Галатаа рахь 6:1—18

  • «Шәеидара хьанҭақәа еицыжәгала» (1—10)

    • «Ауаҩы илеиҵо ауп иааирыхуа» (7, 8)

  • Аԥхьатәхсара акгьы аанагаӡом (11—16)

    • Ауаҩ ҿыц (15)

  • Павел иажәа хиркәшоит (17, 18)

6  Аӡәы ииашам амҩа данылар, иара уи амҩа шиашам еиликаанӡагьы, шәара, доуҳала ишәу сашьцәа, уи ауаҩ амҩа иашахь дшәырхынҳә, аха уи хаала иҟашәҵа. Убри аамҭазы шәыхгьы шәацклаԥшла, шәаргьы акы шәыхнамхырц азы.  Шәеидара хьанҭақәа еицыжәгала, убасала Христос изакәан нашәыгӡоит.  Аӡәы дызлаҟам далаҟоуп ҳәа иԥхьаӡозар, ихы ижьоит.  Дасу иусқәа гәеиҭалааит, иара иҟаиҵо егьырҭ иҟарҵо иаҿимырԥшлааит. Усҟан иусқәа дреигәырӷьалоит.  Дасу иара иеидара* даҵоуп.  Анцәа иажәа здырҵо ауаҩы изырҵо изы акгьы дамеигӡалааит.  Шәхы шәымжьалан: Анцәа узхыччо иакәӡам. Ауаҩы илеиҵо ауп иааирыхуа.  Зцәеижь агәаҳәарақәа назыгӡо ицәеижь аҟынтә аԥсра* ааирыхуеит, Анцәа идоуҳа анапхгара иқәныҟәо уи адоуҳа аҟынтә наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит.  Убри аҟынтә, шәааи, ҳгәы камыжьӡакәа абзиара ҟаҳҵалап, избанзар ҳгәы каҳмыжьыр, аамҭа анааилак, аҽаҩра ҭаҳгалоит. 10  Алшара ҳаманаҵы, шәааи, зегьы абзиара рзыҟаҳҵалап. Аха еиҳарак иззыҟаҳҵалар ҳахәҭоу ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи роуп. 11  Сара ари асаламшәҟәы снапала ишәзысҩит. Ижәбома сынбанқәа шаҟа иҟәазу. 12  Ауаа рҿаԥхьа ахьӡ бзиа зырҳарц иашьҭоу шәаԥхьатә хышәсарц шәыдырцалоит, аха дара уи зыҟарҵо Христос ишьаҟазы ирмышьҭашәарыцаларц азоуп. 13  Заԥхьатә хызсо рхаҭақәа азакәан иқәныҟәаӡом, арахь ирҭахуп шәара шәаԥхьатә хышәсар, шәцәеижь иалаҽхәаларц азы. 14  Сара стәы сҳәозар, ашьаҟаҿы иԥсыз Иҳақәиҭу Иисус Христос ида акы сахыҽхәалар сҭахӡам. Иара ила адунеи сара сзы иԥсит, саргьы адунеи азы сыԥсит. 15  Ихадоу шәаԥхьатә хсоу-ихсаму акәӡам, ихадоу — Анцәа шәуаҩ ҿыцны шәахьыҟаиҵо ауп. 16  Убас еиԥш инхо зегьы — Анцәа иитәу Израиль иахәҭаку зегьы — аҭынчреи арыцҳашьареи рыгымзааит. 17  Уажәшьҭарнахыс аӡәгьы ауадаҩрақәа сызцәыримгааит, избанзар сара Иисус имаҵуҩ шсакәу узырбо адырга снуп. 18  Сашьцәа, шәара аҟазшьа бзиақәа шәымоуп. Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит. Амин.

Албаагақәа

Ма «иду аҭакԥхықәра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «абаара».