Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Зыгәра ргозеи Иегова ишаҳаҭцәа?

Зыгәра ргозеи Иегова ишаҳаҭцәа?

Иегова ишаҳаҭцәа реиԥш ҳара Христос ишьақәиргылаз, насгьы апостолцәа иныҟәыргоз ақьырсианра инақәыршәаны анхара ҳҽазаҳшәоит. Ари астатиаҿы ихадоу ҳхаҵарақәа еиқәыԥхьаӡоуп.

  1.   Анцәа. Ҳара иаӡәыку, ииашаҵәҟьоу, Зегьзымчу, Зегьзшаз Анцәа ҳимҵахырхәоит. Иара ихьӡуп Иегова (Аԥсалом 83:18, АдҾ; Аатра 4:11, АдҾ). Иара Авраам, Моисеи, насгьы Иисус Христос Рынцәа иоуп (Ақәҵымҭа [Исход] 3:6; 32:11; Иоанн 20:17).

  2.   Абиблиа. Ҳара агәра ҳгоит Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩу, ауаа рзы аацҳара зну ашәҟәы шакәу (Иоанн 17:17; 2 Тимофеи иахь 3:16). Ҳҵарақәа шьаҭас ирымоуп Ажәытә Уасиаҭ, иара убас Ауасиаҭ Ҿыц иаҵанакуа Абиблиа шьақәзыргыло 66 шәҟәы. Адинхаҵарақәа ҭызҵаауа апрофессор Џьеисон Деивид Бедун иазгәеиҭеит Иегова ишаҳаҭцәа рҵарақәеи русқәеи раԥхьатәи абиблиатә текст иану инақәыршәаны ишышьақәдыргыло, уа ирыԥшааша заа имыӡбаӡакәа a.

     Ҳара Абиблиа зегь агәра ҳгоит, аха афундаменталистцәеи ҳареи иаҳзеилоу ҳәа акгьы ыҟам. Ҳара еилаҳкаауеит Абиблиаҿы символтә ҵакыла иҩу ахәҭақәа шыҟоу, убри аҟынтә урҭ ишыҟаҵәҟьоу ишеилкаатәым (Аатра 1:1).

  3.   Иисус Христос. Ҳара Иисус Христос иаҳзынижьыз аҿырԥштәы ҳақәныҟәоит, насгьы иҵарақәа инарықәыршәаны ҳанхоит. Иара убас Ҳаиқәырхаҩ, насгьы Анцәа Иԥа иоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит (Матфеи 20:28; Аусқәа 5:31). Убри аҟынтә ҳара ҳқьырсианцәоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Аусқәа 11:26). Аха убри аамҭазгьы, Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иисус Зегьзымчу Анцәа шиакәым, насгьы х-хаҿык змоу Анцәа изку аҵара Аԥшьаҩыра шьаҭас ишамам (Иоанн 14:28).

  4.   Анцәа Иаҳра. Ари ақьырсиан игәы аҭагылазаашьа акәӡам, аха ииашаҵәҟьаны ажәҩан аҿы иҟоу напхгароуп. Анцәа Иаҳра ауаатәыҩсатә напхгарақәа рҭыԥан аҳра аулоит, насгьы адгьыл иазку Анцәа игәҭакы нанагӡоит (Даниил [Даниил] 2:44; Матфеи 6:9, 10). Аҳра арҭ аԥсахрақәа зегьы иаарласны иҟанаҵоит, избанзар абиблиатә ԥааимбаражәақәа ишаҳдырбо ала, ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳанхоит (2 Тимофеи иахь 3:1—5; Матфеи 24:3—14).

     Иисус Христос ажәҩан аҿы иҟоу Анцәа Иаҳра Аҳас дахагылоуп. Иара аҳра аура далагеит 1914 шықәсазы (Аатра 11:15).

  5.   Аиқәхара. Иисус иҿыхратә ԥсхҭынҵара абзоурала агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаур ҳалшоит (Матфеи 20:28; Аусқәа 4:12). Христос иԥсхҭынҵара ахәарҭа ҳзаанагарц азы, иара игәра ҳгалар, ҳаԥсҭазаашьа ҳаԥсахыр, иара убас аӡы ҳаҽӡааҳхыр ауп (Матфеи 28:19, 20; Иоанн 3:16; Аусқәа 3:19, 20). Ауаҩы иусқәа иаадырԥшуеит игәрахаҵара аԥсы ҭоу-иҭаму (Иаков 2:24, 26). Аха аиқәхара ҳаԥсахартә еиԥш ахаан ҳзыҟалом, уи ҳаур шҳалшо Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара абзоурала мацара ауп (Галаҭаа рахь 2:16, 21).

  6.   Ажәҩан. Анцәа Иегова, Иисус Христос, насгьы Анцәа изиашоу амаалықьцәа ажәҩан аҿы иҟоуп (Аԥсалом 102:19—21 [103:19—21, АдҾ]; Аусқәа 7:55) b. Зхыԥхьаӡара рацәам, 144 000-ҩык ауаа, Анцәа Иаҳраҿы Иисус Христос напхгара ицҟарҵаларц азы жәҩантәи аԥсҭазаара роуеит (Даниил [Даниил] 7:27; 2 Тимофеи иахь 2:12; Аатра 5:9, 10; 14:1, 3).

  7.   Адгьыл. Анцәа адгьыл ишеит, наӡаӡа ауаа ықәынхаларц азы (Аԥсалом 103:5 [104:5, АдҾ]; 113:24 [115:16, АдҾ]; Екклезиаст [Экклезиаст] 1:4). Анцәа иҳәатәы хазҵо ауаа џьанаҭ дгьыл аҿы инаӡоу агәабзиареи наӡаӡатәи аԥсҭазаареи ҳамҭас ириҭоит (Аԥсалом 36:11, 34 [37:11, 34, АдҾ]).

  8.   Ацәгьареи агәаҟрақәеи. Амаалықьцәа руаӡәк Анцәа даниҿагыла инаркны, ацәгьареи агәаҟрақәеи ҟалеит (Иоанн 8:44). Уи аҿагылара ашьҭахь Аҩсҭаа, Аџьныш ҳәа хьӡыс изауз ари амаалықь, раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, иган ахь ииаигеит. Урҭ рхылҵшьҭрақәа ари даара ибааԥсу алҵшәақәа рзаанагеит (Аҟазаара [Бытие] 3:1—6; Римаа рахь 5:12). Аҩсҭаа ишьҭихыз ихадоу арҭ аимактә зҵаарақәа рыӡбаразы, Анцәа ацәгьарақәеи агәаҟрақәеи иаҩижьит, аха урҭ наӡаӡа иҟазарц алиршом.

  9.   Аԥсра. Ауаҩы данԥслак, аҟазаара даҟәыҵуеит (Аԥсалом 145:4 [146:4, АдҾ]; Екклезиаст [Экклезиаст] 9:5, 10). Анцәа ауаа амца қьоуқьад ахьеилашуа џьаҳаным аҿы иргәаҟуам.

     Аԥсҭалара абзоурала Анцәа миллиардҩыла ауаа аԥсҭазаарахь ирхынҳәуеит (Аусқәа 24:15). Аха зыԥсы ҭаҵахо ауаа рҟынтә Анцәа изакәан ала анхара мап ацәызкуа, наӡаӡа иқәгахоит, аԥсҭаларазы агәыӷра уаҳагьы ироуам (Аатра 20:14, 15).

  10.   Аҭаацәара. Ҳара Анцәа аханатә ишьақәиргылаз аҭаацәалазааратә норма инақәыршәаны ҳанхоит. Иара ҩыџьа ауаа, хаҵаки ԥҳәыски, ҭаацәарак еиԥш еидикылеит. Аилыҵра азин узҭо мзыз заҵәык ыҟоуп, уи игәаԥхашәадоу ахымҩаԥгашьа ауп (Матфеи 19:4—9). Ҳара агәра ҳгоит аҟәыӷара зҵоу абиблиатә лабжьарақәа рхархәара абзоурала, аҭаацәарақәа анасыԥ роур шрылшо (Ефесаа рахь 5:22—6:1).

  11.   Ҳамҵахырхәара. Ҳара аџьари егьырҭ асахьақәеи ҳрымҵахырхәаӡом (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 4:15—19; 1 Иоанн 5:21). Абар ҳамҵахырхәара иахәҭаку ихадоу аусқәа:

    •   Анцәа иҳәара (Филиппаа рахь 4:6).

    •   Абиблиа аԥхьареи аҭҵаареи (Аԥсалом 1:1—3).

    •   Абиблиаҿы ҳзыԥхьаз азхәыцра (Аԥсалом 76:13 [77:12, АдҾ]).

    •   Ҳаизарақәа рҭаара. Уа ҳара ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшои ҳареи Анцәа ҳаициҳәоит, Абиблиа еицҭаҳҵаауеит, ашәа еицаҳҳәоит, ҳагәрахаҵара ҳалацәажәоит, иара убас ҳашьцәеи, ҳаҳәшьцәеи, егьырҭ ауааи ргәы шьҭаҳхуеит (Кәаласаа рахь 3:16; Ауриацәа рахь 10:23—25).

    •   Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рыларҵәара (Матфеи 24:14).

    •   Ауадаҩрақәа змоу ацхыраара рыҭара (Иаков 2:14—17).

    •   Адунеизегьтәи абиблиатә рҵаратә ус амҩаԥгаразы рхы иадырхәо Аҳратә залқәеи егьырҭ ахыбрақәеи рыргылара, иара убас рхылаԥшра (Аԥсалом 126:1 [127:1, АдҾ]).

    •   Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирықәшәаз ацхыраара рыҭара (Аусқәа 11:27—30).

  12.   Ҳара ҳорганизациа. Ҳара аизара аиҳабацәа рхеилак хылаԥшра зырҭо аизарақәа рыла ҳаиҿкаауп. Аха аизара аиҳабацәа иалкаау адиннапхгаратә гәыԥ шьақәдыргылаӡом, насгьы рмаҵзуразы аԥара роуӡом (Матфеи 10:8; 23:8). Ҳара иарбанзаалак алагалақәа ҳшәаӡом, насгьы ҳаизарақәа рҿы аԥара еизаҳгаӡом (2 Коринфаа рахь 9:7). Ҳара ҳмаҵзура наҳагӡоит иӡырымгакәа хатәгәаԥхарала иалаҵоу аԥара абзоурала.

     Адунеи зегь аҿы Иегова ишаҳаҭцәа рмаҵзура напхгара азнауеит Анапхгаратә хеилак, адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭаҿы амаҵ зуа, зхыԥхьаӡара рацәам доуҳала ишәу ақьырсианцәа ргәыԥ (Матфеи 24:45).

  13.   Ҳара ҳакзаара. Адунеи зегь аҿы Иегова ишаҳаҭцәа рҵарақәа еиԥшуп (1 Коринфаа рахь 1:10). Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳабжьара асоциалтә, амилаҭтә, арасатә, акласстә гәыԥқәа рыла аиҩшара ыҟамзарц азы (Аусқәа 10:34, 35; Иаков 2:4). Аха иҳамоу акзаара иаанагаӡом хаҭала иӡбатәу азҵаарақәа рҿы зегьы еиԥшны ҳхы мҩаԥаҳгалароуп ҳәа. Дасу Абиблиа ала иааӡо иламыс инақәыршәаны аӡбарақәа идикылоит (Римаа рахь 14:1—4; Ауриацәа рахь 5:14).

  14.   Ҳхымҩаԥгашьа. Ҳара еснагь гәык-ԥсык ала абзиабара аарԥшра ҳҽазаҳшәоит (Иоанн 13:34, 35). Ҳара Анцәа игәамԥхо аусқәа ҳҽырцәаҳахьчоит, ашьа алаҵарагьы уахь иналаҵаны (Аусқәа 15:28, 29; Галаҭаа рахь 5:19—21). Ҳара аҭынчра ахьчара ҳҽазаҳшәоит, насгьы аибашьрақәа ҳаҽрылаҳархәӡом (Матфеи 5:9; Исаиа [Исаия] 2:4). Ҳахьынхо атәылаҿы аиҳабыра ҳаҭырқәҵарала ҳазыҟоуп, насгьы уи азакәанқәа зегьы наҳагӡоит, урҭ Анцәа изакәан иаҿамгылозар (Матфеи 22:21; Аусқәа 5:29).

  15.   Егьырҭ ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа. Иисус адҵа ҟаиҵеит: «Бзиа дба иузааигәоу, ухы еиԥш». Уи адагьы, иара иҳәеит ақьырсианцәа ари адунеи иатәым ҳәа (Матфеи 22:39; Иоанн 17:16). Убри аҟынтә ҳара «зегьы абзиара» рзыҟаҵара ҳҽазаҳшәоит, аха аполитика ҳҽалаҳархәӡом, насгьы егьырҭ адинхаҵарақәеи ҳареи иаҳзеило ҳәа акгьы ҳамам (Галаҭаа рахь 6:10; 2 Коринфаа рахь 6:14). Аха убри аамҭазгьы, арҭ азҵаарақәа рҿы ауаа ирыдыркыло аӡбарақәа пату рықәаҳҵоит (Римаа рахь 14:12).

 Иегова ишаҳаҭцәа рҵарақәа ирызкны азҵаарақәа шәзынхазар, еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ҳсаит аҿы, ҳфилиалқәа руак аҿы, шәааигәара иҟоу Аҳратә Зал аҿы, мамзаргьы шәара шәҭыԥ аҿы инхо Иегова ишаҳаҭцәа руаӡәк шәиацәажәар шәылшоит.

a Шәахәаԥш ашәҟәы «Истина в переводе», адаҟьа 165 (Truth in Translation).

b Ицәгьоу амаалықьцәа ажәҩан аҟынтә илбаашьҭын, аха дара адоуҳатә сфераҿы иҟоуп (Аатра 12:7—9).