Ауриацәа рахь 5:1—14

  • Иисус аԥшьаҩ хадацәа зегь раасҭа деиҳауп (1—10)

    • Мелхиседек диеиԥшуп (6, 10)

    • «Ихигаз агәаҟрақәа аҳәатәхаҵара аарԥшышьа идырҵеит» (8)

    • Иара ила наӡаӡатәи аиқәхара уоур улшоит (9)

  • Доуҳала ишәым рзы агәҽанҵарақәа (11—14)

5  Ԥшьаҩ хадас иалху ауаҩы ауаа рзы Анцәа иҿаԥхьа амаҵ иуеит, рыгәнаҳақәа рзы аҳамҭақәеи акәырбанқәеи неигаларц азы.  Иара илшоит иззымдырӡакәа агәнаҳа ҟазҵо* рыцҳаишьар, избанзар еиликаауеит иаргьы дшыԥсыҽу.  Убри аҟынтә иара ауаа рыгәнаҳақәа рзы мацара акәымкәа, иара игәнаҳақәа рзгьы акәырбанқәа неигалароуп.  Ауаҩы иҭаххеит ҳәа ԥшьаҩ хаданы дзыҟалаӡом, уи Анцәа далихроуп, Ааро́н дшалихыз еиԥш.  Христосгьы ԥшьаҩ хаданы ихала иҽалимхӡеит, ахьӡ-аԥша ихы иеимҭаӡеит. Ахьӡ-аԥша изҭаз абарҭ ажәақәа иазҳәаз иоуп: «Уара сԥа уоуп. Иахьа сара абыс сузыҟалеит».  Иара убас иара иҳәеит: «Уара наӡаӡа уԥшьаҩуп, Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩуп».  Христос адгьыл аҿы даныҟаз, дӷьаҵәыӷьаҵәуа, игәы ҭыӷьӷьаа аԥсра дацәызыхьчар зылшоз диҳәон, ибжьы ҭыганы дҵәыуо, длаӷырӡышо диҳәон. Анцәа уи ибжьы иаҳаит, избанзар иара Анцәа дицәшәон*.  Иара Анцәа иԥа шиакәызгьы, ихигаз агәаҟрақәа аҳәатәхаҵара аарԥшышьа идырҵеит.  Днаӡаны даныҟала, изыӡырҩуа зегьы наӡаӡатәи аиқәхара зыла ироур рылшо иакәны дҟалеит, 10  избанзар Анцәа уи Мелхиседе́к иеиԥшу ԥшьаҩ хаданы дҟаиҵеит. 11  Уи изкны иаҳҳәаша рацәоуп, аха уи шәеилыркаара ус имариам, избанзар ишәаҳауа аилкаара шәашьҭаӡам. 12  Уажәшьҭа шәара шәырҵаҩцәазар акәын, аха ҿыц иԥшьоу Анцәа иажәа аҟынтә имариоу аҵабыргқәа шәырҵалатәуп. Макьана хшыла иааӡатәқәоу шәоуп, икьакьоу афатә афара шәцәыуадаҩуп. 13  Уажәыгьы ахш зфо ауаҩы аиашара закәу ҳзырҵо ажәа издырӡом, избанзар макьана дсабиуп. 14  Икьакьоу афатә афара зылшо доуҳала ишәхьоу роуп. Дара ацәгьеи абзиеи реиҩдыраашьа рҵарц азы есыҽны рыхшыҩ азыҟарҵон.

Албаагақәа

Ма «амҩа иацәыхҟьо».
Ма «ҳаҭыр ду иқәиҵон». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».