2 Пиотр 3:1—18

  • Ахыччаҩцәа аҵыхәтәа шааиуа иазхәыцӡом (1—7)

  • Иегова иажәа ианаамҭоу инаигӡоит (8—10)

  • Шәхымҩаԥгашьеи шәусқәеи зеиԥшразар ахәҭоу шәазхәыц (11—16)

    • «Ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» (13)

  • Шәгәышәҽаныз, шәызну амҩа шәықәымҟьарц азы (17, 18)

3  Бзиа избо сашьцәа, ари аҩбатәи сысаламшәҟәы ауп. Актәи асаламшәҟәаҿы еиԥш, ижәдыруа зышәгәаласыршәо, ииашаны ахәыцра сшәыцхраарц азоуп.  Уи зыҟасҵо, иԥшьоу аԥааимбарцәа ирҳәахьази Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу апостолцәа рыла ишәирҵози шәхашәмыршҭырц азоуп.  Зегь раԥхьаӡа иргыланы ижәдыруаз: аҵыхәтәантәи амшқәа рзы згәаҳәара ҟьашьқәа зыҽрызҭало ахыччаҩцәа ҟалоит.  Дара ирҳәалоит: «Дхынҳәуеит ҳәа ажәа ҳаиҭахьан, нас, дабаҟоу? Ҳабацәа ԥсижьҭеи акгьы аҽамԥсахӡеит, Анцәа ауаа аниша инаркны зегь шыҟац иҟоуп».  Дара рхаҿгьы иааргар рҭахӡам акыршықәса раԥхьа ажәҩан шыҟаз, Анцәа ииҳәаз ажәа ала адгьылгьы аӡы илыҳәҳәо, иӷәӷәаӡа аӡы агәҭа ишгылаз.  Иазхәыцыргьы рҭахӡам аӡы хыҵны адгьыл ианахыҵәа, усҟантәи адунеи зегь шықәгаз.  Иахьа иҟоу ажәҩангьы адгьылгьы Анцәа ииҳәаз уи ажәа ала мцала иқәгахаанӡа иааныжьуп, ауаа цәгьақәа анықәгахо аӡбара амш аҽнынӡагьы иҟазаауеит.  Шәара шәакәзар, бзиа избо сашьцәа, ишәхашәмыршҭлан Иегова* изы мышкы зқьышықәса ишаҩызоу, зқьышықәсагьы мышкы ишаҩызоу.  Шьоукы Иегова иажәа анагӡара дахыццакӡом ҳәа рыԥхьаӡоит, аха уи ус акәӡам. Иара шәара шәахь ачҳара ааирԥшуеит, избанзар аӡә дҭахар иҭахӡам, зегьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц ауп ииҭаху. 10  Иегова имш аӷьыч дшааиуа еиԥш иааиуеит. Усҟан ажәҩан адыдбжьы ахылҵуа илыбжьахәаша ицоит. Дгьыли-жәҩани злашьақәгылоу ахәҭақәа ҟаԥшьӡа ишны, ихәаш-хәаша ицоит. Адгьыли адгьыл аҿы иҟарҵо аусқәеи ҟьаҟьаӡа иаатуеит. 11  Абри зегь абас иқәӡаауазар, шәазхәыц шәхымҩаԥгашьеи шәусқәеи зеиԥшразар ахәҭоу. Шәхымҩаԥгашьа цқьазароуп, шәусқәагьы Анцәа гәыкала шәышизиашоу рныԥшуазароуп. 12  Иегова имш шааиуа шәхашәмыршҭын, есымша шәазыԥшыз. Уи амш аҽны ажәҩан амца иалабылуеит, дгьыли-жәҩани злашьақәгылоу ахәҭақәа леимгәаӡыҭ ицоит. 13  Аха ҳара, Анцәа ҳшақәиргәыӷыз еиԥш, ҳарзыԥшуп аиашара ахьыҟало ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци. 14  Убри аҟынтә, бзиа избо сашьцәа, уи шәазыԥшнаҵы ишәылшо зегь ҟашәҵала, Анцәа иҿаԥхьа шәыцқьаны, џьара шәытарак шәымамкәа шәыҟазарц азы, иареи шәареи шәеизыҟазаашьақәагьы бзиазарц азы. 15  Иҳақәиҭу Анцәа иааирԥшуа ачҳара абзоурала шәеиқәхар шшәылшогьы шәхашәмыршҭлан, Анцәа аҟәыӷара зиҭаз, бзиа иаҳбо ҳашьа Павел ишышәзиҩуаз еиԥш. 16  Иара исаламшәҟәқәа зегь рҿы уи атәы иҩуан. Аха исаламшәҟәқәа рҿы зеилкаара мариамгьы уԥылоит. Урҭ ззеилымкаауа, зхаҵара ԥсыҽу ауаа исаламшәҟәқәа ирну аарҳәны, дара ишырзыманшәалоу еиԥш рхы иадырхәоит. Убас рзыруеит Аҩыра иану егьырҭ ажәақәагьы, аха уи дара ҭанархоит. 17  Бзиа избо сашьцәа, шәара иҟалараны иҟоу жәдыруеит, убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рымц ацәҟьа еиԥш шәаҿамшәарц азы, шәызну амҩа шәықәымҟьакәа шәанызарц азы. 18  Уи аҭыԥан Ҳаиқәырхаҩ Иҳақәиҭу Иисус Христос шәзыԥсам ақьиара еиҳагьы иааирԥшларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала, еиҳа еиӷьны иеилкаарагьы шәашьҭаз. Хьӡи-ԥшеи игымзааит уи иахьагьы наӡаӡагьы. Амин.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.