Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 14:1—31

  • Аб иахь узланеиуа Иисус ила заҵәык ауп (1—14)

    • «Сара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп» (6)

  • Иисус иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа иақәиргәыӷуеит (15—31)

    • «Саб сара саасҭа деиҳауп» (28)

14  «Шәгәы ҭынчыз. Анцәа дхашәҵала, саргьы схашәҵала.  Саб иҩнаҿы анхарҭа ҭыԥқәа рацәоуп, ус иҟамызҭгьы ишәасҳәон. Сара уахь сцоит, шәахьынхалаша аҭыԥ сырмазеирц азы.  Сцаны шәҭыԥ ансырмазеилак ашьҭахь, шәызгарц азы схынҳәны саауеит, сара сахьыҟоу шәаргьы шәҟаларц азы.  Шәара сахьцо амҩа жәдыруеит».  Фома Иисус ус диазҵааит: «Иҳақәиҭу, ҳара уахьцо ҳаздырӡом. Уахь амҩа злаҳдыруеи?»  Иисус иҳәеит: «Сара сымҩоуп, сҵабыргуп, сыԥсҭазаароуп. Саб иахь сара сыла заҵәык ауп узланеиуа.  Сара сыжәдыруазар, Сабгьы дыжәдыруеит. Уажәшьҭа шәара уи дыжәдыруеит, дагьыжәбеит».  Филипп иҳәеит: «Иҳақәиҭу, Уаб дҳарба, ҳара убри ҳазхоит».  Иисус ус иеиҳәеит: «Сара абриаҟара аамҭа сшәыцуп, Филипп, абыржәыгь сузымдырӡои? Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит, „Уаб дҳарба“ ҳәа узсыҳәои? 10  Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу агәра умгаӡои? Сара ишәасҳәо схатә ажәақәа ракәӡам, Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп, иара сара сыла иусқәа наигӡоит. 11  Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп ҳәа анысҳәо, сыгәра жәга. Сара сыгәра шәымгозар, иара ииҭаху инақәыршәаны иҟасҵо аусқәа рыгәра жәга. 12  Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сара схазҵо сара иҟасҵо аусқәа рҩызцәа ҟарҵалоит. Дара еиҳау аусқәагьы ҟарҵалоит, избанзар сара Саб иахь сцоит. 13  Сыхьӡала шәзыҳәозаалакгьы, сара иҟасҵоит, Аԥа ила Аб хьӡи-ԥшеи иоурц азы. 14  Сыхьӡала акы шәаҳәар, сара уи ҟасҵоит. 15  Бзиа сыжәбозар, сыԥҟарақәа нашәыгӡалоит. 16  Сара Саб сиҳәоит, иара наӡаӡа ишәыцзаауа даҽа цхырааҩык* дшәиҭоит, 17  аҵабырг аазыртуа иԥшьоу адоуҳа. Адунеи уи аиура алшаӡом, избанзар иабаӡом, иаздырӡом. Шәара ижәдыруеит, избанзар уи шәыцуп, ишәылоуп. 18  Сара шәхала* шәынсыжьӡом, сара шәара шәахь саауеит. 19  Еиҭа маҷк ауп иаанхаз, нас адунеи уаҳа сабаӡом, аха шәара сыжәбоит, избанзар сара сыԥсы ҭоуп, шәаргьы шәыԥсы ҭазаауеит. 20  Убри аҽны шәара еилышәкаауеит Саби сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу, иара убас шәареи сареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу. 21  Сыԥҟарақәа здызкыло, иагьрықәныҟәо сара бзиа сибоит, сара бзиа сызбо Сабгьы уи бзиа дибалоит, саргьы бзиа дызбалоит, сыхгьы изаасыртуеит». 22  Усҟан Искарио́т иакәымкәа егьи Иуда ус иҳәеит: «Избан, Иҳақәиҭу? Избан адунеи акәымкәа, ҳара ухы ҳзаауртырц угәы изҭоу?» 23  Иисус иҳәеит: «Бзиа сызбо сажәагьы наигӡалоит, Сабгьы уи бзиа дибалоит. Саби сареи иара иахь ҳнеины ҳицынхалоит*. 24  Бзиа сзымбо сажәагьы наигӡаӡом. Ишәаҳауа ажәақәа сара истәӡам, саазышьҭыз Саб итәоуп. 25  Абри зегьы сҳәоит шәара шәҿы сыҟанаҵы. 26  Сыхьӡала Саб иааишьҭуа ацхырааҩ, иԥшьоу адоуҳа, зегь шәнарҵоит, ишәасҳәоз зегь шәгәаланаршәоит. 27  Сара аҭынчра шәзынсыжьуеит, сара сҭынчра. Аҭынчра шәысҭоит, аха уи ауаа иурҭо аҭынчра акәӡам. Шәгәы ҭынчыз, шәымшәан, шәгәы ӷәӷәаз. 28  Шәара ишәаҳаит ишшәасҳәаз: „Сара сцоит, аха схынҳәны сышәзаауеит“. Бзиа сыжәбозар, Саб иахь сахьцо шәеигәырӷьозароуп, избанзар Саб сара саасҭа деиҳауп. 29  Сара уи заа ишәасҳәеит, ианынаӡалак, исҳәаз агәра жәгарц азы. 30  Еиҭа маҷк ауп сахьшәацәажәало, избанзар ари адунеи анапхгаҩы даауеит. Иара сҿаԥхьа амчра имаӡам. 31  Адунеи Саб бзиа дшызбо адырыр ауп, убри азоуп Саб исыдиҵаз зынасыгӡо. Шәгыл, ҳцап арантәи.

Албаагақәа

Ма «гәырҭынчҩык». Иисус ахаҿы змам амч (бырзен бызшәала амаҭәар акласс), иԥшьоу адоуҳа, «ацхырааҩ» (бырзен бызшәала ахацәа рыкласс) ҳәа азҳәаны, аԥсы ҭоушәа иааирԥшуеит.
Ма «шәиаҭымны».
Ма «иара иҿы анхарҭаҭыԥ ҟаҳҵоит».