Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 5:1—42

  • Ананиеи Сапфиреи (1—11)

  • Апостолцәа аџьашьахәқәа рацәаны иҟарҵоит (12—16)

  • Иҭаркуеит, нас иоурышьҭуеит (17—21а)

  • Еиҭах Асинедрион ахь инаргоит (21б—32)

    • «Ҳара ҳаззыӡырҩлаша ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп» (29)

  • Гамалиил ирабжьеиго (33—40)

  • Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь бзиа рҳәоит (41, 42)

5  Ана́ниа зыхьӡыз хаҵакгьы адгьыл иҭиит. Уи иԥҳәыс Сапфи́ра лыхьӡын.  Адгьыл иаҭнихыз аԥара апостолцәа ирызнеигеит, аха зегь неимгаӡеит, избанзар иԥҳәыси иареи шаҟа аҭнырхыз аӡәгьы иарымҳәарц еибырҳәеит.  Аха Пиотр Ана́ниа ус иеиҳәеит: «Ана́ниа, Аҩсҭаа ухы-угәы дҭалартә шԥоууи? Иуҭииз адгьыл шаҟа аҭнухыз ӡаны, иԥшьоу адоуҳа ужьарц угәы изҭоуки?  Иуҭиаанӡагьы уара иутәӡамзи? Иаҭнухызгьы ишуҭахыз инухыр улымшаӡози? Абри аҩыза аус цәгьа угәы изҭоуки? Иужьаз ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп».  Ана́ниа ари аниаҳа, дылкаҳан, дыԥсит. Иҟалаз заҳаз зегьы даараӡа ишәеит.  Нас ҷкәынцәақәак ааин, Ана́ниа акы дыларҳәан, дганы дыржит.  Х-сааҭк раҟара анҵы, иԥҳәысгьы дааит. Аха лара иҟалаз лыздырӡомызт.  Пиотр уи длазҵааит: «Абри аҟара ҳәа аума шәыдгьыл шышәҭииз?» Лара илҳәеит: «Аиеи, убри аҟара ҳәа ауп».  Усҟан Пиотр ус леиҳәеит: «Бхаҵагьы баргьы Иегова* идоуҳа шәжьарц еибышәҳәама? Адәахьы иго ашьапышьҭыбжь баҳауама? Бхаҵа дызжыз роуп иааиуа, урҭ уажәы баргьы бдәылыргоит». 10  Ларгьы Пиотр иҿаԥхьа дылкаҳан, дыԥсит. Иҩналаз аҷкәынцәа дшыԥсыз анырба, даашьҭырхын, дганы лхаҵа ивараҿы дыржит. 11  Иерусалим иҟаз аҵаҩцәа зегьы уи анраҳа, даараӡа ишәеит. Ишәеит уи заҳаз зегьы. 12  Ауаа ирбон, апостолцәа ирацәаны аџьашьахәқәеи зеиԥшыҟам аусқәеи шыҟарҵоз. Дара зегьы Соломон ибарҵа ду* аҿы еизалон. 13  Аха рыҽрыдкылара аӡәгьы изыгәаӷьуамызт. Ус шакәызгьы, ауаа урҭ рыӡбахә бзианы ирҳәон. 14  Иҳақәиҭу дхазҵоз ҳәсеи-хацәеи рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауан. 15  Ауаа рчымазцәа ацәардаӷәы ианҵаны, амҩадуқәа рахь идәылыргон, Пиотр диасны данцо ма игага рыхькьысырц азы. 16  Иерусалим иаакәыршаны иҟаз ақалақьқәа рҟынтәгьы ауаа рчымазцәа рыманы иаауан, адемонцәа* зхаԥаны иҟазгьы ааргон. Ачымазцәа зегь бзиахон. 17  Аԥшьаҩ хадеи уи идгылаз асаддукеицәа рсекта иалази ашьыцра рызҵысын, 18  апостолцәа ганы ақалақь аҿы иҟаз абахҭа иҭаркит. 19  Аха уи ауха Иегова имаалықь абахҭа ашәқәа ааиртын, апостолцәа ауишьҭит. Нас ус реиҳәеит: 20  «Аныҳәарҭахь шәцаны ауаа ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара аӡбахә рашәҳәала». 21  Даргьы амаалықь ииҳәаз иазыӡырҩын, ашара иалагон еиԥш аныҳәарҭахь инеит. Уа ауаа Анцәа иажәа дырҵара иалагеит. Аԥшьаҩ хадеи уи ицызи анеиза, Асинедрио́н иалахәызи израильтәи ажәлар реиҳабацәеи еизыргеит. Нас ауаа рышьҭит, апостолцәа абахҭа аҟынтә иааргарц азы. 22  Аха абахҭахь ианнеи, апостолцәа уа ишыҟамыз рбеит. Ихынҳәны ианаа, 23  ус рҳәеит: «Ҳаннеи, абахҭа ашәқәа ыҵарҟаца иаркын, ахьчаҩцәагьы уа игылан, аха аҩныҵҟа ҳаныҩнала, аӡәгьы дҳамбаӡеит». 24  Аныҳәарҭа аиҳаби аԥшьаҩ еиҳабацәеи ираҳаз ажәақәа џьаршьеит, иҟарҵо рзымдыруа иқәхеит. 25  Убри аамҭазы аӡә дааин, ус реиҳәеит: «Абахҭа иҭашәкыз аныҳәарҭаҿы игыланы, ауаа Иисус иӡбахә рзеиҭаҳәара иаҿуп». 26  Усҟан аныҳәарҭа аиҳабы ауаа иманы дцан, апостолцәа ааигеит. Аха аныҳәарҭа аиҳабгьы ицыз ауаагьы апостолцәа ирыламкьысӡеит, избанзар ажәлар ахаҳә иадыргар ҳәа ишәон. 27  Апостолцәа аарган, Асинедрио́н аҿы идыргылеит. Нас аԥшьаҩ хада азҵаарақәа анриҭа ашьҭахь, ус иҳәеит: 28  «Ари ауаҩ ихьӡала аӡәгьы акгьы ишәмырҵалан ҳәа шәаҳамҳәаӡази?! Шәара шәаалаган, Иерусалим зегь шәҵарақәа рыла ишәырҭәит. Ари ауаҩ дызшьыз ҳара ҳакәушәа, ишьа ҳара иҳадушәа ахара ҳадышәҵаргьы шәҭахуп». 29  Пиотри егьырҭ апостолцәеи ус рҳәеит: «Ҳара ҳаззыӡырҩлаша ауаа ракәӡам, Анцәа иоуп. 30  Шәара Иисус ашьаҟа дкыдҵаны дышәшьит, аха ҳабацәа рабацәа Рынцәа уи иԥсы ҭеиҵеит. 31  Анцәа уи дҳареикын, иарӷьараҿы диртәеит, Ԥхьагылаҩысгьы, Еиқәырхаҩысгьы дҟаиҵеит, израильаа рыгәнаҳақәа рыхьхәра рылшарц, насгьы урҭ ранажьхарц азы. 32  Ҳара уи ҳаблала иаҳбеит, Анцәа изыӡырҩуа ириҭаз иԥшьоу адоуҳагьы ҳацхрааит ауаа уи аӡбахә рылаҳәара». 33  Ари заҳаз рыԥсахы еибакит, апостолцәа ршьырцгьы рҭаххеит. 34  Усҟан Гамалии́л зыхьӡыз афарисеи дҩагылан, апостолцәа дәылыргарц адҵа ҟаиҵеит. Иара ҳаҭыр зқәырҵоз закәанрҵаҩын. 35  Нас Гамалии́л ус иҳәеит: «Израильаа, арҭ ауаа ак рзыжәуаанӡа цқьа шәаахәыц. 36  Уажә ааигәа дцәырҵны дыҟан уаҩ дук иакәушәа зхы зыԥхьаӡоз Фе́вда зыхьӡыз аӡәы, ишьҭалазгьы 400-ҩык раҟара ыҟан. Аха дабаҟоу уажәы? Дыршьит, ишьҭалазгьы хара-бӷьара еимпын, иныҵаба ицеит. 37  Уи ишьҭахь, ажәлар ашәҟәы ианҭарыҩуаз аамҭазы, галилеиатәи Иуда ҳәа даҽаӡә даацәырҵит. Иаргьы ишьҭалақәаз ҟалеит, аха дабаҟоу, уигьы дҭахеит, ишьҭалақәазгьы еиԥхьыттеит. 38  Убри аҟынтә ишәасҳәоит: шәырҟәаҵ абарҭ ауаа, шәрыламкьысын. Ари аус ауаа иртәызар — ихыбгалоит, 39  Анцәа итәызар — ишәзаанкылом. Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, избанзар шәызҿагыланы шәзабашьуа Анцәа иакәхар ҟалоит». 40  Урҭ Гамалии́л ииҳәаз иазыӡырҩит. Анаҩс апостолцәа аарган ирыпҟеит, нас Иисус ихьӡала уаҳа аӡәгьы акгьы иашәымҳәалан ҳәа нараҳәаны иоурышьҭит. 41  Апостолцәа Иисус ихьӡ азы агәаҟрақәа рыхгара ахьраҭәашьахаз иеигәырӷьо, Асинедрио́н идәылҵит. 42  Дара есыҽны аныҳәарҭаҿы, иара убас ҩнаҭацыԥхьаӡа иааҟәымҵӡакәа ауаа Анцәа иажәа ддырҵон, насгьы Христос Иисус изку ажәабжь бзиа рыладырҵәон.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Уи абарҵа ахыб агәашьақәа аҵагылан.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ицқьам адоуҳақәа».