Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 10

Иаҳәозеи Абиблиа ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу иазкны?

«Ауаа иашақәа адгьыл рҭынхоит, иагьынхалоит уа наӡаӡа»

(Аԥсалом 37:29).

«Адгьыл наӡаӡа иаанхоит»

(Екклезиаст 1:4).

«Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова аԥсра наӡаӡа иқәигоит, ауаа зегь рылаӷырӡқәа ирбоит»

(Исаиа 25:8).

«Усҟан алашәцәа ирбо иалагоит, адагәацәа — ираҳалоит. Ицыркьуа ашьабысҭа еиԥш дышьҭыԥалоит, аҿаҳагьы дгәырӷьаҵәа ҿиҭлоит. Ихәыҵҟьоит ацәҳәыраҿы аӡыхьқәа, ацәҳәыратә каршәрақәа рҿгьы — арҩашқәа»

(Исаиа 35:5, 6).

«Анцәа урҭ рылаӷырӡқәа ирыцқьоит, уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом, уаанӡа иҟаз ықәӡаа ицеит»

(Аатра 21:4).

«Ауаа аҩнқәа дыргылалоит, уа иагьынхалоит, аӡахәаҭрақәа рааӡалоит, урҭ ирҿалогьы рфалоит. Идыргылаӡом даҽаӡәы дынхаларц азы, еиҭарҳалаӡом даҽаӡәы ифаларц азы. Сыжәлар рымшқәа аҵла амшқәа иреиԥшхоит, сара иалысхқәаз рнапала иҟарҵо гәахәарыла рхы иадырхәалоит»

(Исаиа 65:21, 22).