Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 28:1—20

  • Иисус иԥсы ҭалоит (1—10)

  • Аруаа амц рҳәарц азы аԥара рырҭоит (11—15)

  • Аҵаҩцәа разыҟаҵаразы адҵа (16—20)

28  Асабша аниас, амчыбжь актәи амш аҽны, шарԥазы Мариа Магдалинеи егьи Мариеи адамра иахәаԥшырц иааит.  Ус, адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит, избанзар ажәҩан аҟынтә Иегова* имаалықь дылбааит. Иара адамра ахаҳә адганы, уи ахаҳә дықәтәан.  Амаалықь амацәыс еиԥш длашон, ишәыз амаҭәа асы еиԥш иҟәашкакараӡа иҟан.  Адамра зыхьчоз ари анырба, ргәы ҭҟьаны, аԥсы иеиԥш изымҵысуа игылан.  Амаалықь аҳәса ус реиҳәеит: «Шәымшәан, сара издыруеит ашьаҟа икыдҵаны иршьыз Иисус шәышишьҭоу.  Уи ара дыҟаӡам, ишиҳәоз еиԥш, иԥсы ҭалеит. Шәнеи, дахьышьҭаз аҭыԥ шәахәаԥш.  Нас ирлас шәцаны, Иисус иҵаҩцәа ирашәҳәа: „Иисус иԥсы ҭалеит. Галилеиа дышәзыԥшызаауеит. Убра дыжәбоит.“ Ишәасҳәаз шәхашәмыршҭын».  Аҳәсагьы иаразнак адамра инҭыҵын, ишшәозгьы, игәырӷьаҵәа Иисус иҵаҩцәа рахь ицеит, ирбаз-ираҳаз рзеиҭарҳәарц азы.  Ишцоз, Иисус дырԥылан, аԥсшәа реиҳәеит. Даргьы наидгылан, рнапқәа ишьапқәа инарыкәдыршан, ишьамхышгылан иеихырхәеит. 10  Иисус иҳәеит: «Шәымшәан, шәцаны сашьцәа ирашәҳәа Галилеиаҟа ицарц, убра сырбоит». 11  Аҳәса амҩа иқәнаҵы, адамра зыхьчоз ақалақь ахь ицан, аԥшьаҩ еиҳабацәа иҟалаз зегь рзеиҭарҳәеит. 12  Аԥшьаҩ еиҳабацәеи ажәлар реиҳабацәеи еицәажәан, аруаа араӡны ԥара рацәаны ирырҭеит, 13  иагьрарҳәеит: «Абас шәҳәала: „Уахынла ҳшыцәаз иҵаҩцәа ааин, аԥсы дырӷьычит.“ 14  Иҟалаз Пилат илымҳа иҭасыргьы, хьаас ишәымкын, ҳара зегь изеиҭаҳҳәоит». 15  Аруаагьы ирырҭаз аԥара рган, ишрарҳәаз еиԥш зегь ҟарҵеит. Уи амц иахьа уажәраанӡагьы ауриацәа ирылоуп. 16  11-ҩык аҵаҩцәа Галилеиаҟа ицеит, Иисус шәца ҳәа ахьреиҳәахьаз ашьхарахь. 17  Иисус данырба, иеихырхәеит, аха шьоукы иара шиакәыз агәра рызгомызт. 18  Иисус днарыдгылан, ус реиҳәеит: «Анцәа сара ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь сиҭеит. 19  Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҿы аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аӡы иӡаашәхла, 20  ишәыдысҵаз зегь анагӡашьа дшәырҵала. Ари адунеи аҵыхәтәа* ааиаанӡа сара есыҽны сшәыцзаауеит».

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа».