп, Сынцәа иахь схалоит, уи шәара Шәынцәагьы иоуп“». 18  Мариа Магдалина аҵаҩцәа рахь дцан, ус ралҳәеит: «Сара Иҳақәиҭу дызбон!» Нас ииҳәаз зегь рзеиҭалҳәеит. 19  Убри аҽны, амчыбжь раԥхьатәи амш аҽны, ахәылбыҽха аҵаҩцәа џьарак еизеит. Аиудеиаа ирыцәшәаны ашәқәа аркны иахьтәаз ауадаҿы Иисус даацәырҵын, ус иҳәеит: «Бзиара* шәымаз!» 20  Иара инапқәеи ивареи дирбеит. Аҵаҩцәа Иҳақәиҭу данырба, игәырӷьеит. 21  Иисус еиҭа ус реиҳәеит: «Бзиара* шәымаз! Саб сара адунеи ахь сшааишьҭыз еиԥш, саргьы шәара адунеи ахь шәсышьҭуеит». 22  Абри аниҳәа ашьҭахь днарҿаҭәҳәан, ус иҳәеит: «Ижәга иԥшьоу адоуҳа. 23  Аӡәы игәнаҳақәа ианашәыжьыр, ус акәзар, Анцәагьы урҭ ианаижьит. Аӡәы игәнаҳақәа ианашәмыжьыр, ус акәзар, Анцәагьы урҭ ианеимыжьӡеит». 24  Иисус данцәырҵыз, Еициз ҳәа изышьҭаз, 12-ҩык ируаӡәкыз Фома аҵаҩцәа дрыцӡамызт. 25  Егьырҭ аҵаҩцәа ирҳәеит: «Ҳара Иҳақәиҭу даҳбеит!» Аха иара ус иҳәеит: «Инапқәа рҿы аҵәымӷ ашьҭрақәа сымбакәа, снацәала ихәрақәа гәасымҭакәа, ивара саламкьыскәа, агәра згараны сыҟаӡам». 26  Аамшы рышьҭахь аҵаҩцәа еиҭа аҩны аҩныҵҟа еизеит, Фомагьы дрыцын. Ашәқәа шаркызгьы, Иисус даацәырҵын, ус иҳәеит: «Бзиара* шәымаз!» 27  Нас иара Фома ус иеиҳәеит: «Снапқәа урыхәаԥш, унацәала игәаҭ, унапала сывара уалакьыс, агәрамгара уаҟәыҵ, ихаҵа». 28  Фома иҳәеит: «Исықәиҭу, Сынцәа!» 29  Иисус ус иеиҳәеит: «Агәра зугаз сахьубаз азоума? Насыԥ рымоуп ишырымбазгьы агәра зго». 30  Ҳәарада, Иисус аҵаҩцәа ишырбоз имаҷымкәа егьырҭ аџьашьахәқәагьы ҟаиҵеит, урҭ зегьы ари ашәҟәеикәарҳә ианӡам. 31  Арҭ аџьашьахәқәа рыӡбахә зану Иисус — Анцәа Иԥа Христос шиакәу агәра жәгарц азоуп, агәра ахьыжәго азы ихьӡ абзоурала аԥсҭазаара шәоурц азы.

Албаагақәа

Ма «ақәны иалхыз акәыршақәа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҭынчра».