Иаков исаламшәҟәы 5:1—20

  • Амал змоу рзы агәҽанҵара (1—6)

  • Анцәа ачҳара аарԥшны зегь зхызго дырзылԥхоит (7—11)

  • «„Ааи“ анышәҳәо, „ааи“ акәзааит» (12)

  • Ахаҵара аарԥшны Анцәа уаниҳәо, узызиҳәо наӡоит (13—18)

  • Агәнаҳаҟаҵаҩ амҩа иашахь ахынҳәра шәицхраала (19, 20)

5  Шьҭа, амал змоу, шәааӡырҩы: шәара арыцҳара шәзыԥшуп, убри аҟынтә шәгәырҩала, шәҵәыуала.  Шәмал бааит, шәымаҭәагьы аҩ ирфеит.  Ишәымоу ахьи араӡни ажьакца иафеит, уи ажьакца ахара шшәыду шьақәнарӷәӷәоит, шәхаҭақәагьы шәафоит. Еизыжәгаз амал аҵыхәтәантәи амшқәа рзы амца иаҩызахоит.  Шәымхқәа ҭазгало аусуцәа ҵәыуо Анцәа дрыцхраарц иҳәоит, избанзар шәара ирызшәатәу рзышәшәаӡом. Ар реиҳабы Иегова* урҭ рыҵәаабжь иаҳаит.  Шәара амал шәалажьын, шәгәы иааҭахыз зегь ҟашәҵон. Аԥсра амш азы шәхы шәчахит.  Шәара ауаҩ иаша шәиқәыӡбеит, дышәшьит. Нас, иара дышәҿамгылаӡои?  Сашьцәа, Иҳақәиҭу дхынҳәаанӡа, ачҳара аарԥшны шәыԥшыз. Анхаҩгьы зны ҭагалантәи, нас ааԥынтәи ақәа алагаанӡа, адгьылгьы аҽаҩра инаҭаанӡа дыԥшуп.  Шәаргьы ачҳара аашәырԥшла, шәыҽшәырӷәӷәа, избанзар Иҳақәиҭу иаарласны дхынҳәуеит.  Сашьцәа, Иҳақәиҭу дышәмықәыӡбарц азы шәашьцәа рахь агәынамӡара аарԥшра шәаҟәыҵ. Аӡбаҩ ашә дылагылоуп. 10  Иегова ихьӡала ицәажәоз аԥааимбарцәа шәырҿыԥшла. Дара ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа рхыргон. 11  Ауадаҩрақәа зхызгаз насыԥ рымоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит. Шәара ижәдыруеит Иов ачҳара аарԥшны ауадаҩрақәа шихигаз, насгьы Иегова уи изыҟаиҵаз, ижәбеит Иегова шаҟа дгәыбылҩу, шаҟа арыцҳашьара илоу. 12  Сашьцәа, зегь раԥхьаӡа иргыланы, шәаҟәыҵ ажәҩан иамаҿоуп, адгьыл иамаҿоуп, ма даҽакы иамаҿоуп ҳәа ақәра. Аха «ааи» анышәҳәо, «ааи» акәзааит, «мап» анышәҳәо, «мап» акәзааит, Анцәа дышәмықәыӡбарц азы. 13  Шәыбжьара ауадаҩрақәа змоу аӡәыр дыҟазар, Анцәа диҳәалааит. Згәалаҟара бзиоу аӡәыр дыҟазар, Анцәа дҳаразкуа ашәақәа* иҳәалааит. 14  Шәыбжьара ичмазҩу аӡәыр дыҟазар, аизара ахылаԥшыҩцәа* дрыԥхьааит. Дара иара изы Анцәа иҳәоит, Иегова ихьӡала ахәша ихьыршьуеит. 15  Ахаҵара аарԥшны иара изы Анцәа иахьиҳәо азы ачымазаҩ* дыбзиахоит. Иегова уи ишьапы дықәиргылоит, агәнаҳа ҟаиҵазаргьы, ианажьхоит. 16  Убри аҟынтә шәыгәнаҳақәа аартны еибышәҳәала, шәыбзиахарц азы аӡәи-аӡәи шәзы Анцәа шәиҳәала. Ауаҩ иаша дӷьаҵәыӷьаҵәуа иҟаиҵо аҳәара амч ду амоуп. 17  Илиа ҳара иҳаиԥшыз уаҩын, аха ақәа амурц азы Анцәа дӷьаҵәыӷьаҵәуа даниҳәа, хышықәсеи бжаки ақәа млеиӡеит. 18  Даҽазны даниҳәа, ақәа леит, аҽаҩрагьы ҟалеит. 19  Сашьцәа, аӡәы аҵабырг мҩа дацәыхҟьар, аха егьи уи дирхынҳәыр, 20  ижәдыруаз: агәнаҳаҟаҵаҩ амҩа иашахь дзырхынҳәуа ауаҩы агәнаҳаҟаҵаҩ иԥсы* еиқәирхоит, имаҷымкәа агәнаҳақәагьы хиҩоит.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аԥсаломқәа».
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Мамзаргьы иҟалап «иааԥсоу».
Ма «иԥсҭазаара».