Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абиблиа уабазырдыруа азҵаарақәа

Абиблиа — Анцәа дызлаҳацәажәо асаламшәҟәы, ма ажәа, ауп. Уи иаҳнарбоит анасыԥи агәырӷьареи ҳамазарц, насгьы Анцәа даҳзыразызарц азы иҟаҵалатәу. Уи адагьы, Абиблиа абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит:

АБИБЛИАТӘ ЖӘЕИНРААЛАҚӘА ШЫԤШААЛАТӘУ

Абиблиа 66 шәҟәы рыла ишьақәгылоуп. Иара ҩ-хәҭак амоуп: Ауриатә-арамеитә Ҩырақәеи («Ажәытә Уасиаҭ») Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәеи («Ауасиаҭ Ҿыц»). Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа 27 шәҟәы рыла ишьақәгылоуп, Иисус Христос иԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа рыла иалагоит. Абиблиатә шәҟәқәа зегьы ахқәеи ажәеинраалақәеи рыла еихшоуп. Библиатә жәеинраалак анаагоу, ашәҟәы ахьӡ ашьҭахь иаагоу ацифра ашәҟәы ахы ауп, уи иашьҭанеиуа ацифра (ацифрақәа) — ажәеинраала ауп. Иаҳҳәап, Матфеи 1:1 иаанагоит ишаарттәу Матфеи иҟынтә Аевангелие актәи ахы, актәи ажәеинраала.