2 Коринфаа рахь 1:1—24

  • Павел аԥсшәа иҳәоит (1, 2)

  • Анцәа ҳауадаҩрақәа зегь рҿы ҳгәы ирҭынчуеит (3—11)

  • Павел игәҭакқәа рҽырыԥсахуеит (12—24)

1  Анцәа иҭахны, Христос Иисус иапостолс иалху сара, Павели, ҳашьа Тимофеии ҳҟынтә Кори́нф иҟоу Анцәа иеизарахь, иара убас Аха́иа инхо иԥшьоу зегь рахь асаламшәҟәы сыҩуеит.  Ҳаб Ҳанцәеи Иҳақәиҭу Иисус Христоси иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи шәыгымзааит.  Аҽхәаԥхьыӡ игымзааит Иҳақәиҭу Иисус Христос Инцәеи Иаби, арыцҳашьара Аби агәырҭынчра Анцәеи.  Иара ҳауадаҩрақәа зегь рҿы ҳгәы ирҭынчуеит, ҳаргьы егьырҭ зықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы ргәы арҭынчра ҳалшарц азы, Анцәа ҳара ҳгәы злаирҭынчуа ала даргьы ргәы ҳарҭынчырц азы.  Ҳара Христос изы иаҳхаҳго рацәоуп, аха Христос ибзоурала имаҷымкәа агәҭынчрагьы ҳауеит.  Ҳара арыцҳарақәа ҳрықәшәозар, шәара агәҭынчреи аиқәхареи шәоурц азоуп. Ҳара ҳгәы дырҭынчуазар, шәаргьы агәҭынчра шәоуеит, ҳара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рҩызцәа ачҳара аарԥшны ишәхыжәгарц азы.  Ҳара лакҩакрак ҟамҵаӡакәа ҳшәықәгәыӷуеит, избанзар иаҳдыруеит ҳгәаҟрақәа ҳацеиҩышәшозар, иҳауа агәҭынчрагьы шшәоуа.  Ҳашьцәа, ижәдыруазар ҳҭахуп Азиа* ҳаныҟаз иаҳхаҳгаз. Ҳара ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәеит. Ҳҭагылазаашьа даараӡа ицәгьан, уи зегь ҳамчала иаҳзыхгарымызт, иара ҳаԥсы ҭаны ҳаанхоугьы ҳаздыруамызт.  Ашьра ҳақәырҵазшәа ҳхы ҳбон. Уи зегь зыҟалаз ҳхы акәымкәа, аԥсцәа рыԥсы ҭазҵо Анцәа ҳиқәгәыӷларц азоуп. 10  Иара злакҭа ҳҭаԥшуаз аԥсра ҳацәихьчеит, агәра ганы ҳаҟоуп анаҩсгьы ҳшихьчало. 11  Шәаргьы шәҳацхраар шәылшоит, шәӷьаҵәыӷьаҵәуа ҳара ҳзы Анцәа шәиҳәалар, избанзар ҳара ҳзы Анцәа иҳәо рацәаҩхар, Анцәа урҭ рыҳәарақәа иаҳауеит, дагьҳацхраауеит. Усҟан уи азы ҭабуп ҳәа иазҳәо рацәаҩхоит. 12  Ҳара ламысцқьала абас ҳҳәар ҳалшоит, уи ҳагьалаҽхәоит: ари адунеи иатәу ауаа рыбжьара ҳхымҩаԥгашьа цқьоуп, аха еиҳарак шәара шәыбжьара; Анцәа ишаҳирҵо еиԥш гәык-ԥсыкала ҳаҟоуп, ауаа рҟәыӷара ҳақәгәыӷӡом, ҳзықәгәыӷуа Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара ауп. 13  Ишәзаҳаҩуа шәзыԥхьар, насгьы еилышәкаар шәылшо* ауп. Сгәыӷуеит уи аҵыхәтәанынӡа аилкаара шәылшап ҳәа. 14  Шәара шәҟынтә шьоукы еилыркаахьеит шәҳалаҽхәалар шшәылшо, Иисус имш аҽны ҳаргьы ҳшәылаҽхәалар шҳалшо еиԥш. 15  Уи ус шакәу агәра гаҵәҟьаны сыҟан азы, аҩынтә раан шәара шәахь снеир сҭахын, еиҭах шәгәырӷьарц азы*. 16  Македониаҟа санаауаз шәара шәахь снеир сҭахын, Македониантәи схынҳәраны саныҟазгьы снеир сҭахын, нас Иудеиаҟа маҷк снаскьажәгарц. 17  Шәгәы ишԥаанаго, уи цқьа сазымхәыцӡакәа аума ишысыӡбаз? Ӡбарак ансыдыскыло, зны «ааи» ҳәаны, нас «мап» сҳәома, ауаа абжьааԥны ишыҟарҵо еиԥш? 18  Анцәа уиқәгәыӷыртә дшыҟоу еиԥш, ҳаргьы иаҳҳәо уақәгәыӷыртә иҟоуп, «ааи» ҳәаны, нас «мап» ҳҳәаӡом. 19  Силуа́ни, Тимофеии, сареи зыӡбахә шәзеиҭаҳҳәоз Анцәа Иԥа Иисус Христос «ааи» ҳәаны, нас «мап» имҳәаӡеит. Иара «ааи» ҳәа ииҳәо еснагь «ааи» ауп. 20  Анцәа иқәыргәыӷрақәагьы зегьы Иисус ила «ааи» акәхеит, убри азоуп Анцәа ҳаниҳәо, иара ила «амин» заҳҳәо, Анцәа ахьӡ-аԥша иаҳҭарц азы. 21  Анцәа иоуп агәра ҳзырго шәаргьы ҳаргьы Христос ҳшитәу, ҳалызхызгьы* иара иоуп. 22  Иара амҳәыргьы ҳааирхеит, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу шыҟалаҵәҟьо шьақәзырӷәӷәо адырга еиԥш ҳгәы адоуҳа ҭеиҵеит. 23  Абыржәраанӡа Кори́нфҟа сзымнеиц шәахьрыцҳасшьоз азоуп, уи Анцәа ибоит. 24  Шәхаҵара ҳаԥшәымоуп ҳәа акәӡам исҳәарц исҭаху, шәареи ҳареи аус еицаҳамуеи, уи шәара агәырӷьара шәзаанагоит. Шәара шәыӷәӷәаны шәызлагылоу шәхаҵара абзоуралоуп.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ажәар.
Мамзаргьы иҟалап «ибзианы ижәдыруа, еилышәкаахьоу».
Мамзаргьы иҟалап «ҩынтә ахәарҭа шәоурц азы».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ахәша ҳхьызшьызгьы».