Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 17

Ишԥарыцхраауеи Абиблиа аҭаацәарақәа?

АХАЦӘА/АБАЦӘА

«Убас еиԥш ахацәагьы рхы бзиа ишырбо еиԥш рыҳәса бзиа ирбалароуп. Зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа ихгьы бзиа ибоит. Дыҟам зцәеижь зцәымӷу ауаҩы, зегьы рцәеижь иеиҷаҳауеит, иахӡыӡаауеит... ... Дасу ихы бзиа ишибо еиԥш иԥҳәыс бзиа дибалааит»

(Ефесаа 5:28, 29, 33).

«Абацәа, шәхәыҷқәа ргәы ԥышәымжәалан, уи аҭыԥан Иегова ишиҭаху еиԥш шәрылабжьо, ахшыҩ дырҵо ишәааӡала»

(Ефесаа 6:4).

АҲӘСА

«Аԥҳәыс лакәзар, лхаҵа гәыкала пату иқәылҵалааит»

(Ефесаа 5:33).

«Аҳәса, ақьырсианҳәсақәа ишрыхәҭоу еиԥш, шәхацәа рҳәатәы шәацныҟәала»

(Колоссаа 3:18).

АХӘЫҶҚӘА

«Ахәыҷқәа, шәҭаацәа Иҳақәиҭу ишиҭаху еиԥш рҳәатәы хашәҵала, избанзар уи иашоуп. „Уани уаби ҳаҭыр рықәҵала“ — ари ақәыргәыӷра зцу раԥхьатәи ԥҟароуп. Уи ақәыргәыӷра абас аҳәоит: „Аԥсҭазаара бзиа уоурц, насгьы адгьыл аҿы акыршықәса нуҵырц азы“»

(Ефесаа 6:1—3).

«Ахәыҷқәа, еснагь шәҭаацәа рҳәатәы хашәҵала, избанзар уи Иҳақәиҭу игәы иахәоит»

(Колоссаа 3:20).