Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 20:1—38

  • Павел Македониаҟа дцоит, нас Бырзентәылаҟа (1—6)

  • Павел Троада ақалақь аҿы Евтих иԥсы ҭеиҵоит (7—12)

  • Троадантәи Милетҟа (13—16)

  • Павели ефестәи аизара ахылаԥшыҩцәеи еиқәшәоит (17—38)

    • Ҩнаҭацыԥхьаӡа Анцәа иажәа дирҵоит (20)

    • «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп» (35)

20  Ажәлар анеиқәтәа, Павел аҵаҩцәа аарц рзынаицҳаит. Ианаа, ргәы ирӷәӷәан, абзиараз ҳәа нараҳәаны, Македо́ниаҟа амҩа дықәлеит.  Аҵаҩцәа ргәы рӷәӷәо, урҭ аҭыԥқәа данрылс ашьҭахь, Бырзентәылаҟа дцеит.  Уа хымз дыҟан. Мшынла Сириаҟа ддәықәлараны даныҟаз аламҭалазы ауриацәа дыршьырц шырҭахыз еиликаан, дхынҳәны Македониала дцарц иӡбеит.  Иара ицын Ве́риа иатәыз Пирр иԥа Сопа́три, Фессало́ника иатәыз Ариста́рхи Секу́нди, Де́рвиа иатәыз Га́ии, Тимофеии, иара убас Азиа* иатәыз Ти́хики Трофими.  Урҭ аишьцәа ҳаԥхьа Троа́даҟа ицан, уа иаҳзыԥшын.  Арҵәыга злам ача аныҳәа ашьҭахь Филиппынтәи мшынла урҭ ахьыҟаз Троа́даҟа ҳцеит, хәымш рылагьы ҳнеит. Уа ҳара бжьымшы ҳаҟан.  Амчыбжь актәи амш аҽны ҳара акреицаҳфарц азы ҳаизеит. Павел уа иҟаз зегь рахь ихы рханы, ацәажәара далагеит. Адырҩаҽны иара амҩа дықәлараны дыҟан, убри азы ҵхагәанынӡа ажәахә иҳәон.  Ҳахьеизаз хыхьтәи ауадаҿы акәаҷабқәа рацәаны иаркын.  Евти́х зыхьӡыз арԥыск аԥенџьыр дықәтәан. Павел ажәахә аниҳәоз аамҭазы уи арԥыс дамхацәан, ахԥатәи аихагыла аҟынтә дкаҳаит. Дышьҭырхырц азы ианылбаа, дыԥсхьан. 10  Павел дналбаан, арԥыс дааигәыдиҳәҳәалан, ус иҳәеит: «Шәымшәан, иԥсы ҭоуп». 11  Нас Павел хыхь дхалан, ача ааԥиҽын*, акрыфара далагеит. Иара урҭ шарԥазынӡа драцәажәон, нас имҩа дықәлеит. 12  Дара арԥыс деибга-деизҩыда дрыманы, игәырӷьаҵәа аҩныҟа ицеит. 13  Нас ӷбала Павели ҳареи ҳаиқәшәараны ҳахьыҟаз Ассҟа ҳдәықәлеит. Иара уахь шьапыла дцарц иӡбеит, уа дышьҭаҳхырцгьы ҳаиҳәеит. 14  Уа ҳанеиқәшәа, дышьҭаҳхын, ҳаицны Митили́наҟа ҳдәықәлеит. 15  Адырҩаҽны Хио́сҟа ҳдәықәлеит, адырхаҽны Само́сҟа ҳнеит, даҽа мышк ашьҭахь Миле́т ҳнеит. 16  Павел Ефес даанымгылаӡакәа, имҩа иациҵарц иӡбеит, избанзар Азиа мыцхәы даанхар иҭахӡамызт. Иара Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны Иерусалим дыҟазарц иҭахын азы дыццакуан. 17  Аха Миле́т даныҟаз, ефестәи аизара ахылаԥшыҩцәа* иара иахь инеирц рзынаицҳаит. 18  Ианнеи, Павел ус реиҳәеит: «Шәара ибзианы ижәдыруеит, Азиа сшьапы анықәсыргыла инаркны шәыбжьара схы шымҩаԥызгоз. 19  Сызшьырц зҭахыз ауриацәа ирыхҟьаны агәаҟрақәа сышрықәшәозгьы, сышлаӷырӡышозгьы, ахынраалара аарԥшны, маҵуҩык иеиԥш Иҳақәиҭу имаҵ зуан. 20  Сара акгьы шәцәымҵәахӡакәа, ишәыхәашаз, хәарҭа шәзаазгашаз шәасҳәон, ауаа рацәа рҿаԥхьагьы, ҩнаҭацыԥхьаӡагьы, сааҟәымҵӡакәа, Анцәа иажәа шәсырҵон. 21  Ауриацәагьы абырзенцәагьы рыгәнаҳақәа ирыхьхәны Анцәа иахь ихьаҳәырц, насгьы Иҳақәиҭу Иисус дхарҵарц азы зыгәра ргашаз ашьақәырӷәӷәарақәа рзаазгон*. 22  Уажәшьҭа иԥшьоу адоуҳа ишсыҵанаҳәо еиԥш, Иерусалимҟа сцоит, уа сзықәшәо шысзымдыруагьы. 23  Аха акызаҵәык ибзианы издыруеит: қалақьцыԥхьаӡа сахьнеилакгьы, иԥшьоу адоуҳа абахҭеи агәаҟрақәеи шысзыԥшу санаҳәоит. 24  Аха сара схы-сыԥсы сеигӡаӡом, исҭаху сымҩа санысырц, насгьы Иҳақәиҭу Иисус снапы ианиҵаз амаҵзура насыгӡарц ауп. Иара Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәабжь бзиа сҳәаларц* сыдиҵеит. 25  Сара издыруеит, шәара — Аҳра аӡбахә засҳәахьоу зегьы — уаҳа ахаан сшышәымбо. 26  Убри аҟынтә иахьа сшәыҳәоит, аӡәымзар-аӡәы иԥсра шысхарам* шьақәшәырӷәӷәарц, 27  избанзар сара акгьы шәцәымҵәахӡакәа, Анцәа иҟаиҵараны иҟоу зегь шәзеиҭасҳәон. 28  Шәхы шәацклаԥшла, насгьы Иԥа ишьала Анцәа иааихәаз аизара шәыхьчаларц азы иԥшьоу адоуҳа шәызханаргылаз Анцәа иԥсаса шәахылаԥшла. 29  Сара издыруеит, санцалак ашьҭахь ақәыџьмақәа шшәылало. Дара рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа, аԥсаса ирықәымчлоит. 30  Иара шәыбжьарагьы аҵабырг еицазкуа ауаа цәырҵуеит, дара аҵаҩцәа рганахь ииаргарц иашьҭалоит. 31  Убри аҟынтә шәгәышәҽаныз, ишәхашәмыршҭын хышықәса уахгьы-ҽынгьы, сааҟәымҵӡакәа, слаӷырӡышо сышшәылабжьоз. 32  Уажәшьҭа Анцәа инапы шәанысҵоит, иара шәихьчалааит, иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иазку ажәагьы шәахьчалааит. Уи ажәа шәарӷәӷәоит, насгьы иԥшьоу зегьы зқәыргәыӷу аҳамҭа шәнаҭоит. 33  Сара ахаан аӡәы ираӡны, ихьы, ма имаҭәа самеилаҳацызт. 34  Шәара ижәдыруеит, сара схала схы шныҟәызгоз, исыцқәазгьы сышрыцхраауаз. 35  Сара схатә ҿырԥшала ишәсырбеит, иԥсыҽу шәрыцхраалар шшәыхәҭоу, насгьы ишәхашәмыршҭлар шакәу Иҳақәиҭу Иисус ииҳәаз абарҭ ажәақәа: „Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, иара ак аниуҭо еиҳа инасыԥуп“». 36  Абри ҳәаны даналга, Павел дшьамхышгылан, Анцәа иҳәара далагеит, егьырҭгьы шьамхышгылеит. 37  Нас зегь еибарҵәыуо, Павел игәыдыҳәҳәалареи игәӡреи иалагеит. 38  Еиҳарак ргәы дзырхьыз Павел уаҳа сыжәбаӡом ҳәа ахьреиҳәаз ауп. Нас аӷба аҟынӡа днаскьаргеит.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ажәар.
Уи акрыфара ишалагатәу аанагон.
Абырзен ажәа пресби́терос. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Ахылаԥшҩы».
Ма «инҭкааны шаҳаҭра зуан».
Ма «инҭкааны шаҳаҭра азызуларц».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ишьа сара ишсыдым».