Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 2

Иҟаҵатәузеи Анцәа деилаҳкаарц азы?

«Ари ашәҟәы иану азакәан ажәақәа еснагь иуҿазааит. Уахгьы-ҽынгьы убжьы ныҵакны уи уаԥхьала, иану зегьы ак агмыжькәа уацныҟәаларц азы. Убасҟан умҩаҿы уманшәалахоит, насгьы иҟауҵо зегь аҿы аҟәыӷара уцзаауеит»

(Иисус Навин 1:8).

«Дара Ҳазшаз Анцәа изакәан рыбжьы ҭыганы иаԥхьон, насгьы ажәлар уи иаанагоз рзеиҭарҳәон, аҵакы реилдыркаауан. Убасала изыԥхьоз аилкаара ирыцхраауан»

(Неемиа 8:8).

«Насыԥ имоуп ауаа цәгьақәа рылабжьара иқәымныҟәо... Иара Иегова изакәан далагәырӷьоит, уахгьы-ҽынгьы ибжьы ныҵакны уи даԥхьоит. [...] Иҟаиҵо зегь рҿы ақәҿиара иоуеит»

(Аԥсалом 1:1—3).

«Филипп аҽыуардын даназааигәаха, иаҳаит уи ауаҩ аԥааимбар Исаиа ишәҟәы дшаԥхьоз. Убри аҟынтә диазҵааит: „Узыԥхьо еилукаауама?“ Иара иҳәеит: „Излеилыскаауеи, аӡәгьы исеилимыркаар?“»

(Аусқәа 8:30, 31).

«Иаҳбарҭам иҟазшьақәа адунеи аншаз инаркны иубарҭоуп. Анцәа ишамҭақәа анҭаҳҵаауа, дзеиԥшроу еилаҳкаауеит. Урҭ зегьы иаадырԥшуеит иара наӡаӡатәи амч шимоу, Дшынцәоугьы шьақәдырӷәӷәоит. Убри аҟынтә Анцәа дхазымҵо рхы зладыриашо ҳәа акгьы рымаӡам»

(Римаа 1:20).

«Абри зегьы уазхәыцла, ухы убри иазкыз, уқәҿиарақәа зегьы ирбарҭахарц азы»

(1 Тимофеи 4:15).

«Аӡәи-аӡәи ҳаизхәыцлап, абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭеибаҵалап. ...Ҳаизарақәа аанҳмыжьлап»

(Ауриацәа 10:24, 25).

«Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит, избанзар Анцәа уи азы иҳәо зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит»

(Иаков 1:5).