Ефесаа рахь 5:1—33

  • Ицқьоу ацәажәашьеи ахымҩаԥгашьеи (1—5)

  • «Алашара иатәу ахәыҷқәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала» (6—14)

  • «Иԥшьоу адоуҳала шәхы-шәгәы шәырҭәла» (15—20)

    • «Шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла» (16)

  • Аҭаацәара иалоу ахацәеи аҳәсеи рзы алабжьарақәа (21—33)

5  Анцәа шәиҿыԥшла, избанзар шәара бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп.  Анаҩсгьы Христос иеиԥш абзиабара аашәырԥшла. Иара бзиа ҳаибеит*, иԥсгьы ҳахҭниҵеит*, убасала Анцәа игәы иахәо афҩы зхылҵуа кәырбанс дҟалеит.  Асексуалтә ламысдареи*, иҟьашьу ахымҩаԥгашьеи, аԥсыцәгьареи зынӡаскгьы шәрыламцәажәалан, избанзар иԥшьоу ауаа уи алацәажәара рықәнагаӡам.  Иԥхоушьаша ахымҩаԥгашьеи, уаҩ хәарҭа изаазымго, ҵакы змам ацәажәарақәеи, алаф ҟьашьқәеи, изакәызаалак иҽеим акы шәыбжьара иҟамзароуп, уи аҭыԥан еснагь Анцәа иҭабуп ҳәа иашәҳәала.  Избанзар шәара ижәдыруеит, ибзиангьы еилышәкаауеит ламысдарала* зхы мҩаԥызго, ма угәы зырхынҳәуа аус ҟьашьқәа ҟазҵо, ма зыԥсы цәгьоу, даҽакала иуҳәозар, аидолқәа ирымҵахырхәо, Христоси Анцәеи Раҳра рбараны ишыҟам.  Ҵакы змам ажәақәа рыла аӡәгьы шәимжьааит, избанзар абри зегь азы Анцәа аҳәатәхамҵацәа рықәнага иақәиршәоит.  Убри аҟынтә сшәыҳәоит, урҭ иҟарҵо ҟашәымҵалан*.  Уаанӡа шәара шәлашьцаран, аха уажәшьҭа шәлашароуп, избанзар Иҳақәиҭу шәитәуп. Алашара иатәу ахәыҷқәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала,  избанзар алашара абзиареи, аиашареи, аҵабырги ахылҿиаауеит. 10  Еснагь Иҳақәиҭу игәы иақәшәо аилкаара шәашьҭаз, 11  алашьцара иатәу, хәарҭа злам аусқәа уаҳа шәыҽрылашәмырхәлан, уи аҭыԥан урҭ шҽеим аашәырԥшла, 12  избанзар урҭ ауаа ицәыҵагәаны изҿу аусқәа уҿы иҭыгангьы иузҳәом. 13  Уажәшьҭа алашара иҽеим аусқәа ирықәыԥхоит, убасала урҭ аусқәа шҽеим аргама иубоит. 14  Убри аҟынтә иануп: «Уҿыха ицәоу, аԥсцәа рахьтә угыл, усҟан Христос илашара ухаирԥхоит». 15  Шәхы шәацклаԥшла, аҟәышра ззымхо реиԥш акәымкәа, иҟәышу реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, 16  шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла*, избанзар аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп. 17  Зеилкаара маҷу ауаа реиԥш шәхы мҩаԥышәымгалан, есымша Иегова* ииҭаху аилкаара шәашьҭаз. 18  Иҟашәҵо шәзымдыруа аҟынӡа аҩы шәҽашәмыршьлан, уи аҭыԥан иԥшьоу адоуҳала шәхы-шәгәы шәырҭәла. 19  Аԥсаломқәеи, Анцәа дҳаразкуа ашәақәеи, имҵахырхәара иазку ашәақәеи ҳәо шәгәы шьҭибахла*, гәыкала* Иегова ашәа изышәҳәала. 20  Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала Ҳаб Ҳанцәа есымша зегьы рзы иҭабуп ҳәа иашәҳәала. 21  Христос иаҳаҭыразы аӡәи-аӡәи шәҳәатәы хеибаҵала. 22  Аҳәса рхацәа рҳәатәы харҵалааит, Иҳақәиҭу иҳәатәы шхарҵо еиԥш, 23  избанзар ахаҵа аԥҳәыс лхада иоуп, Христос аизара хадас дшамоу еиԥш, иара уи ацәеижь* аиқәырхаҩ иоуп. 24  Аизара Христос иҳәатәы ишықәныҟәо еиԥш, аҳәсагьы еснагь рхацәа рҳәатәы иқәныҟәалароуп. 25  Ахацәа, Христос аизара бзиа ибаны ихы шақәиҵаз еиԥш, шәаргьы убас шәыҳәса бзиа ижәбала. 26  Иара уи ҟаиҵеит, аизара ӡыла иӡәӡәошәа Анцәа иажәа ала иӡәӡәаны иԥшьарц азы. 27  Иара уи ҟаиҵеит аизара иара иҿаԥхьа иԥшӡаӡа, шәытарак, кыҷырак, ԥхасҭак, грак амамкәа, иԥшьаны иҟаларц азы. 28  Убас еиԥш ахацәагьы рхы бзиа ишырбо еиԥш рыҳәса бзиа ирбалароуп. Зыԥҳәыс бзиа дызбо ахаҵа ихгьы бзиа ибоит. 29  Дыҟам зцәеижь зцәымӷу ауаҩы, зегьы рцәеижь иеиҷаҳауеит, иахӡыӡаауеит, Христос аизара дшахӡыӡаауа еиԥш, 30  избанзар ҳара ицәеижь ахәҭақәа ҳауп. 31  «Убри аҟынтә ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит*, усҟан ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит». 32  Иԥшьоу ари амаӡа аҵак ду амоуп. Зыӡбахә сҳәо Христоси аизареи роуп. 33  Убасала, дасу ихы бзиа ишибо еиԥш иԥҳәыс бзиа дибалааит, аԥҳәыс лакәзар, лхаҵа гәыкала пату иқәылҵалааит.

Албаагақәа

Мамзаргьы иҟалап «шәибеит».
Мамзаргьы иҟалап «шәыхҭниҵеит».
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.
Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Ма «урҭ рымԥан шәықәымлан».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аамҭа аашәхәала».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Мамзаргьы иҟалап «шәгәы шьҭышәхла».
Ма «шәыгәқәа рҿы».
Аизара.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «длыдҷаблоит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».