Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 11

Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?

«Иԥсы анихыҵуа, анышә ахь дхынҳәуеит, игәы иҭеихәыцуаз зегьы уи амш аҽны иӡуеит»

(Аԥсалом 146:4).

«Зыԥсы ҭоу ишыԥсуа рдыруеит, аха иԥсхьоу акгьы рыздырӡом... Унапы иҟанаҵо зегьы ухы уамеигӡакәа иҟаҵала, избанзар анышә аҿы — уара уахьцо аҭыԥ аҿы — иҟам аусурагьы, агәҭакқәагьы, адыррагьы, аҟәышрагьы»

(Екклезиаст 9:5, 10).

«[Иисус] иациҵеит: „Ҳҩыза Лазарь дыцәеит, аха сара иаарԥшра сцоит“. Иисус Лазарь дыԥсит ҳәа ауп ииҳәарц ииҭахыз, аха дара уи дыцәоуп ҳәа иҳәарц иҭахыз џьыршьеит. Усҟан Иисус урҭ иаартны иреиҳәеит: „Лазарь дыԥсит“»

(Иоанн 11:11, 13, 14).