Иаков исаламшәҟәы 2:1—26

  • Аӡәы дларҟәны, егьи ирҳаракра гәнаҳауп (1—13)

    • Абзиабара — аҳ изакәан ауп (8)

  • Усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара ԥсуп (14—26)

    • «Адемонцәагьы Анцәа дшыҟоу агәра ргоит, иагьицәшәоит» (19)

    • Иегова Авраам сҩыза ҳәа изиҳәеит (23)

2  Сашьцәа, шьоукы пату рықәҵаны егьырҭ атәашәымбозар, хьӡи-ԥшеи змоу Иҳақәиҭу Иисус Христос игәра ҳгоит ҳәа шԥашәҳәо?  Иаҳҳәап, аизарахь аӡәы инапы ахьтәы мацәазқәа ахаҵаны, амаҭәа бзиа ишәҵаны днеир, иара убри аамҭазгьы иҟьашьу амаҭәа ишәҵаны даҽаӡәы днеир,  ибзианы еилаҳәоу иахь аҳаҭыр аарԥшны: «Уара абри аҭыԥ бзиаҿы утәа» ҳәа иаҳәаны, иӷару: «Уара ара угылаз», мамзаргьы «Сшьапқәа зықәсыргыло асқам хәыҷ аҿы утәа» ҳәа иашәҳәома?  Ус ҟашәҵозар, аӡәы дларҟәны егьи дҳарашәымкӡои, насгьы ииашам аӡбарақәа здызкыло аӡбаҩцәа шәырмеиԥшхаӡои?  Бзиа избо сашьцәа, шәысзыӡырҩы. Ари адунеи аҿы иӷаруп ҳәа иԥхьаӡоу ракәӡами Анцәа иалихыз, хаҵарала ибеиахарц азы, насгьы бзиа дызбо зықәиргәыӷыз Аҳра риҭарц азы?  Шәара шәакәзар, иӷару атәажәбаӡом. Аха амал змоу ракәӡами ԥсеивгаха шәызымҭо, аусӡбарҭақәа рахь шәызго?  Дара ракәӡами Анцәа ишәиҭаз зеиԥшыҟам ахьӡ лазырҟәуа?  Аҩыраҿы иануп: «Ишәзааигәоу шәхы бзиа ишыжәбо еиԥш бзиа дыжәбала». Ари — аҳ изакәан ауп. Шәара уи нашәыгӡозар, аус бзиа ҟашәҵоит.  Аха аӡәы дларҟәны, егьи дҳарашәкуазар, агәнаҳа ҟашәҵоит, азакәан еилазго реиԥшгьы азакәан шәықәыӡбоит. 10  Аӡәы азакәан иаҳәо зегь наигӡозар, аха ԥҟарак еилеигозар, азакәан зегь еилазго иеиԥш ахара идлоит. 11  «Ухатә ҩыза думԥсахын» ҳәа зҳәаз «ауаҩы думшьын» ҳәагьы иҳәеит. Ус анакәха, ухатә ҩыза думԥсахуазар, аха ауаҩы душьуазар, азакәан еилоугоит. 12  Шәара ахақәиҭра змоу уаауп азы, шәус ахақәиҭра узҭо азакәан ала иӡбахоит. Убри аҟынтә уи азакәан ишақәнаго еиԥш шәцәажәала, уи ишақәнагоу еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала. 13  Арыцҳашьара злам иус анырыӡбо, иаргьы дрыцҳаршьаӡом. Арыцҳашьара ақәыӡбара аасҭа амч амоуп. 14  Сашьцәа, аӡәы ахаҵара сымоуп ҳәа иҳәозар, аха иусқәа уи аадмырԥшуазар, хәарҭас изалоузеи уи? Уи аҩыза ахаҵара деиқәнархаӡом. 15  Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟынтә аӡәы ишәиҵаша, иифаша имамзар, 16  аха шәуаӡәк: «Угәы рҭынчны уца, уҽырԥха, узхара ыф» ҳәа иеиҳәозар, арахь игу иимҭозар, ииҳәо хәарҭас иалоузеи? 17  Убасеиԥш усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵарагьы ԥсуп. 18  Аха уеизгьы аӡә ус иҳәар ҟалоит: «Уара ахаҵара умоуп, сара аусқәа сымоуп. Ухаҵара усда исырба, сара схаҵара усла иусырбоит». 19  Уара Нцәа заҵәык дшыҟоу агәра угоит. Уи бзиоуп. Адемонцәагьы Анцәа дшыҟоу агәра ргоит, иагьицәшәоит. 20  Аҟәыӷара ззымхо уара, усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵара шыԥсу узымдырӡои? 21  Ҳаб Авраам иԥа Исаак акәырбаннагарҭахь даннеига ашьҭахь акәӡами Анцәа уи дуаҩ иашаны даниԥхьаӡа? 22  Излоубаз ала, иара ахаҵара шимаз иусқәа рыла иааирԥшит, иусқәа рыла ихаҵара шьақәирӷәӷәеит. 23  Убасала Аҩыра иану абарҭ ажәақәа наӡеит: «Авраам Иегова* игәра игеит азы, иара уи дуаҩ иашаны диԥхьаӡеит», иара убас Иегова уи сҩыза ҳәа изиҳәеит. 24  Аӡәы Анцәа иҿаԥхьа дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахарц азы ахаҵара мацара азхаӡом, аусқәагьы аҭахуп. 25  Акаҳԥы Раа́вгьы Анцәа дуаҩ иашаны дзиԥхьаӡаз лусқәа рзы акәӡами? Лара аԥшыхәцәа* дрыцхрааит, нас даҽа мҩак ала илышьҭит. 26  Ԥсы зхам ауаҩы дшыԥсу еиԥш, усла ишьақәырӷәӷәам ахаҵарагьы ԥсуп.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ажәабжьҳәаҩцәа».