Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 3:1—36

  • Иисуси Никодими (1—21)

    • Ҿыц аира (3—8)

    • Анцәа адунеи бзиа ибеит (16)

  • Иоанн Иисус изкны иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи ашаҳаҭра (22—30)

  • «Хыхьынтәи иаауа» (31—36)

3  Дыҟан Никодим зыхьӡыз фарисеик. Иара аиудеиаа реиҳабацәа дыруаӡәкын.  Уи уахынла Иисус иахь даан, ус иҳәеит: «Арҵаҩы*, ҳара иаҳдыруеит уара Анцәа иааишьҭыз арҵаҩы шуакәу, избанзар иҟауҵо аџьашьахәқәа аӡәгьы изыҟаҵаӡом, Анцәа уи дицымзар».  Иисус уи ус иеиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа уасҳәоит: ҿыц* имиуа Анцәа Иаҳра ибараны дыҟаӡам».  Усҟан Никодим иҳәеит: «Ауаҩы дажәхьазар, ҿыц дызлаиуеи? Дызлаиуеи ҽазнык иан лымгәарҭа дҭаланы?»  Иисус иҳәеит: «Агәра ганы уҟаз: аӡи адоуҳаи рҟынтә имиуа Анцәа Иаҳрахь днеираны дыҟаӡам.  Ацәеижь аҟынтә ииуа ацәеижь ауп, адоуҳа аҟынтә ииуа адоуҳа ауп.  „Ҿыц шәироуп“ ҳәа ахьысҳәаз џьоумшьан.  Аԥша иахьаҭаху иасуеит. Уара уи абжьы уаҳауеит, аха иахьынтәиаауа уздырӡом, иахьцогьы уздырӡом. Убасоуп адоуҳа аҟынтә ииуагьы».  Никодим ус иҳәеит: «Ҟалашьас иамоузеи уи?» 10  Иисус иҳәеит: «Уара израильаа рырҵаҩ уами? Абри шԥоузымдыруеи? 11  Аиаша уасҳәоит: ҳара иаҳдыруа ауп иаҳҳәо, ҳаззышаҳаҭуагьы иаҳбаз ауп, аха шәара ҳашаҳаҭра шәыдышәкылаӡом. 12  Адгьыл аҿы иҟоу атәы аншәзеиҭасҳәо, исҳәо агәра шәымгозар, ажәҩан аҿы иҟоу атәы шәзеиҭасҳәар, агәра злажәгои? 13  Ауаа рҟынтә ажәҩан ахь аӡәымзар-аӡәгьы дхамлаӡацт, ажәҩан аҟынтә илбааз ауаҩытәыҩса Иԥа ида. 14  Моисеи ацәҳәыраҿы амаҭ ҳаракны ишышьҭихыз еиԥш, ауаҩытәыҩса Иԥагьы дышьҭыхзар* ауп, 15  иара дхазҵо дарбанзаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы. 16  Анцәа адунеи убриаҟара бзиа ибеит, Иԥазаҵәгьы димеигӡакәа ауаа дриҭеит, уи дхазҵо* дарбанзаалак дҭамхарц азы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц азы. 17  Анцәа Иԥа адунеи ахь дзааишьҭыз адунеи дақәыӡбарц азы акәӡам, иара ила адунеи еиқәхарц азоуп. 18  Аԥа дхазҵо ахара идлаӡом, дхазымҵо — ахара идлахьеит, избанзар уи Анцәа Иԥазаҵә дхаимҵаӡеит*. 19  Адунеи ахь алашара ааит, аха ауаа алашара акәымкәа, алашьцара бзиа ирбеит, избанзар ацәгьара ҟарҵон. Убри азоуп ахара зрыдлогьы. 20  Аус цәгьақәа ҟазҵо алашара ицәымӷуп. Иара алашарахь днеиӡом, иус цәгьақәа маатырц азы. 21  Ииашаны зхы мҩаԥызго алашарахь днеиуеит, иусқәа Анцәа игәы ишақәшәо убарҭахарц азы». 22  Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа иманы иудеиатәи ақыҭақәа рахь дцеит. Уа ԥыҭраамҭак урҭ дрыцын, ауаагьы аӡы иӡааихуан. 23  Иоаннгьы Ено́н, Сали́м азааигәара, ауаа аӡы иӡааихуан, избанзар уа аӡы рацәан. Ауаагьы иара иахь инеины, аӡы рыҽӡаархуан. 24  Усҟан Иоанн абахҭа дҭарымкӡацызт. 25  Иоанн иҵаҩцәеи аиудеиаа иреиуаз хаҵаки аҽрыцқьара аҵыхәала аимак рыбжьалеит, 26  убри аҟынтә дара Иоанн иахь инеин, ус иарҳәеит: «Арҵаҩы*, Иордан нырцә иуцыз, уззышаҳаҭуаз, ауаа аӡы иӡааихуеит, зегьы иара иахь ауп иахьцо». 27  Иоанн иҳәеит: «Ауаҩы ак имазар, уи ажәҩан аҟынтә иоуз ауп. 28  Шәара шәхаҭагьы ишьақәшәырӷәӷәар шәылшоит абас шысҳәаз: „Сара Христос сакәӡам, иара иаԥхьа иаашьҭыз соуп“. 29  Аҭаца дызтәу дызҳәаз иоуп. Амаҳәҩыза уи данивагыло, ибжьгьы аниаҳауа, даараӡа дгәырӷьоит. Убас еиԥш саргьы сгәырӷьара ҳәаак амам. 30  Христос деизҳалароуп, сара сеиҵахалароуп». 31  Хыхьынтәи иаауа зегьы дреиҳауп. Адгьыл иатәу зыӡбахә иҳәо адгьыл иатәу ауп, избанзар адгьыл далхуп. Ажәҩан аҟынтә иаауа зегьы дреиҳауп. 32  Иара дыззышаҳаҭуа иибази иаҳази ауп, аха ишаҳаҭра аӡәгьы идикылаӡом. 33  Ишаҳаҭра здызкыло — Анцәа аиаша шиҳәо шьақәирӷәӷәоит*. 34  Анцәа иааишьҭыз ииҳәо Анцәа иажәақәа роуп, избанзар Анцәа дамеигӡакәа* идоуҳа уиҭоит. 35  Аб Иԥа бзиа дибоит. Иара зегьы Иԥа инапы ианиҵеит. 36  Аԥа дхазҵо наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. Аԥа иҳәатәы иазымӡырҩуа аԥсҭазаара ибараны дыҟаӡам, Анцәа уи игәы изыԥжәалоит.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Мамзаргьы иҟалап «хыхьынтәи».
Зыӡбахә ҳәоу ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьуа ауп.
Ма «ахаҵара усла иаазырԥшуа».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «Ихьӡ агәра имгаӡеит».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «имҳәыр ааирхеит».
Ма «ишәаны-изаны акәӡам ишуиҭо».