Аатра 1:1—20

  • Анцәа Иисус ила иааиртыз (1—3)

  • Иоанн быжь-еизарак аԥсшәа реиҳәоит (4—8)

    • «Сара Альфеи Омегеи соуп» (8)

  • Иԥшьоу адоуҳа Иоанн Иҳақәиҭу имш ахь дагеит (9—11)

  • Иоанн хьӡи-ԥшеи змаз Иисус дибоит (12—20)

1  Иисус Христос иҟынтә аатра. Анцәа уи Иисус изааиртит, имаҵуцәа иаарласны иҟалараны иҟоу дирбарц азы. Иисус имаалықь даашьҭны, адыргақәа рыла Анцәа* имаҵуҩы Иоанн уи иирбеит.  Иоанн Анцәа иҟынтә иаҳази Иисус Христос ииҳәази еиҭеиҳәеит. Ааи, иибаз зегь еиҭеиҳәеит.  Насыԥ рымоуп ари аԥааимбаражәа зыбжьы ҭыганы иаԥхьо, иазыӡырҩуа, иагьықәныҟәо, избанзар Анцәа иалихыз аамҭа ааигәахеит.  Сара, Иоанн, Азиа* иҟоу быжь-еизарак ирзысыҩуеит. Иҟоу, иҟаз, насгьы иааираны иҟоу иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи шәыгымзааит, ишәыгымзааит иаҳраҭыԥ аҿаԥхьа иҟоу быжь-доуҳак иаадырԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳарҭо аҭынчреи.  Иара убас зегь раԥхьаӡа зыԥсы ҭаҵаз, адгьыл аҳцәа рнапхгаҩы, Ашаҳаҭ Иаша Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиареи иҳаиҭо аҭынчреи шәыгымзааит. Бзиа ҳазбо, зшьа каҭәаны ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿызхыз,  аҳцәас ҳҟазҵаз, Иаби Инцәеи изы ԥшьаҩцәас ҳҟазҵаз хьӡи-ԥшеи амчреи наунагӡа игымзааит. Амин.  Иара аԥҭақәа дрылаланы даауеит, уи зегьы дырбоит, аԥса илазҵазгьы. Усҟан иара ихҟьаны адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ргәы иаасуа рхы рҵәыуалоит. Убас иагьыҟалоит, амин.  «Сара Альфеи Омегеи* соуп, — иҳәоит Анцәа Иегова*, — иҟоу, иҟаз, насгьы иааираны иҟоу, Зегьзымчу Анцәа».  Сара, шәашьа Иоанн, Иисус иҵаҩы, шәара шәеиԥш ачҳара аарԥшны агәаҟрақәа схызгоит, насгьы аҳра шәыцеиҩысшоит. Сара Анцәеи Иисуси рыӡбахә ахьысҳәоз азы Па́тмос захьӡу адгьылбжьахаҿы сыҟан. 10  Иԥшьоу адоуҳа Иҳақәиҭу имш ахь сагеит, насгьы сышьҭахь абыкь бжьы иеиԥшыз быжь дук саҳаит. 11  Уи абжьы абас аҳәеит: «Иубо ашәҟәеикәарҳә ианҵа, нас уи быжь-еизарак рахь ишьҭы: Ефесҟа, Сми́рнаҟа, Перга́мҟа, Фиати́раҟа, Са́рдаҟа, Филаде́льфиаҟа, Лаоди́киаҟа». 12  Исацәажәо дызусҭоу збап ҳәа сышьҭахьҟа санхьаҳә, ахьы иалхыз арлашагақәа быжьба збеит. 13  Арлашагақәа рыгәҭан ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшыз аӡә дгылан. Иара иауз амаҭәа ишәын, насгьы игәышԥы аҟынӡa ахьы иалхыз амаҟа ҟьаҟьа икәыршан. 14  Ихахәы аласа шкәакәа иаҩызан, асы еиԥш ишкәакәан, иблақәа амцаԥшь иеиԥшын, 15  ишьапқәа амцаҿы идырҭәаз абҩа цқьа еиԥш ицырцыруан, ибжьы еилаҽҽо арҩаш абжьы иеиԥшын. 16  Иарӷьа напаҿы быжь-еҵәак икын, иҿы наҟ-ааҟ ицҳафыруаз аҳәа ду ҭакын, ихы-иҿы амра еиԥш илашон. 17  Сара уи данызба, аԥсы иеиԥш уа симҵаҳаит. Усҟан иарӷьа напы насықәиҵан, ус иҳәеит: «Умшәан, сара Ираԥхьатәиу, насгьы Иҵыхәтәантәиу соуп. 18  Сара зыԥсы ҭоу соуп. Сара сыԥсын, аха уажәшьҭа наӡаӡа сынхоит, аԥсреи анышәынҭреи* рцаԥхақәагьы сымоуп. 19  Ианҵа иубахьоу, уажәы иҟоу, насгьы уи ашьҭахь иҟалараны иҟоу. 20  Сара иузаасыртуеит сарӷьа напаҿы иубаз быжь-еҵәаки ахьы иалху арлашагақәа быжьбеи ирызку иԥшьоу амаӡа: быжь-еҵәак — быжь-еизарак рҿы иҟоу амаалықьцәа аадырԥшуеит, арлашагақәа быжьба — быжь-еизарак аадырԥшуеит.

Албаагақәа

Мамзаргьы иҟалап «Иисус».
Шәахәаԥш Ажәар.
Алагамҭеи анҵәамҭеи. Альфеи омегеи абырзен алфавит аҿы раԥхьатәии аҵыхәтәантәии анбанқәа роуп.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».