Римаа рахь 14:1—23

  • Аӡәы даҽаӡәы димықәыӡбалааит (1—12)

  • Аӡәы ихаҵара иаԥырхагахо ҟашәымҵалан (13—18)

  • «Ҳабжьара аҭынчра ыҟазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап» (19—23)

14  Зхаҵара ԥсыҽу ауаҩы гәыкала дшәыдышәкылала, игәаанагареи шәгәаанагареи ахьеиқәымшәо азы* шәимықәыӡбалан.  Зхаҵара ӷәӷәоу ауаҩы зегьы ифалар ҟалоит ҳәа иԥхьаӡоит, аха зхаҵара ԥсыҽу иифо ауҭраҭыхқәа роуп.  Зегь зфо изымфо димықәыӡбалароуп, изымфо изфо димықәыӡбалароуп, избанзар Анцәа уи гәыкала дидикылеит.  Узусҭада уара, аӡәы имаҵуҩы уиқәыӡбартә еиԥш? Уи диашоу-диашаму зыӡбо дызтәу иоуп. Иара дкаҳаргьы, Иегова* диргылар илшоит.  Аӡәы мшык егьырҭ амшқәа раасҭа еиҳа ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоит, егьи — амшқәа зегь еиԥшуп ҳәа иԥхьаӡоит. Ишыҟазаалакгьы, дасу зыгәра иго шиашоу агәра ганы дыҟазааит.  Аӡәы мшык ишьозар, уи Иегова изы ишьоит. Акрызфо Иегова дҳареикларц азы акрифоит, избанзар иара Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит. Акрызымфогьы акрызимфо Иегова дҳареикларц азоуп, избанзар уигьы Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит.  Зхазы инхо ҳәа аӡәгьы ҳаҟаӡам, зхазы мацара иԥсуа ҳәагьы аӡәгьы ҳаҟаӡам.  Ҳанхозар, Иегова изы ҳанхоит, ҳаԥсуазаргьы, Иегова изы ҳаԥсуеит. Убри аҟынтә ҳанхозаргьы, ҳаԥсуазаргьы, ҳазтәу Иегова иоуп.  Христосгьы дзыԥсыз, иԥсгьы зҭалаз иԥсхьоугьы зыԥсы ҭоугьы напхгаҩыс дырзыҟаларц азоуп. 10  Уашьа узиқәыӡбои? Иара иаасҭа уеиӷьушәа ухы зуԥхьаӡои? Анцәа иоуп зегь рус зыӡбо*. 11  Избанзар иануп: «„Сара исымаҿоуп, — дықәуеит Иегова, — зегьы сара сҿаԥхьа ишышьамхышгыло, зегь рҿаԥхьагьы Сшынцәоу шырҳәо“». 12  Ус анакәха, дасу Анцәа иҿаԥхьа ихазы аҭак ҟаиҵоит. 13  Убри аҟынтә уаҳа аӡәгьы ҳаимықәыӡбалап, уи аҵкыс ҳашьа ихаҵара иаԥырхагахо, ма дказыжьыр алшо ак ҟаҳамҵарц азы еснагь ҳхы ҳацклаԥшлап. 14  Иҳақәиҭу Иисус иҵаҩцәа ируаӡәку аӡә иеиԥш, агәра ганы сыҟоуп иаҳфо зегь шыцқьоу. Аха аӡәы фатәык цқьам ҳәа иԥхьаӡозар, уи иара изоуп изыцқьам. 15  Уашьа хьаас дымкӡакәа, иламыс иаҵанамкуа афатә уфозар, абзиабара ааурԥшуеит ҳәа узҳәом. Афатә иахырҟьаны Христос иԥсы зыхҭниҵаз ауаҩы дҭоумырхан. 16  Иҟашәҵо абзиара аӡәы ишакәым дахцәажәартә еиԥш амзыз ишәымҭалан. 17  Избанзар ауаҩы Анцәа Иаҳра даԥсахоу-даԥсамхоу зхьыԥшу иифо-иижәуа акәӡам. Даԥсаны дҟаларц азы, Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашазароуп, ауааи иареи реизыҟазаашьақәа бзиазароуп, иԥшьоу адоуҳа иунаҭо агәырӷьара имазароуп. 18  Христос убас имаҵ зуа ауаҩы Анцәа диргәырӷьоит, ауаа рҿаԥхьагьы ҳаҭыр иқәзаауеит. 19  Убри аҟынтә, шәааи, ҳабжьара аҭынчра ыҟазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап, ҳагәқәагьы шьҭибахлап. 20  Афатә азы Анцәа иџьабаа аӡы иаумҭан. Иаҳфо зегь цқьоуп, аха ак ахьаҳфо иахҟьаны ҳашьа ихаҵара шыԥсыҽхо ҳдыруазар, уи афара иашаӡам. 21  Уашьа ихаҵара урԥсыҽыр аасҭа, акәац умфар, аҩы умжәыр ма даҽак ҟаумҵар еиҳа еиӷьуп. 22  Гәаанагарак умазар, ухазы иумаз, уи Анцәеи уареи ишәыбжьоу усуп. Угәы ишаанагоз еиԥш ианыҟауҵа, уламыс уамыргәаҟзар, насыԥ умоуп. 23  Аха афара ҟалоу-иҟамлоу ҳәа ушылакҩакуа иуфозар, ахара удуп, избанзар афара ҟалоу-иҟамлоу агәра угаанӡа иуфеит. Иҟауҵо шиашоу агәра ганы уҟамзар, агәнаҳа ҟауҵоит.

Албаагақәа

Мамзаргьы иҟалап «дахьылакҩакуа азы».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «Зегьы Анцәа иӡбарҭаҭыԥ аҿаԥхьа ҳгылоит».