Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 10:1—48

  • Корнили иибаз (1—8)

  • Анцәа имчала Пиотр ихаҿы иааиз ахҭыс: иара ибоит Анцәа ицқьоуп ҳәа ииԥхьаӡаз аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи (9—16)

  • Пиотр Корнили иахь днеиуеит (17—33)

  • Пиотр иауриам ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәоит (34—43)

    • Анцәа ауаа еилихӡом (34, 35)

  • Иауриам ауаа иԥшьоу адоуҳа роуеит, аӡгьы рыҽӡаархуеит (44—48)

10  Кеса́риа дыҟан Корни́ли зыхьӡыз хаҵак. Иара 100-ҩык рҟынӡа инаӡоз италиатәи ар дахагылан.  Корни́ли иҭаацәагьы иаргьы Анцәа имҵахырхәон. Иара иӷарыз дрыцхраауан, насгьы есымша гәыкала Анцәа диҳәон.  Шьыбжьагәазы, асааҭ 3 раҟара шыҟаз*, иара аԥхыӡ аҿы еиԥш Анцәа имаалықь дибеит. «Корни́ли!» — иҳәеит амаалықь.  Корни́ли дшәаӡыӡо Анцәа имаалықь дихәаԥшын, ус иҳәеит: «Сузыӡырҩуеит, ухаҵкы». Амаалықь иҳәеит: «Анцәа уҳәарақәа иаҳаит, уус бзиақәагьы ибеит.  Ио́ппиаҟа ауаа шьҭы, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон даарц иарҳәаразы.  Иара амшын аҿықәан инхо асахҭанҟаҵаҩ* Си́мон иҿы дыҟоуп».  Корни́ли иацәажәоз амаалықь дышцаз еиԥшҵәҟьа, ҩыџьа имаҵуцәеи Анцәа ицәшәоз ируаҩи даарыԥхьан,  иибаз-иаҳаз зегь рзеиҭеиҳәан, Ио́ппиаҟа ишьҭит.  Адырҩаҽны, шьыбжьон, асааҭ 12 раҟара шыҟаз*, урҭ ауаа ақалақь ианазааигәахоз аамҭазы, Пиотр Анцәа диҳәарц азы аҩны ахыб* ахь дхалеит. 10  Иара иӷәӷәаны амла дакит. Афатә ахьынӡаҟарҵоз, Пиотр ибеит Анцәа имчала ихаҿы иааиз ахҭыс. 11  Иара ибеит, иаатны иҟаз ажәҩан, насгьы ақәны иалхыз ашьаршьаф ду иеиԥшыз акы аԥшьганк ирынкны, адгьыл ахь ишылбааргоз. 12  Уа илатәан хкы рацәала ԥшь-шьапык зҵоу аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, аҳәазақәеи. 13  Нас абас бжьык иаҳаит: «Пиотр, угыланы ишьны иф!» 14  Аха Пиотр иҳәеит: «Мап, ухаҵкы, сара ахаангьы исымфацт Анцәа ицқьам ҳәа ииԥхьаӡо зыфара ҟамло акы, иагьысфом». 15  Усҟан даҽа знык абас бжьык иаҳаит: «Уажәшьҭа Анцәа ицқьоуп ҳәа ииԥхьаӡо цқьаӡам ҳәа азумҳәан». 16  Пиотр ахынтә раан уи абжьы аниаҳа ашьҭахь, иибаз иаразнак ажәҩан ахь иган. 17  Пиотр иибаз иаанагарызеишь ҳәа дхәыцуанаҵы, Корни́ли иишьҭыз ауаа Си́мон дахьынхоз аҩны рыԥшаан, агәашә иаадгылеит. 18  Дара ҿырҭын, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон ара дыҟоума ҳәа иҵааит. 19  Пиотр иибаз иаанагарызеишь ҳәа дахьынӡахәыцуаз, иԥшьоу адоуҳа ус ианаҳәеит: «Хҩык ауаа ушьҭаланы иааит. 20  Ҵаҟа улбааны, умлакҩаккәа урыцны уца, избанзар сара соуп урҭ аазышьҭыз». 21  Иаргьы дылбаан: «Шәзышьҭоу сара соуп, шәаазгеи?» — ҳәа дразҵааит. 22  Дара ирҳәеит: «Ҳара ар реиҳабы Корни́ли ҳааишьҭит, иара Анцәа дицәшәоит, дуаҩ бзиоуп, ауриацәа зегьы ҳаҭыр иқәырҵоит. Иԥшьоу амаалықь Корни́ли иахь днеины иеиҳәеит, ауаа узааишьҭырц, урыцны иҩныҟа уцарц азы, насгьы иоуҳәо зегь иаҳарц азы». 23  Пиотр урҭ арахь шәааи ҳәа реиҳәан, пату рықәиҵеит. Адырҩаҽны урҭ дрыцны дцеит, Ио́ппиа инхоз аишьцәа шьоукгьы иццеит. 24  Адырхаҽны Кеса́риаҟа инеит. Корни́ли иҭынхацәеи иҩызцәеи еизганы урҭ дырзыԥшын. 25  Пиотр данаа, Корни́ли диԥылан, иҿаԥхьа дшьамхышгыланы диеихырхәеит. 26  Аха Пиотр иҳәеит: «Угыл, саргьы уара уҩыза соуп». 27  Пиотр Корни́ли диацәажәо аҩны даныҩнала, ауаа рацәа еизаны ишизыԥшыз ибеит. 28  Иара урҭ иреиҳәеит: «Шәара ибзианы ижәдыруеит, ауриацәа егьырҭ ажәларқәа ирацәажәалар, ма рыҩныҟа инеилар шыҟамло, аха Анцәа исирбеит ицқьам, ихәынгашьатәу ҳәа аӡәгьы дшыҟам. 29  Убри азоуп ауаа сышьҭаланы ианнеи, сымлакҩакӡакәа срыцны сзааз. Уажәшьҭа исашәҳә сзаажәгаз». 30  Корни́ли иҳәеит: «Ԥшьымш раԥхьа, абыржәааны еиԥш, асааҭ 3 раҟара шыҟаз*, аҩны Анцәа сиҳәон. Ус, иаалырҟьаны, амаҭәа шкәакәа ишәҵаны аӡә саԥхьа даагылан, 31  ус иҳәеит: „Корни́ли, Анцәа уҳәара иаҳаит, уус бзиақәагьы ибеит. 32  Убри аҟынтә Ио́ппиаҟа ауаа шьҭы, Пиотр ҳәа изышьҭоу Си́мон даарц иарҳәаразы. Иара амшын аҿықә аҿы инхо, асахҭанҟаҵаҩ* Си́мон иҿы дыҟоуп“. 33  Убри азоуп иаразнак ауаа зысышьҭыз. Уахьааз даара ҳаигәырӷьеит. Уажәы ҳара зегьы ара, Анцәа иҿаԥхьа, ҳаизеит, Иегова* ҳара ҳзы иуеиҳәаз ажәа ҳаҳарц азы». 34  Пиотр ацәажәара далаган, абас иҳәеит: «Уажәшьҭа ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит, Анцәа ауаа шеилимхуа. 35  Иара ауаҩы дызмилаҭзаалакгьы дидикылоит, уи ауаҩы Анцәа дицәшәозар*, насгьы ииашаны ихы мҩаԥигозар. 36  Анцәа израильаа аҭынчра иазку ажәабжь бзиа рзааицҳаит ауаа зегь Ирықәиҭу Иисус Христос ила. 37  Шәара ижәдыруеит Иоанн имҩаԥигоз, ауаа ирылаирҵәоз аӡӡаахра ашьҭахь раԥхьа Галилеиа, нас Иудеиа зегь аҿы ауаа злацәажәоз: 38  Анцәа назареттәи Иисус иԥшьоу адоуҳала дшалихыз*, амч шииҭаз, уи ауаа абзиарақәа рзыҟаҵо, Аџьныш иргәаҟуаз хәышәтәуа, атәыла зегь дшалсуаз. Анцәа дицын азоуп уи зегь зилшоз. 39  Ҳара иаҳбон Иисус ауриацәа ртәылаҿи Иерусалими иҟаиҵоз зегьы, аха дара ашьаҟа* дкыдҵаны дыршьит. 40  Анцәа уи ахымш раан иԥсы ҭеиҵан, ауаа дырбартә иҟаиҵеит, 41  аха зегьы дрымбаӡеит. Дызбаз Анцәа заа иалиххьаз, уи иԥсы анҭала ашьҭахь акрыицызфоз, акрыицызжәуаз ашаҳаҭцәа роуп — уи ҳара ҳауп. 42  Иара дҵас иҳаиҭеит, Анцәа зыԥсы ҭоугьы, иԥсхьоугьы ӡбаҩыс ирзалихыз иара шиакәу ауаа ирылаҳҳәаларц, рхы иҭаҳгалаларц. 43  Аԥааимбарцәа зегьы ирҳәон, иара дхазҵо зегьы ихьӡ ала рыгәнаҳақәа шранажьхо». 44  Пиотр иажәа ҳәаны далгаанӡа, изыӡырҩуаз зегьы иԥшьоу адоуҳа роуит. 45  Пиотр ицыз заԥхьатә хсаз аҵаҩцәа ианырба иауриамгьы Анцәа иҳамҭа — иԥшьоу адоуҳа — шроуз, даараӡа иџьаршьеит. 46  Дара ираҳауан, урҭ атәым бызшәақәа рыла ишцәажәоз, урҭ абызшәақәа рылагьы Анцәа дышҳараркуаз. Усҟан Пиотр иҳәеит: 47  «Арҭ ауаа ҳара ҳаиԥш иԥшьоу адоуҳа роуит. Нас, аӡы иӡааухыр ҟалаӡом ҳәа ӡәыр изҳәома?» 48  Пиотр урҭ Иисус Христос ихьӡала аӡы рыҽӡаархырц реиҳәеит. Дара Пиотр иҳәеит иҵегь мышқәак дара рҿы даангыларц.

Албаагақәа

Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ азы».
Асахҭан аԥстәқәа рцәа иалырхуан.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 6-тәи асааҭ азы».
Уи аҭыԥ аҿы аҩнқәа рхыбқәа ҟьаҟьан, уа еиуеиԥшым аусқәа ҟарҵон.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 9-тәи асааҭ азы».
Асахҭан аԥстәқәа рцәа иалырхуан.
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «ҳаҭыр ду иқәиҵозар». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥшьоу адоуҳа шихьишьыз».
Ма «аҵла».